— Авирус абантәиаауеи? Абнатә ԥсаатә шракәҵәҟьоу шьақәыргылоума?
— Аимҳәа авирус, ахкы "А"-и ахкыҟәша "А"-и аиҳарак иахьуԥыло Алада-Мрагыларатәи Азиа иахьаҵанакуоуп. 2000-тәи ашықәсқәа рызыбжазы абри арегион аҟны массала абнатә ԥсаатә ԥҵәеит. Иара убасгьы ауаагьы ирыдырбалеит ари авирус. Иҟалеит аԥсыҭбарақәагьы. Аамҭақәак рышьҭахь уахьынтәи авирус егьырҭ аҭыԥқәа рахь ииасны иамҽханакит.
— Ааигәанӡа агәырлаҵа акыр иақәгәыӷуан. Аԥсаатәгьы агәыр рылаҵара аҭагылазаашьа ҭышәнартәалоума?
— Агәырлаҵара хымԥада иаҭахуп, аха инагӡаны авирус ықәнахуеит ҳәа узҳәом. 2005 шықәса рзы иалацәажәон авирус ҳара ҳахьгьы иқәнагалар алшоит ҳәа. Аԥсаатәқәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьазы иманшәалоуп.
— Избан аиҳарак, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ишыҟалаз еиԥш амшынҟызқәа зыԥсуа?
— Иарбанызаалак авирус ахатә ҷыдарақәа амоуп. Гәыԥқәак рзы ишәарҭамзар, аҽа гәыԥқәак рзы ишәарҭахоит. Амшынҟызқәа рыдагьы акәатақәа, аҟызқәа уҳәа иӡсо аԥсаатә зегьы рзы ишәарҭоуп ари авирус. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иӡсо аԥсаатә рыдагьы аҳәыҳәқәа, аҟәраанқәа аҩнтәы ԥсаатәқәа рахьгьы ииасуа иалагеит. Иҟалахьеит аҭагылазаашьа – ауаҩгьы ианиднагало.
— Аԥсны, аҩнатә ԥсаатә авирус рыднагалара аҭагылазаашьа шԥаҟоу?
— Аԥсны аҵакыра иалсны ицоит аԥсаатәқәа рмиграциатә мҩа. Иара мрагылара-мшынеиқәатә миграциатә мҩа ҳәа иашьҭоуп. Аӡынразы аратәи аԥсабара-ҳауатә ҭагылазаашьа иалнаршоит аԥсаатә ара раанхара. Урҭ хыԥхьаӡарала ирацәаӡоуп, миллионла иҟоуп. Убри азы иуҳәар алшоит аратәи аҵакыреиужьра ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа. 2000 шықәса рзы ААУ аекологиеи аԥстәқәа рморфологиеи ркафедреи Д. Ивановски ихьӡ зху аексперименталтә поталогиеи атерапиеи Ринститути еицымҩаԥыргеит аԥсаатәқәа авирус шеиҭарго азы апилоттә ҭҵаарақәа. Аҭҵаарақәа реихшьаалақәа рыла ишьақәыргылан авирус аҟамзаара. 2005 шықәса рзы аҵарауаа имҩаԥыргеит аҽазныкгьы аҭҵаарақәа. Урҭ иазгәарҭеит авирус H5N1 аҟазаара ахьалшо аҭыԥқәа. Абжьагарақәа рзынашьҭын аветеренартәи егьырҭ изыхәҭаны иҟоуи амаҵзурақәа.
Убри аамҭазы аҩнытә ԥсаатә аума, ауаа роума авирус рыдрымбалеит. Иара убасгьы аԥсаатә массала рыԥсрагьы аҭыԥ аманы иҟамызт. Иуҳәар ауеит усҟан авирус Аԥсны иҟамызт ҳәа.
Ҳара есышықәса имҩаԥаагоит амониторинг, аха авирусологиатә ҭҵаарақәа ҳзымҩаԥгом. Уи апроцедура акыр аԥаразоужьра зҭаху процедуроуп. Иара амҩаԥгара алшоит Москва, Ивановски ихьӡ зху аинститут заҵәык аҟны.
Ара ҳара игәаҳҭо – афакт аҟазаароуп.
— Ауаҩы еиликаар шԥалшо аԥсаатә ачымазара амоу иамаму? Иҟаҵатәузеи аԥсаатә чмазаҩымхарц?
— Агәырлаҵара авирус аҽацәыхьчара аформақәа ируакуп. Аха уигьы инагӡаны ихәарҭоуп узҳәаӡом. Аиҳарак аԥсаатә ирыдубаларц иулшо – рныҟәара гарыгаҽо иалагоит, ркоординациа аҽеиҭанакуеит. Асеиԥш жәбар, хымԥада аветеринартә маҵзурақәа рахь идҵаалатәуп.
— Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҭыԥ змаз ахҭыс Аԥснытәи азанаҭуаа агәҭынчымра рызцәырнагома?
— Ҳәарада. Аԥсни Ҟәбани рыбнатә ԥсаатә аинырра рымоуп. Ҟәыбан иахьаҵанакуа ахьшәашәара аныҟалалак дара ҳара ҳахь ииасуеит. Уи иаанагоит авирус аиагарагьы мариахоит ҳәа. Ҳара ҳазыхиазароуп Аԥсны иахьаҵанакуагьы авирус цәырҵыр алшоит ҳәа. Акыр ишәарҭоуп абнатәи аҩнытәи ԥсаатә аинырра анрымоу. Ашәарыцацәа ракәзар иӡсо абнатә ԥсаатә ашьра ааныркылар акәхоит. Уи ала иалшоит ауаҩи абнатә ԥсаатәи авирус аимдара рылмыршара.