АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иазыԥхьагәанаҭоит Никарагуа адипломатиатә миссиа аартра, иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз Урыстәыла иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ Ернесто Васкес Араиа иԥылараан аминистр Виачеслав Чрыгба.
"Ҳара агәырӷьара ҳнаҭоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны шәааира. Агәахәара ҳнаҭоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызареи аилибакаареи рҭагылазаашьа", — иҳәеит Чрыгба.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит Никарагуа Аԥсны аганахьала имҩаԥнаго адгылара ахә ҳаракны ишишьо.
"Иара убасгьы ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара имҩаԥысуеит аиқәшаҳаҭра-зинтә база арӷәӷәара. Аԥсни Никарагуеи рнапхгарақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоуп аимабзиара шьахә", — иҳәеит аминистр.
Виачеслав Чрыгба Никарагуатәи Ацҳаражәҳәаҩ иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы имҩаԥиго иусуразы.
"Никарагуа анапхгара рыхьӡала исҳәарц сҭахуп ҳажәлар еснагь шәыдгылареи шәыцхраареи ишазыхиоу. Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара анапы рыҵаҩуп жәаба инареиҳаны еиқәшаҳаҭра", — иҳәеит Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ Ернесто Васкес Араиа.
Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит наҟ-ааҟгьы атуризми, ақыҭанхамҩеи, егьырҭ аусхкқәеи рҟны русеицура арҿиара аҭахны ишыҟоу.
Аиԥылараан Ернесто Васкес Араиа аминистр Виачеслав Чрыгба ииҭеит агәраргагатә шәҟәы ахкьыԥхьаа. Аминистр иакәзар асас ианеишьеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа.