00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Виачеслав Арӡынба игәалаиршәоит атеатр ахь имҩахыҵра шыҟалаз

Анапаҵаҩра
Виачеслав Арӡынба актиортә ҟазараҿы иеихьӡарақәеи ирҿиаратә мҩеи дырзааҭгылоит.

Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан 1946 шықәсазы, нанҳәамза 19 аҽны Михаил Арӡынба иҭаацәараҿы диит аҵеи, заԥхьаҟа еицардырраны иҟаз Аԥсуа адраматә актиор Виачеслав Арӡынба. 

Виачеслав Арӡынба ихәыҷра ашықәсқәа инаркны игәы азыҳәон актиор изанааҭ, абжьаратә школ даналга дҭалоит актиортә институт.

"Ашкол санҭаз инаркны бзиа избон ақәгыларақәа, аха атеатр сацәыхароушәа збон. Абжьаратә школ саналга сазхәыцуан актиортә институт аҭалара, аха арра маҵура ахысраз ааԥхьара сырҭеит, ус арра сцеит, санааи ашьҭахь аиндустриалтә техникум сҭалеит. Аԥшьбатәи акурс аҟны сыштәаз аԥсуа театр алаҳәара ҟанаҵеит актиорцәа аҿарацәа шрыдыркылоз. Атеатр аҟны исарҳәеит шықәсык аҽазыҟаҵара аҭахуп аинститут аҭалараз ҳәа, уи сақәшаҳаҭхеит, мап скуазма алшара ансоу", — ҳәа игәалаиршәоит атеатр ахь имҩахыҵра шыҟалаз Арӡынба.

Виачеслав Арӡынба ирҿиаратә мҩа иазку аҭоурых шәаԥхьар шәылшоит абра

1971 шықәсазы Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи актиортә институт аԥышәарақәа зегьы ҭины иҭалаза астудентцәа рхыԥхьаӡараҿ дыҟан Виачеслав Арӡынбагьы. Аҵара ицызҵоз иреиоуп актиорцәа хатәрақәа: Роза Дбарԥҳа, Нури Кәарҷиа, Тома Гамгиаԥҳа, Тома Аҩӡԥҳа, Геннади Ҭарба уҳәа ирацәаны.

Аԥсуа театр асценаҿы Виачеслав Арӡынба иааирԥшхьеит ахаҿсахьа шьахәқәа апиесақәа рҿы. Баҭал ихаҿсахьа – "Ахәра ашәа "(Ал. Аргәын), Аҟьала — "Ихароу амра ашәахәақәа"(Е.Сымсым), Фортунато — "Кьиоџьиаа рҭыӡшәа"(Гальдиони), Лигарин — "Иули Цезарь" (Шекспир), Бухути — "Махаз " (Ф. Искандер) уҳәа ирацәаны. Иааидкыланы 40 шықәса ҵуеит дазааԥсоижьҭеи актиортә ҟазара.

Виачеслав Арӡынба актиортә ҟазараҿы аихьӡарақәа шааирԥшыз еиԥш, аҭаацәараҿгьы насыԥ змоу уаҩуп. Иԥшәма ԥҳәыс Шьаризан Ашәԥҳаи иареи ирааӡеит ҩыџьа ахшаара, амоҭацәа рыла дбеиоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0