АҞӘА, рашәарамза 23 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Арратә прокуратура иаднакылеит аӡбра, Рашид Канджи-оӷлы аҩнтәи аанкылара иқәҵазарц. Абри атәы иҳәеит арратә прокурор Адгәыр Агрба.
Адгәыр Агрба иажәақәа рыла Арратә прокуратура азыҳәа ҟанаҵеит Рашид Канджи-оӷлы иаанкыларазы, избанзар иара иганахьала ус хыртымызт. Аӡбара уи азыҳәа мап ацәкны ахара зду аҩнтәи аанкылара иднаҵеит.
Лаҵарамза 19 2016 шықәса рзы ахылаԥшра-аушьҭратә пункт "Набакиа" иахьаҵанакуа (ақ.Батаигуара) Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзуҩы Рашид Канджи-оӷлы Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Отхозориеи рыбжьара аимак ҟалеит. Қырҭтәыла атәылауаҩ Аԥсны алалара азин иҭамызт уи азы иахәҭаз ашәҟәқәа ахьимамыз азы. Аимак иахҟьаны Гигла Отхозориа дыршьит. Абри аус инамаданы Аԥсны Арратә прокуратура ашьаус хацнаркит, "гәҭакрыла ашьра" ахәҭаҷ ала.