Леон Ҵәыџьба: аринг азакәанқәа аԥсҭазаараҿи ақәԥараҿи

© Sputnik / Илона ХварцкияКарате азы аспорт азҟаза Леон Ҵәыџьба
Карате азы аспорт азҟаза Леон Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Карате азы аспорт азҟаза Леон Ҵәыџьба абар уажәшьҭа жәашықәса ирықәуп Аԥсни Нхыҵ Кавкази рҟны аиндаҭларақәа дрылахәуижьҭеи. Аԥсны бжьынтә дачемпионхахьеит, Чечентәыла дачемпионуп.

Аспортсмен қәыԥш ҳкорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа илзеиҭеиҳәеит испорттә кариера шхациркыз, иахьазы Аԥсни Урыстәылеи рҟны аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ шимоу, паратеквандо азы Урыстәыла ачемпионат аҟны араӡны медал шианашьахаз, Европа ачемпионат дшалахәыз, иԥсҭазаараҟны иԥыло ауадаҩрақәеи иаԥхьаҟатәи ипланқәеи ртәы.

- Леон, аспорт ахь раԥхьатәи ушьаҿақәа уҳазрылацәажә.

— Саб идгаларала схәыҷаахыс аспорт бзиа избон. Быжьшықәса анысхыҵуаз карате асекциахь сҽанысҵеит. Раԥхьатәи сазыҟаҵаҩ Витали Ҷыҭанаа иоуп. Сара акраамҭа иара инапхгарала сҽазыҟасҵон. Маҷ-маҷ иарбанызаалак аспорт сгәаҳәо сҟалеит.

- Аԥснытәи уиааирақәа уҳазрылацәажә.

— 10 шықәса киокушинкаи астиль ала сҽазыҟасҵон, актәи адан сыман. Раԥхьатәи сықәгылара мҩаԥысит 2004 шықәса рзы. Сара усҟан аа-шықәса схыҵуан. Сгәалашәараҿы иаанхеит ацәаныррақәа – аиааира ануго, зегьы рнапы анузеинырҟьо. Жәашықәса рыҩныҵҟала сара Аԥсны бжьынтә ачемпионра сылшеит, иара убасгьы адунеи ачемпионра.

- Урыстәыла успорттә кариера шԥалагеи?

Аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп - Sputnik Аҧсны
Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала имҩаԥысуаз аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп

— Урыстәылаҟа снанагеит ашкол саналга ашьҭахь. 18 шықәса схыҵуан. Аԥсны аиуристтә факультет актәи акурс аҟны стәан. Урыстәылантәи арахь дааит таитәи абокс азы азыҟаҵаҩ Головихин Евгени. Иареи сареи таитәи абокс азы азыҟаҵаҩ Џьон Агәмаа ҳаибаирдырит. Иара иахь аныҟәара салагеит сҟазара еизсырҳарц азы. Иара исыдигалеит аспорт профессионалла сҽадызгаларц, Урыстәыла ахьӡалагьы сықәгылаларц. Саби сазыҟаҵаҩи санрыҿцәажәа ашьҭахь сақәшаҳаҭхеит. Нижневартовск сахьнеиз, акраамҭа ақалақь ҿыци ауаа ҿыцқәеи сызрышьцыломызт. Акыргьы исцәыуадаҩын астиль киокушинкаи тхэквандо астиль ала аԥсахра. Дара аиԥшымзаара маҷымкәа ирымоуп. Киокушинкаи — напышьашәала еиԥшны усуроуп, тхеквандо атехника аҽакуп.

Шықәсык цеит астиль ҿыц амаӡақәа аҵыздыраанӡа. Иуҳәар ауеит аспортзал сдәылҵӡомызт ҳәа. Атурнирқәа сыҽрыласырхәуан паратхеквандои тхекхвандои рыла. Актәи атурнир аҟны ахԥатәи аҭыԥ ааныскылеит. Сзақәԥоз сара саасҭа акыр аԥышәа иман, Урыстәыла еизгоу акоманда далахәылан. Аха атурнир апрактика бзиа снаҭеит. Уи нас акыр исзыхәарҭахеит.

- Уиааирақәа уҳазрылацәажәар?

— Урыстәыла аразынтә призер ҳәа ахьӡ ансыхаҵаха синтерес зкыз рацәаҩхеит. Аинтерес аҵан Европа ачемпионразы сықәгылара. Сара дсықәшәеит Урыстәылатәи ҳкоманда иалахәыз аспортсмен Ислам. Техникала иара дсеиӷьын, аха сара мчыла ииааира сҽазысшәон. Аҵыхәтәан исылшеит ииааира. Иареи сареи ҳаибадыруеижьҭеи акырҵуеит, ҳҩыџьагь ҳгәыӷуеит 2020 шықәсатәи Аолимпиада ҳалахәхап ҳәа.

- Иахьынӡаздыруала уара аиуристтә факультет аҿы аҵара уҵоит. Аспорти аҵареи шԥеилоугӡо?

Лиудмила Фокина. - Sputnik Аҧсны
СССР аспорт азҟаза Лиудмила Николаи-иԥҳа Фокина 70 шықәса лхыҵит

— Уи ауаҩы иҭахрақәа роуп изыдҳәало. Ауаҩы еснагь дыҿиалароуп. Идыррақәа ҭбаазароуп. Егьырҭ атәылақәа рхаҭарнакцәеи уареи шәеиқәшәараангьы уинтерес ркыртә уҟазароуп. Сара азиндырра бзиа избоит. Саԥхьаҟа уи сазхьаԥшып ҳәоуп. Санкт-Петербург аҽазыҟаҵаразы саныҟаз арбитражтә ӡбарҭахьгьы сныҟәон. Сара сзы аинтерес аман адукатцәа дуқәа, аӡбаҩцәа дуқәа рбара. Саҳәшьа адукат ицхырааҩыс аус луеит, лара лыла урҭ рахь иаӡәымкәа срабадырит, срыҿцәажәеит.

Адунеизегьтәи алитература аԥхьара бзиа избоит. Сазыҟаҵарақәа рышьҭахь хымԥада џьара акы саԥхьароуп. Иахьазы аспорт снапы алакуп, аха мышкызны аспорти азиндырреи ак рылысхыр анакәхо, исзымариахоит. Ҳаԥсҭазаара кьаҿуп. Ак уҽадҳәалара аԥсам. Уи ауаҩы даркәадоит. Аспорт ҳәарада игәыгәҭасыжьшам. Схазы акәзаргьы. Избанзар аспорт философиоуп, наукоуп, еснагь ак аҵудыраалароуп.

- Аиааира ашьҭахь цәаныррақәаны иуоуазеи?

— Аиааира ашьҭахь сцәаныррақәа хыжжуеит. Сеигәырӷьоит сыхгьы исықәгәыӷуазгьы ахьеиҵасмырхаз. Раԥхьа иргыланы сара сыжәлари сҳәынҭқарреи сырхаҭарнакуп. Еснагь уи сазхәыцуеит.

- Уаԥхьаҟазы планқәаны иумоузеи?

— Уажәы Европа ачемпионат сҽазыҟасҵоит. Болгариа жьҭаарамзазы имҩаԥысраны иҟоуп. Аолимпиадахь иреиӷьқәоу роуп ирышьҭуа. Уахь ианалырхуа аиндаҭларақәеи ачемпионатқәеи абаллқәа урҭоит. Иахьазы абарҭ роуп хықәкны исымоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0