Џьыкырԥҳа: Аԥсны инхо ҳџьынџьуаа рызҵаабӷьыцтә дыррақәа реизгара ҳалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ Гугуца Џьыкырԥҳа л
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ Гугуца Џьыкырԥҳа л - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәраз аилак ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥнагахьоу аусқәа рацәоуп, арепатриацаҟны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәеи, рнапы злаку апроектқәеи ртәы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа еилылкаауан Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ Гугуца Џьыкырԥҳа лыҿцәараан.

 — Гугуца Шаликәа-иԥҳа, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәраз иахьа иарбан усқәоу имҩаԥысуа арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аҿы?

— 2017 шықәсазы Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы иахыҵуеит ҩажәи хәба шықәса, уи инамаданы аилак аиҳабы Вадим Ҳаразиа иқәҵарала иазыԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, апроектқәа. Уа ихадараны иқәгылоу азҵаарақәа ируакуп, ҳџьынџьуаа инарҭбааны инарҵауланы аԥсуа бызшәа адырҵара.

Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
Ҳаири Қәҭарба: сыԥхыӡ лабҿабахеит, сыԥсадгьыл Аԥсны сынхоит

Иаҳгәиҭоуп ашкол ашьҭахьтәи аамҭа ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа аҵара иақәдырӡырц. Ари аус аҟны ацхыраара ҳалҭеит аԥсуа бызшәа апроблемақәа рызҵараақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ Ҭали Џьапуаԥҳа. Иара убас, есышықәса аиааира амш аҽны аныҳәа азгәаҭаразы ҳџьынџьуаа аӡәырҩы Аԥсныҟа иаауеит.

Сынтәа раԥхьаӡа акәны аиааира амш рхы аладырхәоит Иорданиантәи ҳџьынџьуаа. Дара аауеит арахь рхатәы акәашаратә ансамбль рыманы, иалахәхоит араҟа имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатә уснагӡатәқәа. Аԥсныҟа иаауа ҳџьынџьуаа атәылауаҩра ашәҟәы арыҭаразы ес-ҽны арепатриациа аус мҩаԥнагоит.  

Уи инаваргыланы, сынтәа инаркны Асовет аамҭа инадыркны иахьанӡа зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа сиала рышьақәыргылара, ашәҟәы рҭагалара, дара занааҭс иарымоу, рыхшаара, иахьынтәааз, уҳәа анкета ҳасабала аҭҵаарақәа мҩаԥаагоит. 40 зҵаара инареиҳаны аҭак ҟарҵоит аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны.

Ихымԥадатәихоит, Аԥсныҟа ианыхынҳә аҳәынҭқарра ирнаҭаз, авагылара шроуыз. Адаптациа ирласны ироуырц иҟаҵатәу, ирҭаху ҳәа азҵаара ыҟоуп. Исҳәарц сҭахуп, арепатриациазы аилак аусуҩцәа зегьы аџьабаа ду шырбо, ес–ҽны ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц, ара иҟоу рҭагылазаашьа арҽеиаразы аусура дуӡӡа ҟарҵоит дара зегьы. 

- Асиақәа рышьақәыргылара анкета ҳасабала иалажәгалома? Насгьы араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны ацхыраара шәҭаххома, дара ари аус ишԥадшәаԥхьало?

— Ари аус ҳара арепатриациа аусуҩцәа ҳамацара имҩаԥаагоит. Аԥсны ахы аҵыхәа зегьы ҳџьынџьуаа ахьынхо ҳара ҳарҭаауеит. Анкетақәа заа иҿаҳҵоит, азҵаарақәа еиқәыршәоуп. Иазгәаҭатәуп аԥсышәала ауп ишаԥаҳҵо иара азҵаабӷьыцтә дыррақәа.

- Рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз  ҳџьынџьуаа абызшәа рҵаразы, арепатриациа шԥарыцхраауа?  

Наунагӡа нхара ҳәа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳалдун Леиба. - Sputnik Аҧсны
Ҳалдун Леиба: сыхшаара рыԥсадгьылаҿ инхоит, рхатәы бызшәа рҳәоит

— Аӡәырҩы еиқәырханы иааргеит рхатәы бызшәа, уи ала ицәажәоит, ихәыцоит. Аха ҳара ҳаҟны ишыҟоу еиԥш ахатәы бызшәа апроблема уахь абас иҟоуп. Ҭырқәтәыла аҿар рыбжьара иуадаҩуп аҭагылазаашьа. Ара адаптациа азы, еснагь еиҿкаан аԥсуа бызшәа иазкны акурсқәа. Аха рыцҳарас иҟалаз уи ауп, абызшәа еиҳа ахархәара змаз ахь иисауа иалагеит. Аурыс бызшәа рыхәоит, даҽаџьарагьы иагоит ҳәа аԥсуаа ишырыԥхьаӡо еиԥш, даргьы ус азхәыцра иалагеит. Лагала ҳасабала иҟаҵазар, атәылауаҩра заҳҭо хџьынџьуаҩ зқьы — жәа идыруа иҟаҵазар, ари апроблема акырӡа иацхраауан ҳәа исыԥхьаӡоит. 

- Иҟоума ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа иааны ԥыҭрак ашьҭахь игьежьны ицаз? Иҟалахьоума абас еиԥш афактқәа?

— Ирацәаӡоуп ус иҟоу афактқәа. Дара еиуеиԥшым апроблемақәа ирыхҟьаны игьежьны ицоит. Аибашьра алагаанӡа иааз раԥхьатәи агәыԥ аҟынтәи ихынҳәны ицаз рацәаҩуп. Ҳџьынџьуаа абра ихынҳәны Аԥсны дмырҭәыкәа, ҳмоҭацәа аибашьра рықәшәоит. Ҳара шаҟа ҳрацәахо ааҟара, ҳбызшәа ӷәӷәахоит, ҳҳәынҭқаррагьы ӷәӷәахоит. Убри аҟынтәи ихымԥадатәизар ауп аҳәынҭқарраҿы ҳџьынџьуаа рырхынҳәра.

- Шәара изныкымкәа шәцахьеит Ҭырқәтәыла, ишԥаҟоу уа инхо аԥсуаа  рыԥсҭазаашьа?

— Сара иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Хьрыԥс Џьопуа алшара ахьсиҭаз Ҭырқәтәыла ицоз аделегациа сахахьиԥхьаӡалаз, Ҭырқәтәыла аԥсуаа иазгәарҭон аиааира амш. Аԥсуаа ара ҳшыҟоу еиԥш уаҟа иҩшаны иҟоуп. Аиҳабацәа пату рықәырҵоит, ражәа иазыӡырҩоит. Еизарак ыҟоума, мамзаргьы еилацәажәарак аиҵбацәеи аиҳабацәеи рхымҩаԥгашь акала иҟоуп, ара еиԥш акәымкәа. Аԥсраҿы аҳәса рхымҩаԥгашьа, рҽеилаҳәашьа анкьа Аԥсны ишыҟаз еиԥш иҟоуп. Ажәакала, аԥсуара еиқәырханы ирымоуп.

- Иҟоума аԥсуаа Аԥсны ииз-иааӡаз арепатриацаҟны ишәызнеиуа ҳџьынџьуаа рыцхырааразы ишәыдҵаало?

Апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп

— Сара исызҳәаӡом аԥара змоу аԥсуаа акала иацхраауеит ҳәа арепатриациазы аилак. Аха ихынҳәыз рҟынтәи рҭагылазаашьақәа ахьыцәгьоу, арепатриаца афонд амчала ацхыраара рырҭоит. Традициас ирымоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз ҳџьынџьуаа аиааира амш аламҭалаз ҳаҭыр рықәырҵоит, аҳамҭақәа рырҭоит. Насгьы иҟоуп ҳџьынџьуаа аусурҭа ҭыԥ ззымԥшааз, макьаназ зшьапы иқәымгылаз, арепатриациа афонд

аҟынтәи ес-мзы ацхыраара рырҭоит. 

- Гугуца Шаликәа-ипҳа, арепатриацаҟны ишәымоума адыррақәа шаҟаҩы иахьа ҳџьынџьуаа Аԥсны инхо рхыԥхьаӡара?

— Абра инхо хџьынџьуаа рхыԥҳьаӡара зықь-ҩык рҟынӡа иҟоуп. Егьыс атәылауаҩра змоу рхыԥҳьаӡара рацәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0