Раԥхьатәи аԥсуа график Зоиа Аџьынџьал 80 шықәса лхыҵит

© Sputnik Анжелика Бения Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрра аҟны аграфик Зоиа Аџьынџьал лымш ира лыдырныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрра аҟны аграфик Зоиа Аџьынџьал лымш ира лыдырныҳәалеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1937 шықәса жәабран 8, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан диит раԥхьатәи аԥсуа график Зоиа Аџьынџьал. Лзанааҭ ахь амҩа шалылхуаз, уи азанааҭ иамоу акәама-ҵамарақәа ртәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит.

Sputnik, Анжелика Бениа.

– Ианбашәызцәырҵ асахьаҭыхрахь абзиабара?

– Схәыҷаахыс сҭыхуан. Ҳаҩны ҵаҟа ӷәыла иҟаҵан, убырҭ аӷәқәа срыдгыланы, мелла сызхара сҭыхуан, сан ишылымуазгьы. Нас иара ашкол аҟны сышҭыхуаз анырба, адҵақәа рацәаны исыдырҵон.

– Уи иарбан школу?

– Ԥақәашьтәи ашкол. Аҵара сҵон хәба ҳәа. Усҟан қырҭшәала акәын аҵара шаҳҵоз. Уи даара иацклаԥшуан, ақырҭшәа ҳҵар рҭахын. Ԥсышәала ак ҳамхаҳәар ҳәа ҳшәон. Ашкол ҳавагыланы акәын ҳшеицәажәуаз, аԥсуа хәыҷқәа ԥсышәала акәымкәа қырҭшәала ҳцәажәозма? Аабатәи акласс аҟынӡа уаҟа аҵара сҵон, нас саб дычмазыҩхеит, Ҭҟәарчалҟа ҳаиасит. Сашьа ашахта аҟны аус иуан. Аҵлақәа еснагь сырхьынҳаланы ажь ҿызхуаз сара сакәын, амжәақәа казҿоз сара сакәын.

Ашколтә ԥсҭазаараҟны ирацәаны асахьа ҭысхуан, сашьцылеит, усҟан ауп иаҳа бзиа ианызба.

–Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа аҭалара аӡәыр ишәыҵеиҳәама, мамзар шәхала ишәыӡбу?

– Зны Алықьса Гәогәуа ссахьақәа ибан, Аԥсны аԥсуа кадрқәа ҳамаӡам, ҳәа исабжьеигеит. Снаишьҭит усҟан Аԥсны акультура министрс иҟаз Владимир Кәарҷелиа иахь. Иара маӡала аԥсуа кадрқәа разыҟаҵара дазҿлымҳан. Убысҟан иара асахьаҭыхратә школ аартны иман, ақырҭуа сахьаҭыхҩы Николаи Табукашвили рҵаҩыс дахагылан, ԥыҭҩык аԥсуаа ҳаизганы аҵара ҳирҵон.

Аԥсуа кадрқәа ҳамаӡам ҳәа аԥсуа лимитқәа ирышьҭалеит. Кәарҷелиа ибзоурала асахьаҭыхратә академиахь ҳрышьҭит хҩык: сара аграфикахь, Хәыта Аҩӡба аҿыханҵахь, Иура Ҷкадуа аскульптурахь.

Ашкол аҟны ибзианы ҳҽазыҟаҳҵахьан. Ҳарҵаҩы аҩныҟа данцалакгьы, ауадахь аԥенџьыр ала ҳаҩналаны, асааҭ фба инаркны хәлаанӡа ҳҽазыҟаҳҵон, ҳлимитқәа ҳмыхәаӡакәа ҳҭадырхар ҳәа ҳшәон.

–Шәара раԥхьатәи аԥсуа график шәоуп. Уи ахырхарҭа иаҳа изалышәхи?

– Аханатә аграфикахь исҭахӡамызт, акерамика бзиа избон. Ақырҭқәа акерамика бзиа рыман, убрахь сҭалар сҭахын, аха лимитла ҳрышьҭаанӡа Баграт Шьынқәба дсацәажәахьан. "Акерамика акәӡам аграфикцәа роуп ҳара иаҳҭаху", ҳәа сеиҳәеит, исыдиҵеит ҳәа уҳәаргьы алшоит. Усҟан ҳашәҟәқәа зегьы аурысқәеи, аерманқәеи, ақырҭқәеи ракәын иҟазҵоз. Ашәҟәы асахьа анауҭо, аԥсуа ҟазшьа амазароуп, ҳәа схы иҭеигалан ус сақәшаҳаҭхеит.

Аҵара ҳдырҵон аспециалист бзиақәа, ахаҳә, аҵла уҳәа еиуеиԥшым атехникақәа рыла. Алиногравиура сгәы азцо салагеит: алинолеум аҟны агравиура ҟаҵаны ианукьыԥхьуа. Убри алагьы сдиплом сыхьчеит. Ҳахҩыкгьы раԥхьа иалганы иааз аԥсуа кадрқәа хауп. Уаанӡа даахьан аскульптор Марина Ешԥҳа.

– 300 инареиҳаны ашәыҟәқәа еиҿышәкааит. Аҵара хыркәшаны шәанаа иаразнак ашәыҟәқәа аус рыдулара шәалагама?

– Салганы санаа ашәыҟәҭыжьырҭахь снаргеит. Еснагь аусутә рацәаны исыман. Раԥхьатәи аԥсуа нбан аԥштәы аманы Валери Гамгиа данаа ҳаицхырааны еицыҟаҳҵеит. Иара убас, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ршәыҟәқәа аус рыдызуылон.

– Ишәыдыргалоз ашәыҟәқәа зегьы асахьақәа рышәҭозма?

– Мап, ашәҟәыҩҩцәа зегь ртәы сыдыскылаӡомызт, зтәы иаҳа исгәабхоз ҟасҵон, иаҳҳәап Иван Папасқьыр ироман "Аԥҳәыс лыпату".

"Амцабз" азы 40 шықәса асахьақәа ҟасҵон. Академиа санҭаз инаркны салагахьан. Аибашьра ашьҭахь сахьаркыратә редакторсгьы саман. Аплионка аҟны асахьа ҭыхны, аиаҵәа, аҩажь аԥштәқәа аплионка аҟны еиқәыршәаны, гәаҟрала хәышықәса иҭҳажьуан. Нас атехника ҿыц, акомпиутерқәа ҟалеит, аусура иаҳа имариахеит.

– Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟни, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟни асахьаҭыхыҩ ҿарацәа шәааӡоит, иҳамоума аграфика ахырхарҭала астудентцәа бзиақәа?

– Ааи, иҟан, уажәгьы иҟоуп. Ус Асҭамыр Кәыҵниа ҳәа дсыман астудент. Убысҟак аграфикахь аҟазара иман, сааиҟәамҵӡакәа аус исыруон. Ибзианы иҵеит. Уажәы ашәыҟәқәа рзы асахьақәа, ахәыҷтәы сахьахәыҷқәа, амультфильмқәа ҟаиҵоит.

Ауниверситет аҟынгьы аҿыхынҵа рысҭоит, уаҟагьы ахәыҷ бзиақәа аҵара рҵоит.

– Иахьа астудентцәа, аграфика аҵаразы еиҳа алшарақәа рымоуп шәара шәхаан аасҭа, ҳәа ҳҳәар ҳалшома?

– Академиа аҟны иҳамаз аусуратә ҭагылазаашьа ҳастудентцәа ара уажәы ирымаӡам. Аграфика иаҭахыу, алиногравиура, аксилографиа уҳәа астанокқәа ыҟаӡам. Жәала мацара амаҭәар ишаҭахыу иузнагаӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0