Калдахәараа "рӡышара" нҵәеит

© Sputnik / Евгений Самарин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКалдахәара ақыҭаҿы инхо аӡы роуа иҟалоит
Калдахәара ақыҭаҿы инхо аӡы роуа иҟалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Калдахәара ақыҭа "ахԥатәи абригада" ауааԥсыра агәра рызхаҵом иаарласны рыҩнқәа рахь аӡы леиуа иалагап ҳәа. Абри атәы далацәажәоит Sputnik акорреспондент Бадри Есиава.

"Ҳара макьанагьы инагӡаны агәра ҳазгом ҳаҩнаҭақәа рҿы аҽҽаҳәа аӡы неиуа иалагап ҳәа. Ԥхыӡушәоуп ишаабо", — иҳәеит ақыҭа Ахада Ҭимур Амԥар.

Иара иажәақәа рыла Калдахәара 240 ҭаацәара нхоит. Урҭ рҟынтәи 35 ҩны рҟны аӡы ыҟам. Дара ӡаагара ҳәа аӡыхьқәеи аҵеџьқәеи рахь ицалароуп. Иҟоуп иааигәаны изызнеирҭоу, иҟоуп акыр километра изцәыхароугьы.

"Ари азҵаара цәырҵхьеижьҭеи акрааҵуеит аха аӡбара амакәа иааиуан. Уажәы аҳәынҭқарра х-миллион мааҭ аԥара ҳзоурыжьит аӡеизакырҭа аргыларазы. Азҵаара аӡбра рџьабаа адуп ҳраион Ахада Руслан Ладариеи Аԥыза-министр Беслан Барцыци", — иҳәоит Ҭимур Амԥар.

Ақыҭа Ахада иҳәоит аобиект 2017 шықәса ажьырныҳәамза анҵәамҭазы ахархәарахь ишрыҭахо.

Иара еиҭеиҳәоит аусурақәа рылагамҭазы агеодезистцәа шнаԥхьаз, анышә анализ шазуз. Насоуп аусурақәа анхацдыркыз.

"Аӡеизакырҭа агылара ҩ-метрак иҟалоит, аура 11 метра, аҭбаара 5 метрак. Уахь аӡы нанагараны иҟоуп анасос ду", ҳәа иҳәоит Амԥар.

Калдахәара ақыҭауаҩ Леонид Хамыт иҳәоит иара ихаан ақыҭа ари аганахь аӡазы еснагь ауадаҩра ду шыҟаз. Аҵеџьқәа ржуан аха шамахамзар аӡаҟынӡа изнеиуамызт.

"Ӡыда анхара акыр иуадаҩуп. Ауҭроума, абаҳчароума аӡы рҭахуп", — иҳәоит иара.

Асида Ҳаразиа-Хамыт лакәзар, еиҭалҳәоит:

"Сара абра сынхоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Санхәа еснагь аӡыхь аҟынтә аӡы халгалон. Иара сара схаҭагьы ус акәын", ҳәа.

Асида еиҭалҳәоит 2015 шықәса рзы аӡы ахьырзымхоз азы акиви ахьеиҭаҳау рбаҳчара зегь ҩарц егьагымхеит ҳәа.

Ргәырӷьара ҳәаа шамамгьы, калдахәараа афымцамч ауашәшәырара анасос аусура иаԥырхагахар ҳәа иацәшәоит. Урҭ ирҳәоит афымцатә ҳақәагьы ԥсахзар бзиан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0