ГАЛ, мшаԥымза 21 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа аилацәажәараан иҳәеит, дарбанызаалакгьы аӡәгьы амилаҭтә интересқәа раахәара-рыҭира азин шимам. Атәылауҩшәҟәқәеи анхараз азини ауааԥсыра рыҭараан аԥарарҳара аӡәгьы игәы иҭеимкроуп иҳәеит.
Иара иазгәеиҭеит шықәсқәак раԥхьа аҭыԥ змаз аилагарақәа реиԥш зеиԥшу уаҳа иҟамлароуп ҳәа.
"Абри ауаҩ абра дынхоит ҳәа аршаҳаҭга анишәҭо шәазхәыц уаҩҵас, избанзар апрокурор ма ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ дшәызнеир алшоит иахәҭамкәа шәхы мҩаԥыжәгазар", — иҳәеит Кобахьиа ақыҭақәа реиҳабацәеи апаспорттә столқәа русзуҩцәеи рахь ихы нарханы.
Аслан Кобахьиа урҭ ргәы рҽаниҵеит Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнаргылаз ахәԥсақәа ирхыҳәҳәаз ихәҭа дшақәыршәахо. Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәымҳәынҭқаррақәа ртәылауаа анхараз азин мацара шакәхо ирыҭахо.
"Сара исҭахуп зегьы ижәдыруазарц, Қырҭтәыла атәылауаа, даараӡак ирҭахызаргьы, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ҳазрыҭом", — иҳәеит иара.
Қырҭтәыла атәылауаҩ итәылауаҩра мап ацәкны Аԥсны датәылауаҩхарц иҭахызар, уи Аԥсны Ахада иахь арзаҳал неигароуп. Аԥсны Ахада заҵәык иоуп изылшо абри аганахь ала аӡбра адкылара.
"Азакәан инақәыршәаны атәыла Ахада заҵәык иоуп атәылауаҩра рызҭар зылшо", — иҳәеит аминистр.
Аслан Кобахьиа иҳәеит аминистрраҟны агәҭынчымра шрымоу адокументқәа рыҭара аганахь ала.
"Аԥсны инхо, иара ҳатәылауаҩуп ҳәа зхы зшьо, аҳәаанырцәтәи ҳәынҭқаррак иатәылауаҩым ирымоуп азин Аԥсны атәылауаҩразы адокументқәа нарышьҭырц иахәҭоу аҭыԥқәа рахь. Ҳара аҭыԥ аҟны урҭ зегьы ҭаҳҵаауеит", — иҳәеит иара.
Азакәан инақәыршәаны атәылауаҩшәҟәы имазар алшоит 1994-1999 шықәсқәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа инхоз ауаҩԥсы, ҳәа иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Ӡаԥшьба.
"Атәылауаҩ ҳара ҳахь инеигароуп ииразы аршаҳаҭга, афотосахьақәа, абаџь ашәаразы аршаҳаҭга. Абарҭ рышьҭахь ҳара агәаҭаратә усурақәа рымҩаԥгара ҳалагоит", — иҳәеит Ӡаԥшьба.
Атәылауаҩра аиура злымшо ауаҩы иҭахоит анхараз азин. Анхараз азин аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿы ирҭо документуп. Иара азин ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа анхаразы, алаларазы, алҵразы. Анхараз азин ахаҭара шьақәзыргыло документуп.
Анхараз азин иоур ауеит аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ ԥҳәысс/хаҵас ди(лы)мазар, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа шықәсык еиҳа дынхозар, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аамҭала анхара азин имазар. Анхараз ирмариоу азин иоуеит атәым тәылауаҩ, Аԥснытәи АССР Гал араион аҟны ииз, 1999 шықәса жьҭаара 12 инаркны 10 шықәса еиҵамкәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны инхо, иҭаацәара алахәылацәа (лхаҵа, иԥҳәыс), зықәра намӡац ихшара, атәылауаҩра змам Аԥснытәи АССР аҟны ииз, 1999 шықәса жьҭаара 12 инаркны 10 шықәса еиҵамкәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны инхо, атәылауаҩра змам ахаҿи уи иҭаацәара алахәылацәеи (иан, иаб, иԥҳәыс, зықәра намӡац ихшара (лан, лаб, лхаҵа, зықәра намӡац лыхшара).
Дахьынхо аҭыԥ аҟынтәи аршаҳаҭга изҭо ақыҭа ахадацәа роуп.
"Адокумент аҟны иарбазароуп ауаҩԥсы иарбоу араион аҟны анхара даналагаз арыцхә", — иҳәеит иара.
Аслан Кобахьиа ажәалагала ҟаиҵеит асеиԥш иҟоу аршаҳаҭгақәа араионқәа рхадацәа ирырҭаларц, аха Гал араион ахада Ҭемыр Надараиеи Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳаи ирҳәеит, ақыҭақәа рхадацәа дара ирыҵанакуа аҭыԥ аҟны инхо ауаа еиҳа ирдыруеит ҳәа.
Анхараз азин 940 мааҭ иаԥсоуп, атәылауаҩшәҟәы 450 мааҭ.
"Абарҭ рыда аҽа хәыԥсак аҭыԥ амоуроуп", — иҳәеит аминистр.
Ашықәс анҵәамҭазы ареспубликаҟны инхароуп адокументқәа ҩба: атәылауаҩшәҟәи анхараз азини.