Аҭанур Аҟәысба: Аԥсны аекономика шьҭаҳхроуп, уи иалшо рацәахоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаСҭамԥыл ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аҭанур Аҟәысба
Сҭамԥыл ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аҭанур Аҟәысба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭамԥыл ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аҭанур Аҟәысба иԥсадгьыл ахь игәҭахәыцрақәа ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Сҭампыл, ишыжәдыруа еиԥш қалақь дууп, анеиааира уадаҩуп. Ҭырқәтәыла апсуаа ана-ара инхоит. Аха, уи ԥырхага рнаҭом адернеқь ахь инеиуа аԥсуаа. Араҟа аԥсуаа рмилаҭтә хдырра аиқәырхара иашьҭоуп, еиҿкааны ирымоуп аиҳабацәа еидызкыло акәашаратә ансамбль "Редада", иара убас ахәыҷтәы гәыԥ "Рерашьа" есааира аизҳара амҩа иануп.

"Аԥсны аҭоурыхтә рыцхәқәа зегьы ари ахеилак аҿы иазгәарҭоит, ацәгьа, абзиа зегьы аӡәкны еидгылоит, избанзар ус ҳаԥсуара иҳаднаҵоит", — ҳәа азгәеиҭоит Аҭанур. 

Аԥсны инхо иашьцәеи, ижәлантәқәеи аибабара рыбжьоуп. Уи акрызҵазкуа хҭысны дахәаԥшуеит Аҭанур.

"2006 шықәса рзы сааит сара Аԥсныҟа. Издыруеит сашьцәа, сыжәлантәқәа Аҟәысбақәа шыҟоу. Сара сабду иҟынтә изласаҳахьоу ала, ҳажәлар Ҵабалынтә Аҟәаҟа илбааит, нас Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Сашьцәеи сареи аимадара ҳабжьоуп, ҳаибабоит, уи сара сзы игәахәароуп", — дцәажәон иара. 

Аҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар - Sputnik Аҧсны
Меҳмеҭ Чаалар: аиҳабацәа аҭоурых алацәажәара рацәак бзиа ирбаӡомызт

Аҭоурых ашьҭақәа ирызҿлымҳауп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа. Аха, реиҳабацәа рҟынтә ирдыруа маҷуп, иҟоуп иргәалашәақәогьы ажәабжьқәа.

"Сара сан д-Аӡынԥҳауп. Сабду иаб Басиаҭ ихьӡын, уи иаб Шьашәырхәа ихьӡын. Шьашәырхәа Аԥсны даанхеит, Басиаҭ уахь днеит. Сабдуцәа рҩыџьагьы мышкы заҵәык Аԥсны рымҳәоны исымбаӡеит, исмаҳаӡеит. Сара 17 шықәса раҟара схыҵуан ианыԥсы, шықәсык ҩышықәса рыбжьахеит. Сара Аԥсны ахьӡ саҳауан, аха исыздыруамызт уи ҳәынҭқарраны, насгьы аԥсуаа иаҳтәыланы ишыҟаз. Ҳаиҳабацәа ирҳәон, иалацәажәалон ирбаз аџьабаақәа. Амҳаџьырра мариаӡам, уи зкьысхьоу идыруеит", — аҭоурых дазаааҭгыло ицәажәара инациҵеит.   

Аҿар рыԥсадгьыл ахь агәыбылра дыркра, абызшәа аиқәырхара — ихымԥадатәиу зҵаараны дахәаԥшуеит Аҭанур.

Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо

"Ахатәы бызшәа аиқәырхаразы Ҭырқәтәыла еиҳа Аԥсны ауп ҳара ҳазхәаԥшуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аус ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Ишыжәдыруа еиԥш, Ҭырқәтәыла Аԥсуа федерациа аус ауеит, уи еиднакылоит аԥсуаа ркультуратә центрқәа. Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарраҿы закәанлагьы ицәырҵит атәым бызшәақәа рҵара шыҟало, ахатәы бызшәа зҵарц зҭаху мап ицәыркӡом. Аԥснынтә аҵара дырҵыразы арҵаҩцәа рнеира аус адырулоит, уи аҩызагьы аԥышәа ҳахысхьеит, инарышьҭхьеит, аԥхьаҟагьы иацҵатәуп. Ақыҭақәа рҿы иҟоу аԥсшәа рҵап ҳҳәаргьы, уигьы азхаӡом. Уажәы сара англыз бызшәа здыруеит, исҵеит, даҽаӡәгьы убас даҽа бызшәак иҵеит. Аха, уи ҳара ҳбызшәа акәӡам. Ауаҩы ибызшәа, иара аԥхыӡ злаибо абызшәа ауп. Аԥхыӡгьы уи абызшәала иуҵароуп. Ҳара ҳаныхәыҷқәаз ақыҭаҿы ҳанхон, уи иабзоураны иахьа аԥсышәала ҳцәажәоит. Ҳара ҳнаҩс иҟоуп издыруа, еилызкаауа аха изымцәажәо, мамзаргьы зынӡа иззымдыруа. Ҳара Аԥсны ҳатәуп, ҳаԥсшәа мыӡроуп, еиқәҳархароуп уахьгьы арахьгьы ҳаицхырааны ҳнапқәа еибаҳаркыроуп", — ихәеит Аҭанур. 

Аимадара азҵаара далацәажәауа ҳаиҿцәажәараҟны иазгәеиҭеит:

Маҳинур Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Маҳинур Папаԥҳа: Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ҿырҳәала исҵон

"Ҭырқәтәыла инхо адиаспора, хымԥада, Аԥсныҟа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәыроуп, аха уи ишьҭнахуа азҵаарақәа мариаӡам. Уажәы сара схатәы салацәажәозар, сыуа-сҭынха рнышәынҭрақәа зегьы уа иҟоуп Ҭырқәтәыла. Уигьы ҳаҟәыҵып, ҳаԥсцәа уа иаанҳажьып, рыԥсы ҳазҭаҵом. Аԥсны бзиа иаабоит, ҳаԥхыӡ иалоуп, уи амацара азхаӡом. Ара нхара иааз ауаҩы ихы зланыҟәигаша, иҭаацәа злеибаша аҟәрышь ирҳароуп, аусура имазароуп. Мамзар, знык дыԥхьаҵны данца, дахьнеиуа изаҳауа изгьы ибзиахаӡом. Сара Аԥсны санахәаԥшлак, аекономика шьҭызхуа ҳәа схахьы иааиуа атуризм ауп. Шәнызқьҩыла ауаа ԥсшьара абра иаауа иҟалар, кәтаӷьк-кутаӷьк рфаргьы, даҽаӡәы акәты ахьигӡоит. Акәтаӷь аӡәы иааихәоит, аӡәы иҭиуеит, ус алагьы ԥарак урҳауеит. Ҳазегьы ҳахьыҟазаалак ҳнапы ахьынӡанаӡо ала, Аԥсны аекономика шьҭаҳхроуп. 

ҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба - Sputnik Аҧсны
Лиутфи Гәымба: ҳабдуцәа ахьаныҵыз адгьыл сшьапы ықәсмыргылаӡац

Ҳабдуцәа хҵәарак иақәшәагәышьеит, хатә гәаԥхарала рыԥсадгьыл аанрыжьрымызт. Сара Аԥсны саашт, сџьыба аԥсуа паспорт ҭоуп. Ара адгьыл аасхәар, ҩнык аасхәар, исыхшазгьы рхы арахь идырхап, рхы–ргәы арахь икыдырҵап. Ицап-иаап, рыԥсы ршьап, аԥсадгьыл ҳамоуп рҳәап. Абасала хынҳәышьак ҟаҵатәуп. Аԥхынра атәым дгьыл ахь ԥсшьар ҳазцари, абрахь ҳаар, ҟәрышьқәакгьы алаҳамгалари ҳаԥсадгьыл. Ҳамҩа ишиашоу иаатыр, сааҭк ала абра ҳаауеит. Амшын, ашьха, аӡы, ара зегьы аԥсуа цәа рхами, знык агьама убар умаарц залшома?! Апсны аекономика шьҭаҳхроуп, уи иаӡбо рацәахоит. 

Аԥсны есааира иԥшӡахоит. Ахыбрақәагь еиҭашьақәыргылоуп. Иагу иабзоу ыҟазаргьы мҩакы иануп. Аԥсны ԥхьаҟа ацара иаҿуп, анаҩс иҵегьы еиӷьхап!" — абас иажәа хиркәшеит Аҭанур. 

Ажәабжьқәа зегьы
0