Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭодуаԥҳа: аибашьҩы инапылаҩырақәа рҭыжьра сгәы иҭаскит 2010 шықәсазы

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәНарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵааратә усзуҩ Есма Тодуаԥҳа
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵааратә усзуҩ Есма Тодуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵааратә усзуҩ Есма Тодуаԥҳа еиҭалҳәеит Кәасҭа Габниа иеибашьратә мшынҵа аҭыжьра шыҟалаз атәы.

Аҵарауаҩ Есма Ҭодуаԥха иҭлыжьит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз акорреспондент Кәасҭа Габниа имшынҵа. Уи аибашьра раԥхьатәи амш инаркны Дәрыԥшьаа ргәыԥ далан. Ақьаад ианиҵо далагеит иибоз, дызлахәыз ахҭысқәа.

Есма Ҭодуаԥҳа аибашьратә мшынҵа шыҭлыжьыз далацәажәеит

Кәасҭа Габниа диит Дәрыԥшь ақыҭаҿы, 1941 шықәсазы. Далгеит Аҟәатәи Асахьаҭыхратә школ 1980 шықәсазы. 1982-1983, иара убас 1985-1987 шықәсқәа рзы ақыҭсовет Жәлар рдепутатс дыҟан. Уи алафтә жәабжьқәа реизга "Шәмыччан" захьӡу давторуп (1990 шықәса). Иара абри ашықәс азы ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" ахь ириҭеит аҩбатәи ашәҟәы, уи жәлар рҳәамҭақәа шьаҭас иаман. Аха уи аҭыжьра дахьымӡаӡеит Аԥсны усҟан иҟаз аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0