Гәымба: амузыка аҩра бзиа избоит, уи азы акәхап зегьы сзахьӡо

© Sputnik / Томас ТхайцукАмузыкант, акомпозитор Анри Гәымба
Амузыкант, акомпозитор Анри Гәымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкант, акомпозитор Анри Гәымба Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит амузыка инапы шаликызи, апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахалархәра иинаҭо аԥышәеи ртәы.

- Хаиҿцәажәара хацҳаркып шәырҿиаратә мҩа шалагаз ала, сгәы иаанагоит аӡәырҩы аинтерес рымоуп ҳәа.

— Уи изныкымқәа исҳәахьеит, сыздыруа ирдыруеит саншьа ашәаҳәаҩ Омар Сангәлиа иҟынтә амузыка ахь сыбзиабара шалагаз. Избанзар схәыҷаахыс, амузыкантцәа рҽазыҟаҵарақәеи рконцертқәеи збон. Убри инаркны ашколи ауниверситети санҭаз амузыка сыцын. Нас, Москваҟа санца еиҳа амузыка сҽазыскит, еиуеиԥшым агәыԥқәа рыҟны сыхәмаруан. Ус хәыҷы-хәыҷла амузыка адунеи ахь снанагеит. Амузыка аҩра, апҵара салагеит, атехникагьы цәырҵуа иалагеит, ус иахьа сызҿу аус аҟны саанагеит. 

Александр Шьоууа - Sputnik Аҧсны
ConIFA-2016 агимн анагӡаҩ Александр Шьоууа аестрада аҿиара дазыԥшуп

- Шәыстудиа АМА-Рекордс аԥҵара шԥаҟалеи. Иахьынӡаздыруа аиԥш зеиԥшу астудиақәа Аԥсны имаҷуп. 

— Астудиа АМА-Рекордс еицаԥаҳҵеит сҩызцәа аешьцәа Алмасхани Алхаси Марколиааи сареи. Ҳара аҵара еицаҳҵон, амузыка бзиа иаҳбон 14-15 шықәса анаҳхыҵуаз инаркны агәыԥ аҟны ҳахәмаруан. Москва ҳаныҟаз сара еиҳарак амузыка саҿын, даргьы рнапы уи иалакын, ус Аԥсныҟа ҳаныханҳәы иаҳҭаххеит ҭыԥк алхны ҳахьеиқәшәо ҳамазарц. Насгьы сара еиҳа сзанааҭ амузыкант иаҳасабала ишьақәгыло иалагеит. Ус астудиа аиҿкаара ҳалагеит, раԥхьаӡа ихәыҷны иҟаҳҵарц ҳҭахын, аха ус ҳаӡбит иҟаҳҵозар еиҿкааны иҟаҳҵап, ҳҳәан еиҿаҳкааит. Еиуеиԥшым апроектқәа анагӡараз иҭышәантәалоу, еиҿкаау астудиа ҳҭахуп сҳәан иааҳартит. Ахьӡ  АМА-Рекордс ҳахьыӡқәа ирхылҿиааит.

- Иахьазы апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахԥатәи ахәҭа аҭыхрақәа шәрылахәуп, ишԥамҩаԥсуеи урҭ? 

— Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ианыҟаҳҵо есышықәса аамҭа маҷны иҳамоуп. Избанзар, Аиааира амш аҽны иӡыраҳгартә еиԥш, ааԥын аусура ҳалагоит, уи аамҭа зынӡа имаҷуп. Уажәы, ҳазҿу ахԥатәи адиск, афильм анҭҳажьлак анаҩс, уи апроект  шьҭа ихырқәшахоит, аиҿкааҩцәагьы ус рҳәоит. Ибзиаӡаны х-ҳәҭакны иҭҳажьыр еиҳа еиӷьуп, ахаҭабзиара лаҟәны ирацәаны иҟахҵар аасҭа. Афильм аҭыхрақәа анҵәамҭахь инеиуеит, ҳаргьы ашәақәа ҭаҳаҩҩхьеит, акы ауп инхаз. Сгәы иаанагоит, ирацәаҩны иҿыцу аинтерес зҵоу ашәақәа раҳап ҳәа. Шьоукы ҵаауеит ирацәоума иҵегь иҟоу ашәақәа ҳәа, ааи ирацәоуп, аха ҳара иалаҳҳуеит иреиӷьӡоу.

- Афильм азыҳәан ашәақәа шԥалшәыԥшаауеи? 

— Уи зегьы шыҟоу абас ауп, апроект авторцәа Емма Ҳоџьааԥҳаи Темыр Кәчбериеи архив ҳарҭоит, анаҩс ҳаидтәаланы архив аҟынтә ашәақәа, ҳгәаанагарала иреиӷьу ашәақәа алаҳхуеит. Аибашьра ашықәсқәа рзы ииз ашәақәа бзиа ибаны аӡәырҩы азыӡырҩоит, уи аҟынтә иалкааны, ҳазхәыцны аусура ҳнапы аҳаркуеит.

- Аибашьраан ииз ашәақәа раԥхьаӡа шәаназыӡырыҩ, аранжировка аныҟашәҵо цәаныррақәас ишәызцәырҵуеи?

Ачемпионат ConIFA 2016 аартреи аркреи ррежисиор Ҭемур Кәакәасқьыр. - Sputnik Аҧсны
Арежиссиор Кәакәасқьыри "Нарҭааи"

— Амузыкант аранжировка аныҟаиҵо раԥхьаӡатәи асааҭқәа рзы ашәа иаҳауеит раԥхьаӡа акәушәа, нас ҩымш- хымш анҵлак аус здууло материалхоит. Аха, убарҭ раԥхьатәи асааҭқәа рзы ҳгәы ҳыҭхыҭуеит, архив ҳанахәаԥшуа ҳаблаҿы иҟоуп иаҳхаагаз зегьы. Аранжировка аныҟаҳҵо архив ҳахьахәаԥшуа иҳацхраауеит, иахьатәи аамҭа иашьашәало ала аранжировка азаҳуеит, аха зынӡа ҳаланагалаӡом, избанзар ашәа аҵакы аадыруеит. 

- Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" аҳәаақәа ирҭагӡаны шаҟа ашәа шәнапы иҵышәххьеи?

— Ахԥатәи ахәҭа аҟынтә адиск ианылоит аа-шәак, аԥхьа иаҳҭахын 12 ашәа, аха ари арыцхә аҟны ҳаангылеит. 

- Аԥсны ақалақьқәа рыҟны имҩаԥыжәгон "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ҩ-хәҭак иргәылалаз ашәақәа рконцертқәа. Наҟ- наҟ шәгәы иҭоума аиԥш зеиԥшу аконцерткәа рымҩаԥгара.

— Хымԥада аконцертқәа амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп, ахԥатәи ахәҭа аӡыргара анаҩс, апрограмма маҷк иԥсахны, хәҭак рыла еиқәыршәаны ақалақьқәа рыҟны аконцертқәа реиҿкаара ҳҽазаҳшәоит, аха уи аныҟало макьаназ аҳәара уадаҩуп, иазхәыцтәуп. Ашәақәа афонограмма ҳамаӡам, зегьы бжьы цқьала ауп ишцо. Иалыскаарц сҭахуп, иара апроект аҟны ашәақәа назыгӡо ипрофессионалтәу шәаҳәаҩцәаӡам, аӡәы абанк аҟны асу иуеит, егьи дыстудентуп, убри аҟынтәи раԥхьа ирцәыцәгьан бжьы цқьала, аха уажәшьҭа ирзымариоуп, аҽазыҟаҵарақәагьы акыр имҩаԥаагахьеит. Ицәгьуп афонограмма змам аконцертқәа аҟаҵара. 

- Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" аҟны ишәоуа аԥышәа музыкантк, композиторк иаҳасабала ишәымоу аԥышәа аҩаӡара аҳаракыра ишԥашәыцхраауеи?

— Ҳәарада, ари апроект акырӡа иҳацхрааит, ас еиԥш иҟоу апроектқәа аус рыдулара мариаӡам, ишыуҭаху еиԥш аранжировка уазнеир ҟалаӡом, уазхәыцроуп ганрацәала. Уҩныҵҟатә дунеи иҭаҵәаху улшарақәа зегьы аауырԥшоит. Ари апроект ҳԥышәа еизнарҳаит сҩызцәеи сареи, насгьы афильм аҟны аҽҭыхра ҳара ҳзы раԥхьаӡатәиу ԥышәоуп. 

Ҟрым иҟоу жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр Артек. - Sputnik Аҧсны
Милена Барцыцԥҳа аконкурс "Детская Новая волна 2016" далахәхоит

- Арҿиараҿы шәнапы злаки ари апроект анаҩс, шәаԥхьаҟатәи шәыгәҭакқәа арбан?

— Арҿиараҿы ҳагәҭакқәа рацәоуп. Ҩышықәса хышықәса раԥхьаҟа иҟаҳҵаша апроектқәа хәа аусутә ҳамоуп. Аимадара Аҟәафони ҳареи ирацәаны апроектқәа ҳнапы ирылакуп, урҭ ируакуп Жәлар рашәақәа аранжировка ҿыцқәа рыҭаны аестрадеи иареи еилаҵаны уҳәозар, абас еиԥш иҟоу адиск аҭаҩҩразы ҳнапы алакуп. Апроект "Хара ҳаруаа реиҳабы" ҳшаалго еиԥш уи аусура иацаҳҵоит. Насгьы артистцәа аус рыдаауылоит, макьаназы исҳәарц сҭахым иӡыраагараны иҟоу апроектқәа рыӡбыхә.

- Шәнапы злаку апроектқәеи, аусхққәеи рацәоуп ишԥашәылшо зегьы аилагӡара, аамҭа абашәыԥшаауеит? 

— Уи аамҭа атәы саргьы еснагь сазхәыцуеит. Сус бзиа избоит зегь раԥхьаӡа иргыланы, уи азы акәхап зегьы сзахьӡо. Сыԥсы анысшьогьы, схаҟны аус зуеит, амала имаҷны сыцәоит. Аамҭа зегьы сусура иақәсырӡоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0