Иаша Тәанба: аԥсуа, аԥсура пату изақәын

© Foto / Сырма АшәԥҳаИаша Тәанба.
Иаша Тәанба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаша Тәанба дынхоит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа, 91 шықәса ихыҵуеит, аԥсуара бзиа ибоит, ажәытәра гәхьааигоит, иара игәаанагара ҳацеиҩишоит, дагьазааҭгылоит иахьа аԥсуара шныҟшырго атәы.

- Ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсуара аныҟәгашьа шԥажәбои? Ажәытәра иннажьыз ашьҭа зеиԥшрои? Аҿатә аамҭа иахышәҳәаауеи?

— Аԥсуара анкьа ишыҟази уажәы ишыҟои еиԥшым, даара акыр рыбжьахеит. Сара схаан, дад, аԥхашьара ыҟан, агәыбылра ыҟан. Ауаҩы даныԥхашьа, иакәым ахаан иҟаиҵом. Ҳара ҳгәараҭаҿы, хҩык аԥацәеи, ԥҳаки ыҟан. Ҳара ҳаб иааигәа ҳабжьы ҭганы ҳцәажәар ҟалаӡомызт, маҟҿаҳәара ҳҽеилыхны иааигәа ҳнеиӡомызт. Ҳаб иахьибоз ҳԥаҵа амаҳхӡомызт, ҳан лҿы ҳаԥхашьон, аха ҳан лҿы иаҳгәыӷьуан. Уажәы ҭынхак иҿы унеиргьы, ажәытә ишыҟарҵоз еиԥш аишәа змырхиогьы дыҟоуп, иаарласны, ирмарианы еилгоит каҳуак ааршны. Уи аԥсуа итәым, иҟазшьам. Аҭынха, асас, аҩыза, рҭыԥ ӷәӷәоуп аԥсуаа ҳҿы. Ухы агәҭа аҭыԥ рымазароуп. 

100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа - Sputnik Аҧсны
100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа идырныҳәалеит

- Аԥсуара шәаналацәажәо, иарбан ҟазшьақәоу еиҳа шәхәыцраҿы иааиуа?

— Ақьабзи, аҵаси ҳара ҳаԥсуара шьагәыҭс иамоу ауп. Аԥсуара иаҵанакуеит зегьы — алеишәа инаркны, аиҳаби аиҵби реихаҵгылара аҟынӡа. Иаҳҳәап, ауаҩы дузааир ҽыла, (усҟан иҟаз аҽи, акәадыри, аԥсуа имаҭәа акәын), уи дҽыжәухыр акәын, иҽы аӷәра укыр акәын, аҽы хушьыр акәын, акәадыр урыцқьар акәын, амгәырхха урыцқьар акәын, ауха дусасын, даангылон, пату иқәуҵон.

Аибабара агәыбылра ахылҿиаауан, аԥсуара цқьан, хәыҷи-дуи ршьапы ихгыланы иныҟәыргон. Уажәы урҭқәа ыҟаӡам, дад. Уажә сасра унеир узбода? Ажәытә даҽа гьамак рыман арҭқәа. Уажәы аҽы ахаҭыԥан машьына бзиак имазар, уи иоуп ауаҩы бзиа ҳәа ҳазхәаԥшуа.

Уи зеиӷьыҟам ауми, аха ҳабацәа иныҟәыргоз ҳмырӡроуп. Знык ианҳампыҵӡаа, ашьақәргылара уадаҩхоит, аамҭа иналаӡҩа ицоит. Аԥсуа, аԥсура пату изақәын. Аԥсра захьыз ауаҩы, иҭынха днеины, дҵәыуаны дхынҳәны дцоит уажәы. Ажәытә ус иҟамызт, уахынла даангылон, агәырҩа дшалагылаз далагылан аԥсра захьыз агәыцхәы. Аџьабаа ду ацуп аԥсуара, ус имариандаз, зегьы иныҟәрымгози?.. 

- Амҳаџьырра аӡбахә ишәгәалашәои. Иаҳзеиҭашәҳәарц ишәылшои?

— Амҳаџьырра ҳақәнамххьеи, дад. Аԥсуаа иаҳхаҳгахьоу рацәоуп. Сара схаан амҳаџьырра ицаз ауаа рахьтә иҟоуп игьежьны иаақәазгьы. Ҳара ҳажәлантәык аӡә дцан, деиҭахынҳәны дааит. Ара дахьааиз дыҿиеит, иабиԥара иациҵеит. Аԥсуа жәлақәа рҩашьаны атәым тәылақәа рҟны иахьыҟоу, шаҟа сгәы снархьуазеи. 

Аԥсуа жәла змоу, даԥсыуаны, аԥсышәала дцәажәоны, атәым милаҭ ирылихуазеи? Аус зуа, имаашьо, дахьынхозаалакгьы, иԥшӡаны дынхоит. Џьара ииз, иааӡаз, зықәра ыҟоу, ахҵәара ицәыуадаҩуп. Урҭ ирхылҵыз иргәыӷьыроуп рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра. Ашьа иара атәы ҟанаҵоит.

Ишәымбои, Аԥсны аибашьара ианалага ҳашьцәа шааз Ҭырқәтәылантә, Сириантә уҳәа. Урҭ аӡәгьы мчыла иааимышьҭӡеит, дара ирҭахны, хатә гәаԥхарала иааит. Уи иҳанаҳәо шаҟа ирацәоузеи? Еҳ, шаҟа хкы ҳархысхьоузеи, анаџьалбеит. Аҭоурых шаҟантә ҳкыднаҟьахьоузеи, аха ахеиқәырхара ҳалшагәышьоит. Аринахыс, Анцәа цәгьара ҳзааумган.

116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зегьы иреиҳау, 116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа лҭоурых

Амҳаџьырра иагаз ҳажәлар ирхыргаз ижәдыруа ауп. Иахьнанагаз атәымџьара адгьыл еиужьқәа рырҭазаргьы, инхар акәымзи. Рыҩны ыҟамызт, русура ыҟамызт, иџьашьатәуп зыԥсы ҭаны иаанхаз шаанхаз атәы алацәажәара. Уажәы, урҭ ирхылҵыз  рыԥсадгьыл ахь рымҩақәа аатуп, егьа ирцәыуадаҩхаргьы азныказы анхара, иашьцылап. Аҳәынҭқарреи, ауаажәларреи рҟынтә ацхыраара роуп, рыхгьы иалдыршап. Ирхылҵуа рзы аҭагылазаашьа еиҳагьы еиӷьхап.

Ҳаргьы иҳагқәоу рацәоуп, уиаҟара ибеиам ҳҳәынҭқарра. Аибашьра ашьҭахь иҟаҵоу шмаҷымгьы, анапы зыгқәоу шаҟа ыҟоузеи? Аха, зегьы рҭыԥ иқәлап маҷ-маҷ. Ҳарҭ аҭоурых еиҟәнашаз аԥсуаа ҳанеибабо, ҳаидҵәыуало ҳаиԥылоит, ҳагәқәа ҳзеидымхуа ҳаиԥырҵуеит. Уи рыцҳароуп, уи хьаауп.

Ҳара ҳажәлантәык Тәан Хыш, Ҭырқәтәылаҟа дыхҵәеит. Иҷкәынцәа Хашьым, Шьрыф, иԥҳацәа, шьҭахьҟа иааигеит. Аиҳабацәа ԥсгәышьеит, аха ирхылҵыз-ирԥылҵыз, еиҵаҩҩы иҟоуп. Амҳаџьырра зхьымкьысыз ԥсыуа ҭаацәарак ыҟоума мамзаргьы. 

- Шәзеиӷьашьарақәа аԥсуаа рахь изеиԥшроуи?

— Аԥсны инхо аԥсуаа рахьтә иҟоуп ахшара рацәа зааӡо. Уи ҳара ҳҳәынҭқарра абеиароуп. Уи еиҳау мал ыҟаӡам. Излаҳалшо ала адгылара раҳҭароуп, абааԥсы! Аԥсуаа, аҟәыӷара еснагь иҳаман, иарбан аамҭазалакгьы иааҳарԥшлароуп. Ҳара ҳадгьыл аҿы ҳанхозар ауп. Аҭоурых ҳаиҟәнашартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳмоуааит ахааназы. Анхаҩы ақыҭаҿы аӷьеҩҳәа дынхозар ауп. Ақалақь аҿы дынхозаргьы, аб иџьынџь имырӡроуп. Аиҳаби аиҵби ҳдырааит. Анцәа дышәхылаԥшааит зегьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0