Лиутфи Гәымба: ҳабдуцәа ахьаныҵыз адгьыл сшьапы ықәсмыргылаӡац

© Foto / Сырма Ашәԥҳаҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба
ҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл, аԥсуара, аҭоурых, абарҭқәа дырзааҭгылоит ҳаиҿцәажәараҟны Ҭырқәтәыла, Адаԥазар инхо, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа раԥхьара абзиабаҩ, Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ахәҭақәа ҿырҳәала издыруа ҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Ҳаҭыр зқәу Лиутфи, Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз шәеиҳабацәа Аԥсны иабанхоз, ирыԥсҭазаашьаз, излацәажәалоз ахҭысқәа жәдыруама?

— Зегь реиҳа еиҳабу ҳабшьҭраҟны Кьагәа ихьӡын. Иара Аԥснынтә ихҵәаны иааз иоуп. Сабду иаб иакәын иара. Кьагәа ԥшьҩык аҷкәынцәа иман. Зегь иреиҳабыз Ҳасан ихьӡын. Уи еиҵбыз Рашьыҭ ихьӡын, Рашьыҭ еиҵбы сара саб иаб иоуп Қьаазым ихьӡын. Қьаазым иашьеиҵбы Баирам ихьӡын. Раҳәшьа заҵәы дыҟан, Кәына лыхьӡын.

Есаҭ Ахба - Sputnik Аҧсны
Есаҭ Ахба: атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит

Саб Сеифеҭҭин ихьӡын. Сан д-Цәеиԥҳауп, Меҭиа лыхьӡын. Сан лаб Осман ихьӡын. Сан лаб 1961 шықәса рзы дыԥсит. Уи сара ибзианы сихаануп. 42 шықәса ихыҵуан Аԥснынтә дыхҵәаны данаа. Иԥсҭазаара даналҵуаз 130 шықәса ихыҵуан. Ауадаҿы иара дахьтәаз хәыҷык дааҩналаргьы иҽыҩеиҵаԥсаны дҩагылон. Иоура иҭбаара дкахәхәа дыҟан, еилфаҷа иҟаз аӡә иакәын. Ихшыҩ даара ибзианы аус ауан, иажәра зынӡа иныԥшуамызт. 

- Аԥсышәала аҷҷаҳәа шәцәажәоит, абызшәа аҩнаҭаҿы ишәаҳауазар акәхарын?

— 15-20 шықәса зхыҵуз усҟан ҳара иҭаҳмадоуп ҳҳәон, ахҭырԥақәа рхаҵаны саб иацәажәаразы иаауан. Саргьы схәыҷын, ашәхымс аҟны сықәтәаны сырзыӡырҩгәшьон. Аԥсуа аԥхашьара имоуп, аԥсуаа арыцҳеибашьара рылоуп, аԥсуаа агәаӷьра рымоуп, аԥсуаа аицхыраара рымоуп. Аԥсуара ԥшьшьапык аҵоуп. Арҭ еиқәысыԥхьаӡақәаз роуп. Аԥсшәа зҳәо рызегьы заԥсуахаӡом. Сара 73 шықәса схыҵуеит. Ашкол ахь быжьшықәса шухыҵуа уцоит Ҭырқәтәыла. Сара ашкол ахь сцаанӡа зынӡа аҭырқәшәа сыздырӡомызт.

Аҩны санду лыԥсы ҭан, сабду хәышықәса анысхыҵуаз дыԥсит. Сани саби аԥсшәа рҳәон. Аразҟы ҳаман усҟан. Аҵара дуқәа рахь ҳцо ҳаналага, аԥсышәала уцәажәаргьы руӡомызт. Ҳара ҳашьҭахь иҩахьӡаз, уажәы сара сыхшара рызегьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит. Ҩыџьа Ҭырқәтәыла инхоит, ҩыџьа Германиа инхоит.

Аԥсшәа еилыркаауазаргьы, ишырҭаху ала аԥсышәала изцәажәом. Атәым ҳәынҭқаррақәа, ақалақьқәа рахь уанцалак уԥсшәа бжамҽамхоит, мамзаргьы зынӡагьы иухашҭуеит. Уаныхәыҷу ишьҭукааз абызшәа, уи ыӡраны иҟаӡам. Уажәы ара, ԥсыуа ԥҳәызбак дырҳәаразы ицеит анырҳәалак, адунеи сара истәхоит, убас сеигәырӷьоит. Иҳаиуам дҳалазар егьаҳҭахым.

Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: "Ацынҵәарах" санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит

- Шәара жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рацәаны ижәдыруеит, иаҳзеиҭашәҳәарц ишәылшои?

— Шәара шәҟынтә иааз жәабжьк еиҭасҳәап нас. Аӡәы иҷкәын аҵара ду дҭазаарын. Уа аӡәы игәы бзиа дабан дааигеит.  Ачара ҟарҵеит. Ахшара дроуит. Уажә иааигаз лцәа цқьоуп. Аҷкәын ицәа цқьоуп. Ани аби рцәа цқьоуп, ирыхшаз деиқәаҵәаӡах дыҟоуп. Аби аԥеи рыбжьара аԥхәысаагара алацәажәара ԥхашьароуп. Ан лҿы ргәы иҭоу рҳәоит ахшара. Ан дҵаазап, ари змааноузеи? ҳәа. Аҷкәынгьы, анс ауп арс ауп ҳәа ҟыжә-быжәк леиҳәеит ан. Аб дзаанымгылеит. "Сыҷкәын уанаџьалбеит, ҳмаҭа ииз ас дзеиқәаҵәоузеи?" аниҳәа, "сара уи гәырҩас иҟасҵан сыԥҳәыс слазҵааит", иҳәазаап аҷкәын. Ус салҳәеит, "Уара шаҟа угаӡоузеи, аԥҳәыс лцәалтәымкәа даныҟоу лылахь адҵаны акы дахәаԥшыр, аӡәы дихәаԥшыр, илыхшаз уи диеиԥшхоит", ҳәа салҳәеит иҳәеит. Саргьы акагьы сзымҳәеит. "Ааи, ахы сҿашәааит, уара уан уара узы лцәалтәымкәа даныҟаз, ҳгәараҿы ҽадак ықәгылан, уи шысгәаламшәо умбо", иҳәазаап аб. Абас аԥсуаа маанала ацәажәара рдыруеит. 

Аҭыԥҳа џьара данааргалак, аџьмаԥҟара ҳәа еиҭанаиааиуеит. Уажәы аҭаца даазгаз маӡала дааигаргьы, аԥхәызба лҭаацәа рахь уаҩ дрышьҭуеит. Шәара шәыԥҳәызба, ижәла, ихьӡ ҳәаны абри дигеит, ҩызара лзызуагьы шәқыҭа деиуоуп, сара сҿы днаганы ддыртәеит, шәҩыџьарагьы шәеинаалоит. Аҭыԥҳа сара сыҩнаҿы дыҟоуп, са дсыԥҳауп иҳәоит. 

Ажәытә аԥҳәызба данааргалак, аԥҳәызба лқыҭа, луаа лышьҭаланы иаауазаарын дахьыргаз. Диузџьа деиуаны ҭыԥҳак Бычка ақыҭа дааргеит. Бычка еиуаз аӡәы џьмаԥҟара ҳәа дахьааз ииҳәаз ауп са сызлацәажәо уажәы. Аԥҳәызба илышьҭаланы иааит, зегь рыла еинаалеит, лашак рҭаххеит, аха иҟам.

Уа имҩасуаз аԥсыуак, ауаа рацәа аниба, рыцҳарак ыҟоума, гәырӷьарак ыҟоума изымдырӡеит. Иҽы дасын ашҭа данынҭала, "иҟоузеи, абааԥсы?" аниҳәа, иҟаз иарҳәеит. Дариерантә ара ԥҳәызбак дымҵарсны даарган, зегь рыла еинаалеит, лашак рҭаххеит, уи ҳара иҳамам рҳәазаап.  

Елифи Фиген Ашьхаруаԥҳацәа - Sputnik Аҧсны
25 шықәса рышьҭахь Аԥсадгьыл еиҭах абара: аиаҳәшьцәа Ашьхаруаԥҳацәа хынҳәит

Уи азы ҳаиҿыхо ҳгылоуп рҳәазаап. Ҷкәынак дааидҟьан иҳәеит, иара лаша бзиак дақәтәан, сыҷкәын унеины акәадыр ақәхны иааган аанда иадҿаҳәал иҳәазаап, иара иҽы риҭеит. Абасала еинаалан, рус анырба ицеит аԥҳәызба луаа. Урҭ анықәҵ ашьҭахь, аԥҳәызба ҭацас даазгаз, Гьылдызаа рыжәлан.

"Уара Анцәа дузыразхааит, ҳаилургеит, ари уҽы иақәу уҳәар, иаҳшәоит рҳәазаап. Сҽы 30 хьы иаԥсоуп иҳәазаап. Хәхьык шәа шәзы саҟәыҵуеит. Ҩымш-хымш рыла иҟәрышьқәа ааиқәыршәаны изыргеит. Иназгаз арԥызбак иакәзаарын, ари даҽа хәхьык сышәзахыҵуеит иҳәазаап. 20 сышәҭар иазхоуп иҳәан, иаарымихит.

Алаша зтәыз иҩны ахьыҟоу аԥҳәызба луаа уа имиасыр ҟалаӡом, амҩа иаԥуп. Мызкы ашьҭахь еиқәшәеит Диузџьа ҳәа иахьаҿу. "Ани арԥыс уҽы ахә ишәама?", ҳәа иазҵаазаап. Урҭ уаан иҳәазаап, ҩ-ҽык злаасхәаша анахә наган исырҭеит. Шәара уа шәиасны шәцон, шәаниасуаз сҽы аӷәра аахыхны сгәара инықәышәҵар, ауаҩрагьы ҟашәҵон, ахаҵарагьы жәгон. Шәарҭ уи шәзыҟамҵеит. Егьырҭ ахаҵарагьы ргеит, ауаҩрагьы ргеит иҳәеит. 

- Шәара шәыԥсадгьыл ахь шәаахьоума?

— Сара ҳабдуцәа ахьаныҵыз адгьыл сшьапы ықәсмыргылаӡац, снеир сҭахуп, сыԥхыӡ иалоу гәҭыханы исымоуп. Аԥсны иҟоу зегьы ҳауаажәлар Анцәа абзиара рзыҟаиҵааит, ргәы ишаҭаху русқәа мҩасааит. Даара ирацәаны игәхьааҳгоит. Сысалам рзыжәгарц аҳәара ҟасҵоит.

- Иҭабуп, ҳаҭыр зқәу Лиутфи ҳаицәажәаразы! Ҳашәзыԥшуп Аԥсны! 

Ажәабжьқәа зегьы
0