ААК (ЦИК) ахь аҽа ԥышьҩык алырхит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраААК (ЦИК) ахь аҽа ԥышьҩык алырхит
ААК (ЦИК) ахь аҽа ԥышьҩык алырхит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацентртә алхратә комиссиа 15-ҩык алахәуп, урҭ рҟынтәи 7-ҩык атәыла Ахада иалихуеит, 8-ҩык адепутатцәа иалырхуеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахаша, ԥхынҷкәын 21 рзы аҽа ԥшьҩык ААК (ЦИК) ахь иалырхит Апарламент аҟны.абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ААК (ЦИК) ахь иалырхит - Sputnik Аҧсны
Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ААК (ЦИК) ахь иалырхит

Акандидатцәа хәҩык рҟынтәи иалхтәын ԥшьҩык иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба.

"Абжьы еиҳаны изауз роуп иалырхыз", — иҳәеит Бганба.

Ацентртә алхратә комиссиахь иалырхит: Ануш Ходжикиан, Александр Ченгьелиа, Алексеи Романенко, Алиас Бранӡиа.

Уаанӡа, аҩаша, ԥхынҷкәын аоппозициаа рхаҭарнакцәа ԥшьҩык ААК (ЦИК) ахь иалырхит Апарламент аҟны.

Аоппозициаа рхаҭарнакцәас алхратә комиссиа иалагалахеит: Гәдиса Агрба, Астамыр Ԥачалиа, Роман Гериа, Виачеслав Кәакәасқьыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0