Аҟәа иҭахаз рыцԥхьаӡа цәашьы адыркит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа иҭахаз рыцԥхьаӡа цәашьы адыркит
Аҟәа иҭахаз рыцԥхьаӡа цәашьы адыркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҭатәи арыцҳара иазкыз акциа мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынкәын 14 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. 87 цәашьы, иҭахаз рыцԥхьаӡа цәашьхәы адыркит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа, ахаша, ԥхынҷкәын 14 рзы. Аверталиот лашьҭын ахәылбыҽха, асааҭ фба рыбжазы. Абри аамҭа иақәыршәан ирылаҳәан азеиԥшмилаҭтә акциа – минуҭктәи аҿымҭра.

Акциа ателехәаԥшрала ишиашо ицо аефир аҟны идырбан. Ауаажәларратәи ахатәтәи транспорт аныҟәара аанкылан. Амашьынарныҟәцаҩцәа ракәзар асигнал ҟарҵон.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа илҳәеит аԥсуа диаспора ахьынхо атәылақәа: Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Америка рҟынгьы абри акциа шымҩаԥыргаз.

"Абри амш ҳҭоурых аҟны иреиҳау арыцҳаратә мшқәа ируакуп. Абри амш аҽны иҭархан хара змамыз амаалықьцәа, аира иахьымӡаз ахәыҷқәа. Хашҭра рымам аверталиот аекипаж: Сергеи Илиухин, Сергеи Евдокимов, Валери Маскин", — лҳәеит Мзиа Беиаԥҳа.

Абри амш лгәаларшәо Мзиа Беиаԥҳа лылыӷырӡқәа лзынкыломызт.

Лаҭатәи арыцҳара ргәаладыршәон Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Лаҭатәи арыцҳара ргәаладыршәон Гәдоуҭа

"Сыбла ихгылоуп ҵыхәаԥҵәара змамыз аҭоубыҭқәа, зылаӷырӡ зҿыкәаашоз агәакьацәа. Хашҭшьа сымам Баҭал Кобахьиа иҿыҳәҳәы илеиуаз алаӷырӡқәа", — лҳәоит лара.

Акциа алахәылацәа руаӡәк, Тимур Гамгиа гәалсрыла иҳәеит ауаа шырацәамыз.

"Сара 22 шықәса схыҵуеит. Аибашьра ашьҭахь ииз среиуоуп. Ҳарҵаҩцәа иаҳзеиҭарҳәон абри амш арыцҳара ду. Ҳҿар зегьы ирдыруеит иҟаз. Агәра згарц сҭахуп усеиԥш Аԥсны уаҳа иҟаларым ҳәа", — лҳәоит акциа аволантер Роза Емексузиан.

Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа аехсны икарыжьит.

Иҭахеит 87-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рыгәҭа иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, 8-ҩык зцәа зтәымыз аҳәса. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Гәдоуҭатәи апарк аҟны анышә иамадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0