Аекономика аминистр аԥыжәаратә ҭагылазаашьа змоу азонақәа рыӡбахә иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аминистрцәа Реилазаара
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, жьҭаара 21 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аминистрцәа Реилазаара жьҭаара 21 рзы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл зонала аихшаразы апроект. Апроект ишьақәнаргылоит аинвестициатә проектқәа апреференциалтә статус рыҭара.

"Ақәҵара иҳәаақәнаҵалоит аҵакырадгьылтә еихшарақәа аинвестициатә проектқәа апреференциалтә статус рыҭаразы. Абри азы еихаҳшоит абас еиԥш: Гагра араиони ақалақь Афон ҿыци, Гәдоуҭа араион, ақалақь афон ҿыц алкны, Аҟәеи Гәылрыԥшьи рраионқәа, ақалақь Аҟәа алкны, Очамчыратәи, тҟәарчалтәи, Галтәи араионқәа", — иҳәеит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Еиҳа аԥыжәара рыҭоуп Тҟәарчалтәи, Очамчыратәи, Галтәи араионқәа урҭ економикала реиҵахара азыԥхьагәаҭаны", — иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла иахьазы Аекономика аминистрраҟны 110 миллион мааҭ рҟынӡа зыртәо аинвестициатә проектқәа ҩба рзы азыҳәа ҟаҵоуп.

"Арҭ апроектқәа рыҩбагь ирымоуп аҵаҵӷәы апреференциалтә статус рыҭаразы. Апроектқәа ахашәалатәии амазаратәии шәахтәқәа рықәҵахом "Аинвестициатә усуразы", ҳәа азакәан инақәыршәаны", — иҳәеит аминистр.

Ақәҵара апроект иарҿиоит 2014 шықәса рзы ирыдыркылаз "Аинвестициатә усуразы" ҳәа азакәан.

2014 шықәса цәыббра 18 рзы Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит ақәҵара аҳәынҭқарратә експертизеи аҳәынҭқарратә инвестициатә проектқәеи рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0