Какоба: аҵаратә система аинформациатә технологиа ҷыдақәа алагалахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит аҵаратә система иалагалоу аҿыцрақәа, ареспубликатә олимпиадаҿ аԥхьахә згақәо ирымоу алшарақәа, аушьҭратә ԥышәарақәа ашколқәа шазыҟаҵоу уҳәа ртәы.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Аҵара шықәс аҩбатәи азбжа ахыркәшамҭахь аҿынанахоит. Уажәшьҭа иааигәоуп аушьҭратә ԥышәарақәа. Ишԥарзыҟаҵоу урҭ ашколқәеи ашколхәыҷқәеи?

— 2016-2017-тәи аҵаратә ашықәс азы ишьақәҳарӷәӷәаз апрограмма инақәыршәаны амҩаԥысра иаҿуп. Ҵыԥх аҵара шықәс маҷк иацҳамҵар амуит. Избан акәзар Аԥсны ицәырҵыз ачымазара ҿкқәа ирыхҟьаны ашколқәа ҩ-мчыбжьа инарзынаԥшуа рхы иақәиҭтәын. Аҵара шықәс ахыркәшарагьы наҟ ҳнахеит. Аха сынтәа Анцәа ҳихьчеит. Аҵара шықәс еиԥымҟьаӡеит. Иазыԥҵәоу аамҭала амҩаԥысра иаҿуп. Школ цыԥхьаӡа, раион цыԥхьаӡа ирыду русқәа нарыгӡоит. 

Аҵаратә документқәа наҟ-ааҟ реицазхаҵаразы аиқәшаҳаҭра апроект Москваҟа ишьҭуп - Sputnik Аҧсны
Какоба: аҵаратә документқәа разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра хиоуп

Доусы зегьы ишрықәнаго еиԥш рԥышәарақәа аҽазыҟаҵара иаҿуп. Абраҟа иазгәасҭарц исҭаху – сынтәа заанаҵы аушьҭратә ԥышәарақәа рымҩаԥгара ҳәа азԥаҳҵәеит лаҵарамза 2 инаркны 17-нӡа. Уи зыҟаҳҵаз уи ауп, есышықәса аспортакиада иалахәыз аҵаҩцәа 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа, аспортакиада иахьалахәыз азы аԥышәарақәа рҟынтә рхы иақәиҭыртәуан. Аспортсменцәа ҳәа иаарышьҭуаз асиа анализ аныҟаҳҵа иаҳбеит занӡагьы аспорт иазааигәамыз аҵаҩцәагьы алашәар шауаз. Убри аҟынтә ҵыԥх инаркны иҳаӡбеит дарбанзаалакгьы аспорт далахума, даҽа хкык инапы алакума ашкол дҭазар, дҵаҩызар иҩызцәа реиԥш иаргьы иахәҭоу аԥышәарақәа иҭироуп ҳәа. Амала иҟаҳҵеит даҽа графикк, избанзар аԥышәарақәа анымҩаԥаҳгои, аспортакиада анымҩаԥысуеи еиқәшәоит азы, еиҳа аамҭа роурц, рыспорт хкы рҽазыҟарҵарц. 

- Аҵаратә процесс ҿыцны иалажәгалеи сынтәа?

— Ишыжәдыруа еиԥш, ҵыԥх аԥсуа шәколқәа зегьы рҿы 5-тәи акласс инаркны аԥсуа бызшәа амаҭәар класск аҟынтәи даҽа класск ахь излиасуаз ԥышәарак аҳасабала иарҭон. Сынтәа ҽыцны аҵарашықәс иалаҳгалеит иаԥсыуам ашколқәа рҿгьы уи аԥышәара аҭира. Зны-зынла ицәырҵлоит агәаанагара, ауаа ирҳәоит ари аԥсшәа ззымдыруа аԥсуа школқәа ирҭыҵны ицо иаланаргоит ари аҩыза аԥҟара ҳәа. Аха уи аҩыза ашьаҭа амаӡам. Уажәшьҭа иаԥсыуам ашколқәа рҿгьы ирымҭиир ҟалаӡом. 

Убас ааигәа аҵара министрр аколлегиаҿы иҳадаҳкылеит Аԥсны аҭоурыхгьы аиагаратә ԥышәарак аҳасабала аҭира ишалаҳарго. Уи 9-11 аклассқәа зегьы рҿоуп. Амала уи сынтәатәи ахыркәшаратә ҵарашықәс алаӡам. Иааиуа 2017-2018 шықәс азоуп ианымҩаԥаҳгоу. Сгәы иаанагоит уи еиҳа аҵаҩцәа рҽазыҟаҵараҿы иахәоит ҳәа. Апрактика иаҳнарбеит аиагаратә ԥышәарақәа аҵаҩцәа ишрыхәо. 

- Иарбан льготақәоу ироуа еиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараан ареспубликатә олимпиадаҿы аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкылаз ашкол аушьҭымҭацәа? 

— Ԥаса ус еиԥш иҟан Аԥсны ареспубликатә олимпиадаҿы аиааира зго аԥхьахә ҭыԥ ззааныркылаз амаҭәар ала Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет иҭалозҭгьы уи амаҭәар ахырыԥхьаӡалон иҭихьеит ҳәа. Аҵыхәтәантәи ахышықәса убри аҩыза аицәажәара бзиа ҳаман ауниверситети ҳареи арҵаҩ изанааҭ, азиндырҩы, аекономика уҳәа рахь иҭало аолимпиадаҿы аиааира згаз аԥышәарақәа мҭиӡакәа аԥсуа университет иаанахәон. Сынтәагьы убас ирылаҳҳәеит аолимпиада алагамҭаз аиааира зго арҵаҩ изанааҭ ала хәыда-ԥсада ауниверситет аҭалара алшара рымоуп аԥышәарақәа амҭаӡакәа. Амедаль змоу иаасҭагьы азинқәа роуеит. Избанзар амедаль змоу изанааҭ ала иҷыдоу аԥышәара "хәба" ҳәа иҭиир ауп егьырҭ аԥышәарақәа аныдмырҭиуа. Араҟа аолимпиадаҿы аиааира зго арҵаҩ изанааҭ аҿы дҭалозар иара убри азанааҭ иашьашәалоу зынӡагьы аԥышәара аиҭаӡом.  

Абыржәы ааигәа иаҳхысыз амшқәа рзы ихҳаркәшеит Аԥсуа университети аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ҳаилахәны имҩаԥаҳгаз ареспубликатәи ахԥатәи олимпиада. Алҵшәақәагьы макьана ишьақәырӷәӷәаӡам. Аха агәаанагара сымоуп ицәгьам алҵшәақәа аадырԥшит ҳҵаҩцәа ҳәа. 457-ҩык сынтәа олимпиада иалахәын. 

- Аспортакиада есышықәса имҩаԥысуеит 12 спорт хкы рыла. Сынтәа иацлама урҭ рыхкқәа? 

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аколлеџьқәа ркапиталтә ремонтқәа мҩаԥгахоит

— Еиуеиԥшым ашколқәа, аклубқәа рҵаҩцәа иҟарҵаз аҳәарала иацаҳҵеит уаанӡа иаламыз – асамбо. Убас еиԥш агәаанагара ҳамоуп, ԥхьаҟа иалаҳгаларц ҳҭахуп итрадициатәу аспорт ахкқәа. Урҭ иалагалоугьы ыҟоуп аха, ҽаана инаркны ахәыци-аҳәымпали алаҳгалоит. Сынтәа гәаҭарак аҳасабала иалаҳгалоит, азшьа ҟамҵаӡакәа, аха ҽааны инаркны аспорт хкы аҳасабала иҟалоит. 

- Аҵаратә процесс аҿы ҿыцрақәас иалажәгалаз мамзаргьы шәгәы иҭоу?

— Хыхь сзыхцәажәаз аԥышәарақәа заанаҵ рымҩаԥгара адагьы иалаҳгалеит аҵаратә система аиӷьра акырӡа иацхраауаны иаҳбаз аинформациатә технологиақәа, ҷыдала аҵаратә система иазку  мацара. Ҳақәгыларақәа рҿы аинтернет аҵараиурҭақәа зегьы рҟны инаҳгоит ҳәа анаҳҳәоз, ус еиԥш агәаанагара зызцәырҵуаз ҟалон ахәыҷқәа ирықәнамго асаитқәа ирыхәаԥшуа иҟалоит ҳәа. Ҳара иҟаҳҵо аелектронтә библиотека, амедиатека.

Аелектронтә библиотекаҿы иҟалоит аҵаҩы дзыԥхьараны ихәҭоу арҵага шәҟәқәа реиԥш ашкол анҭыҵтәи алитературагьы аелектронтә вариантқәа рыла. Убас, иаҳҳәап, аелектронтә мшынҵа ҳәа еиуеиԥшым ашколқәа рҿы иҟалахьеит. Ари аҭаацәагьы, ашкол анапхгаҩцәагьы алшара рнаҭоит дарбанзаалак аҵаҩы актәи акласс инаркны ашкол далгаанӡа иара иҵара шымҩаԥысуаз абара. Ақьаад рацәа урыламлакәа иаразнак аелектронтә вариантқәа рыла иубо иҟалоит. Аҭаацәа рыҽҭагаланы алшара роуеит рхәыҷқәа аҵара шырҵо абара. 

Аелектронтә библиотека ҳәа сызҿу ирынаҭоит алшара авидео урокқәа, аҵара узырҵо афильмқәа еизакны рхы архәара.

- Ҳашколқәа азыхиоума уи аҩыза асистема ашьақәыргылараз иаҭаху атехника, зехьынџьара иқәгылоума акомпиутерқәа?

— Ҳара "Аҵара 2017" ҳәа иҳадаҳкылаз апрограмма аҿы иазоужьуп ахарџь школцыԥхьаӡа акомпиутерқәа рыла аиқәыршәара. Иахьа аус зуа ашколқәа рӷьырак уи аҩыза алшара рымоуп. Дара рхала ирзаамхәозар, иҳацҳархыраауиет еиуеиԥшым аиҿкаарақәа. Иаҳҳәап, ааигәа аа-школк ирызшан акомпиутерқәа ООН арҿиара ҳәа иҟоу апрограммеи ҳареи иҳабжьоу аицәажәарала. Арограмма дырҩегь иарбоуп иаарласны даҽа 15 школ еиуеиԥшым араионқәа рҟны зҭагылазаашьа цәгьоу ацхыраара рыҭара. Иаанхо дара зхьымӡо ҳара апрограмма "Аҵара 2017" ала еиқәҳаршәартә алшара ҳауеит. 

Ҳаамҭа иашьашәалоу атехнологиақәа ирзааигәаҳтәырц иӡбаны иҳамоуп аинформатика амаҭәар 10-11-тәи аклассқәа ракәымкәа заанаҵы иалаҳгаларц. 

- Аԥышәарақәа рышьҭахь иааиуеит аамҭа ахәылԥазқәа анымҩаԥырго. Есышықәса убри аҭыӡшәа ацуп, избанзар аҭаацәаратә комитет иалоу ирыӡбоит заҟа-заҟа еизыргаша акласс аҿы итәо зегьы. Анык уи лылшоит, даҽа ҭаацәарак уи рылшом. Убри шәара аминистрра аганахьала ишәылшома ақәымчара акәымзаргьы, аҭаацәа рылабжьара убас ҟарымҵарц азы? 

— Шәызҵаара ииашаӡан иқәшәыргылеит. Даара актуалра зҵоу зҵаароуп, ҩ-шықәсеи бжаки раԥхьа аҵареи аҭҵаарадырреи аминистрраҟны қәҵарак аҳасабала адҵа ҟаҵан араионқәа рҵара аҟәшақәа зегьы рыхьӡала ашкол аужьҭра аламҭалаз ианмцхәны абанкетқәа реиҿкаара, ахәылԥазқәа рыҟаҵара ҟалаӡом ҳәа. Уи изгәамԥхазгьы ҟалеит, еиҳараӡак иара аҭаацәа рганахьала. Амала иазгәасҭарц сҭахуп ҩынтә-хынтә убас ахәылԥазқәа ҟаҵо ишыҟаз еиԥш уажәы убри ақәҵара аныҟаҳҵа ашьҭахь ишыҟам. 

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба Sputnik иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Знык ус ақәҵара ҟаҳҵеит ҳәа ҳаанымгылаӡакәа, есышықәсагьы дара аҵара аҟәша аиҳабацәа, ашкол анапхгаҩцәа, аҭаацәа ираҳҳәоит ҳрылабжьоит ахарџь рацәа аҭаацәа идеизырго, ахәылԥазқәа ҟарымҵаларц. Ашкол аҟны дҵак аҳасабала уи аҩыза рзықәдыргылаӡом, аҭаацәа рхеилак иааидтәаланы ирыӡбо усуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0