АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арепатриациазы апрограмма аус адулатәуп, абри атәы иҳәеит Арепатриациаз аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
"Иаарласны аԥыза-министр имҩаԥигараны иҟоу аизараҿы ари азҵаара иахәаԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит", — азӷәеиҭеит Ҳаразиа.
Аус зыдулоу апрограмма ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рырхынҳәра аус иацхраауеит, ҳәа азгәеиҭеит арепатриациазы аилак ахантәаҩы.
"Иахьатәи ҳсиа иҭагалоуп арзаҳалқәа ҳџьынџьуаа анхарҭатә ҭыԥқәа рыҭара азыҳәа 543-ҩык ауаа. Арҭ зегьы ауадақәа роухьеит, уахь ииасызгьы аҭаацәарақәа ыҟоуп", — азгәеиҭеит иара.
Аԥсныҟа нхара иаауа рыбжьара иҟоуп Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәагьы маҷымкәа, азгәеиҭеит уи.
"Нхыҵ-Кавказынтә ҩышә инареиҳаны арзаҳал ҳзалоуп, аха уаантәи иаази Шьамтәылантәи иаази урҭ еиԥшӡам", ациҵеит Ҳаразиа.
Аԥсны аԥхын дааны мшынк дынҭаланы исцәагои ҳәа арзаҳал ҩны ицо ртәы ҳадҳкылаӡом, иҳәеит уи.