Сасрыҟәа Ақаҩба: сазхьаауеит арҿиара санаҟәыгоу, аамҭа ансымам

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАпоет қәыԥш Сасрыҟәа Ақаҩба
Апоет қәыԥш Сасрыҟәа Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дшыхәыҷыз инаркны ажәеинраалақәа зыҩуа, ашәаҳәареи акәашареи аҭаацәараҿ пату ззақәу, 80 инареиҳаны зхатәы жәеинраалақәа аԥызҵахьоу, апоет қәыԥш Сасрыҟәа Ақаҩба дахьыҟазаалак арҿиара инапы алакуп.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Абду иажәа анымҩақәҵагоу

Еицырдыруа ашәаҳәаратә етнографиатә ансамбль "Нарҭаа" алахәыла Акаки Ақаҩба игәараҭаҟны ииз имоҭа заҵәы Сасрыҟәа Ақаҩба, дхәыҷаахыс арҿиара пату ахьақәыз аҭаацәараҟны изҳауан. Сасрыҟәа Ақаҩба х-ҩык аеиҳәшьцәа дреиҳабуп уи аҟнытә иабду игәыӷрақәеи, аҭакԥхықәра дуи идиҵон, иаргьы уи еилкааны еснагь абзиарақәа ихы рыдикылон.

Сасрыҟәа Ақаҩба раԥхьатәи иажәеинраала иҩит ажәбатәи акласс аҟны дантәаз, дыззаԥхьазгьы иабду иоуп.

Апоет қәыԥш Инал Гыцба Сгәеисра-саамҭа захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит - Sputnik Аҧсны
Апоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит

"Сара раԥхьатәи сажәеинраалақәа акыр аамҭа иҵәахны исыман. Изҩыз жәбо ҳәа сыҽхәоушәа ҟазшьас исымаӡам, ус ахымҩаԥгара сҭахӡамызт аҟнытә аӡәгьы иасҳәомызт. Сара иахьагьы ус сыҟоуп. Аамҭа ԥыҭк аныбжьыс сажәеинраалақәа еиҳарак сыззаԥхьоз сабду иакәын, иара акгьы ицәызӡаӡомызт. Изызкызаалакгьы изҩыз ажәеинраала сабду сыизаԥхьон, иара иакәын сымҩақәызҵоз. Сабду, аиашазы иҟазара ҳаракын, рҵаҩык иаҳасабала дсыцхраауан", — ҳәа урҭ аамҭақәа игәаларшәо иҳәоит Сасрыҟәа Ақаҩба.

Иара иажәақәа рыла иабду иааӡара иабжьагажәақәа иахьанӡа ицуп, ицхраауеит.

"Ажәбатәи акласс аҟны сыштәаз ажәеинраала сҩыртә еиԥш сызҳаит. Раԥхьатәи сажәеинраала иахьӡын "Сышбыхәаԥшуа сҭахаргьы". Иара раԥхьатәи сыбзиабара иазкын. Бзиа дызбеит урыс ҭыԥҳак убри лоуп сҟазара аазартыз. Лара сылзаԥхьеит усҟан, ибзианы илыдылкылеит, патугьы ақәылҵеит", — иҳәеит дԥышәырччо иара.

Акьыԥхь ахь ацәырҵра

Сасрыҟәа Ақаҩба абжьаратә школ даналга иабду ашәаҳәарахь ихы ирхар шиҭахызгьы, иара уи мап ацәкны дҭалоит Аҟәатәи иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭа. Араҟа аҵара шиҵоз ауп акьыԥхь ашҟагьы дышцәырҵаз.

Аҿар ражәеинраалақәа знылаз ашәҟәы "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара мҩаԥысит

"Раԥхьа акьыԥхь ахь сцәырҵит арра маҵура санахысуаз. Еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа  рыҟны сажәеинраалақәа срыԥхьон, ус ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәыблиа иҟынӡа инаӡеит абас дыҟоуп апоет қәыԥшк ҳәа, анаҩс ауниверситет ахь дсыԥхьеит. Саргьы исабжьеигаз зегьы алкаа рзызуит, уи ашьҭахь ажурнал "Алашара", ауниверситеттә газеҭ рдаҟьақәа рыҟны икьыԥхьын сажәеинраалақәа, уи 2006 шықәсазы ауп. Ашьҭахь Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекаҟны имҩаԥысуан ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә хәылԥазы, уаҟа саргьы салахәын, акык-ҩбак сажәеинраалақәа срыԥхьеит, иагыз иабзаз сарҳәеит, уи нахыс сырҿиаратә мҩа еиҳа иҭбаахеит", — ҳәа иҳәоит дахгәырӷьааны апоет қәыԥш.

Сасрыҟәа Ақаҩба иажәақәа рыла, иабду илихыз амҩа дшазыразымзгьы еихьӡарақәа дреигәырӷьон.

Амилициеи арҿиареи

Арратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь Сасрыҟәа Ақаҩба атанк хәҭаҿы аус иуит, нас диасит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь. Гәдоуҭа араион иаҵанакуа ақыҭақәа рыҟны Абгархықә, Аҷандара, Ҟәланырхәа участковыс дыҟан, анаҩс Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аконвои деиҳабын, ашьҭахь автоинспекциахь диасуеит.

"Сара убас сыҟоуп ҭыԥк аҟны шықәсык ианызыныԥшуа сзаангылом, иахьынӡасылшо сыҩаӡара ҳараскуеит. Ана-ара аус аныууа иахьабалак иҭыуҵаауеит, иузааигәо убоит, удыррақәа еизурҳаоит. Амилициа аганахьала иахьабалак аус зуит. Сахьыҟазаалак арҿиара сыцуп, аусураҟны ажәеинраалақәа санрыԥхьозгьы ыҟан", — ҳәа иҳәоит иара.

Иара иазгәеиҭеит амилициаҟны аусуреи ажәеинраалақәа рыҩра иацымхраазар, џьаргьы иаԥырхагамызт.

Арҿиара гәыкала уазыҟазар ауп

Ажәеинраала ииртә еиԥш иара уазхәыцуазар ауп, иҳәоит апоет қәыԥш, арҿиара унагәыҵасуа уазыҟазар ҟалом.

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Дима Габелиа: аҭоурых агәалашәара ҳацзароуп

"Занааҭк еиԥш ажәеинраалақәа рыҩра сара сазыҟаӡам, сара уи сыҩнуҵҟа убысҟак исзааигәоуп, акы смыҩыр хьаас ишьҭысхоит. Ҽнак акы сҩыр иазхоит, аамҭак шсоуз еиԥш стәаны исыҩуа акәӡам, ҟәрышьк аласарҳап ҳәа сазыҟаӡам арҿиара", — иҳәоит Ақаҩба.

Арҿиаҩы қәыԥш бзиа ибоит ашьыжь даныҩагылалак, амра гылаанӡа арҿиара инапы аналикуа, усҟан иара  еиҳа ицааиуашәа ибоит.

"Мышкы баша исыцәцар ҳәа сшәоит, еснагь сдыррақәа аизырҳара сашьҭоуп. Сазхьаауеит арҿиара санаҟәыгоу, аамҭа ансымам. Иҟалалоит ус аамҭак, аҵх агәахьы ианнеилак, санызмыцәо, цәаҳәақәак анысзаилак ианысҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ансымам сзыршаӡом", — ҳәа иҳәоит Сасрыҟәа.

Сасрыҟәа Ақаҩба иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә унивеситет афилологиатә факультет "аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рыҟны" азанааҭ ала ахԥатәи акурс аҟны аҵара иҵоит. Хҩык ахшаара драбуп, ҩыџьа- иԥацәа, иԥҳа. Здырра аизырҳара еснагь иашьҭоу, арҿиара иҭҟәаны иамоу  Сасрыҟәа игәы азыҳәоит ихатәы жәеинраалақәа реизга аҭыжьра. Иажәеинраалақәа еиҳа ирызкуп аԥсадгьыл, ахатәы бызшәа, аибашьра афырхацәа, абзиабара.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0