Аԥсны аҭоурых азы аҵыхәтәантәи аԥышәара рҭиит Гагратәи аушьҭымҭацәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны аҭоурых азы аҵыхәтәантәи аԥышәара рҭиит Гагратәи аушьҭымҭацәа
Аԥсны аҭоурых азы аҵыхәтәантәи аԥышәара рҭиит Гагратәи аушьҭымҭацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурых азы аҵыхәтәантәи аԥышәара рҭиит Гагра араион аушьҭымҭацәа зегьы.

АҞӘА, рашәарамза 23 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аҵыхәтәантәи Аԥсны аҭоурых азы, аҳәынҭқарратә аттестациатә ԥышәара рҭиит Гагра араион аушьҭымҭацәа зегьы.

Иахьа, рашәарамза 23 рзы, рыԥсадгьыл аҭоурых ахьынӡардыруа аадырԥшит, Асовет еидгыла ҩантәны и-Афырхаҵоу Витали Попков ихьӡ зху, Гагратәи абжьаратә школ №2 аушьҭымҭацәа.

Аԥышәаратә билеҭқәа шьақәгылан Аԥсны ажәытәтәи аамҭеи, абжьаратә шәышықәсқәеи, Асовет аамҭеи, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьреи ирыдҳәалаз азҵаарақәа рыла.

Иазгәаҭатәуп, сынтәа арҭ азҵарақәа иҿыцны ишышьақәдыргылаз аҵареи анаукеи рминистрраҟны. Гагратәи абжьаратә школ №2, аушьҭымҭацәа, аԥышәараҿы иаадырԥшыз адыррақәа ахәшьара ҳаракы рыҭан.

"Сынтәа ҳара ҳашкол иоунажьит 44 аушьҭымҭацәа, урҭ рахьтә 4 ҩык Гаиане Сидеропулеи Зарифа Бабаевеи Сабина Барцыци Анна Қапбеи ахьтәы медалла иалгеит. Дара аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа зегьы қәҿиарала ирҭиит. Егьырҭ ахәыҷқәа ракәзаргьы, узықәгәыӷша, Аԥсны ԥхьаҟа изгаша ҵеицәаны иазгылеит. Иахьа, аԥсҭазаара амҩа ду ианылаз аҿар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, ԥынгылада ргәы иааҭарко иахьӡааит", — лҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №2 адиректор Изабелла Ажьиба.

Аушьҭымҭацәа ракәзар, аԥышәарақәа қәҿиарала иахьырҭииз еигәырӷьоит, аха уеизгьы, рырҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәара рцәыуадаҩхеит.

"Иахьа наунагӡа ҳашколтә ԥсҭазаара нҳажьуеит. Ҳҩызцәеи ҳареи ҳарҵаҩцәеи ҳахьеиԥырҵуа хьааҳгоит. Доусы ҳамҩақәа хаз-хазуп, аха агәра ҳгоит, иаҳзеиԥшу мҩаны ишаанхо ҳашкол ахь инеиуа амҩа", — еицҿакны иазгәарҭеит аиԥырҵра зцәыуадаҩыз аушьҭымҭацәа.

Сынтәа Гара араион ашколқәа ирылгеит 237-ҩык аҵаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0