Аԥснытәи аинтернет информациатә хархәагақәа Аиустициа аминистрраҟны рыҽҭарҩыроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСессия Парламента
Сессия Парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аԥсахрақәа аланагалеит "Аинформациа амассатә хархәагақәа рзы" азакәан.

АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәабран 10 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аԥсахрақәа аланагалеит "Аинформациа амассатә хархәагақәа рзы" азакәан. Уи инақәыршәаны Аԥснытәи аинтернет информациатә хархәагақәа Аиустициа аминистрраҟны рыҽҭарҩыроуп.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспубликаҟны ицәырҵит имаҷымкәа хылаԥшра змам аинтернет-ресурсқәа. Ажәадгала ҟаҳҵоит урҭ зегьы ишахәҭоу еиԥш Аԥсны Аиустициа аминистрраҟны иҭаҩзарц", — иҳәеит адепутат Левон Галустиан.

Иара игәаанаграла азакәан апроект аҵакы аманы иҟоуп, избанзар аинтернет-ресурсқәа Аԥсны азакәанқәа еиларго иалагар, акомпетенттә органқәа рахь азҵаара цәыругар алшоит.

"Уажәы урҭ анырра раҳҭо ҳаҟам. Ҳара иҳаздырам аредакциақәа ахьыҟоу, ашьаҭаркыҩцәа зусҭцәо, ашеф-редакторцәа рыхьӡқәа. Аиустициа аминистрраҟны урҭ адыррақәа зегьы нагахароуп. Зҵаарак цәырҵыргьы аӡбара алыршахоит ирмарианы", — иҳәеит Галустиан.

Адепутат иажәақәа рыла 2004 шықәсазы ирыдыркылаз азакәан иамамызт алшара аинформациа амассатә хархәагақәа русура аусхк ишахәҭоу еиԥш аҳәаақәҵара, хаҭала аинтернет-ресурсқәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0