Иҟалап ахәыҷқәа ашәыраиаҵәатә палочка рымаӡамзаргьы

© Sputnik / Игорь Руссак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхәышәтәырҭа архивтә фото
Ахәышәтәырҭа архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 10 рзы Ареспубликатә хшараиурҭаҿ еициит 1600-и 1800-и грамм иҟаз аӡыҟцәа ҩыџьа. Аамҭақәак рышьҭахь рҩыџьагьы аашәыраиаҵәатә палочка рымоуп ҳәа иазшьаны Шәачаҟа ииаган.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа № 9 аҳақьымцәа макьаназ ишьақәыдмырӷәӷәац ахәыҷқәа аинфекциа рымоуп ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ахәыҷқәа ран Татиана Ҳагԥҳа.

"Шәачатәи ахәышәтәырҭаҿы оумашәа ирбеит апалачка рымоуп ҳәа анаҳҳәа, избанзар иара ашьақәырӷәӷәара алшоит анализқәа анрырҭа ашьҭахь жәамш рыҩныҵҟа", — лҳәеит ан.

Татиана Ҳагԥҳа лажәақәа рыла ажьҭаара ҩеижәихәба рзы Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҟны ирарҳәеит ахәыҷқәа аинфекциа рымазар ҟалоит ҳәа.

Ахәыҷқәа ршьаҟны алеикоцитқәа рырацәара мзызны иазыҟалеит урҭ Шәачаҟа риагара. Татиана Ҳагԥҳа илҳәеит лара лхаҭа ахәыҷқәа хымԥада Шәачаҟа игатәны ишылымбаз. Акрырфон, иҭынчын, егьырҭ инареиҳаны иҵәыуоеит ҳәа узҳәомызт.

"Руаӡәк лшоура зынзаҵәык ихалеит 38,3 градус", — лҳәоит ан.

Татиана Ҳагԥҳаи лхәыҷқәеи абҵара акынӡа зыхә ршәо апалатаҿы иҟан, избанзар ихымԥадатәиу адокументқәа рыцмызт. Ахәыҷқәа раб Даур Ҳагба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иахәҭаны иҟаз адокументқәа реидкылараҿы ацхыраара шрырҭаз.

Ахәыҷқәа хымш рыҩныҵҟа ирзыҟарҵеит УЗИ, акардиограмма, ашьа абиохимиа. Абарҭқәа рышьҭахь иарбанызаалак потологиак рыдрымбалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0