Муса Қапба: Аԥсуа радио ала аԥсышәала раԥхьаӡа акәны исаҳаз ашәа уажәыгь сгәы ихааӡа иҭоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаТырқәтәыла, Қәызлуқ ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Муса Қапба
Тырқәтәыла, Қәызлуқ ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Муса Қапба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тырқәтәыла, Қәызлуқ ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Муса Қапба хҩык ахшара драбуп, ҩыџьа аҭыԥҳацәеи, ԥаки имоуп. Иԥа, Кадыр Қапба дынхоит Аԥсны. Аԥсны инхо аԥсуааи иареи реибабара, насгьы игәҭахәыцрақәеи дырзааҭгылоит ҳаиҿцәажәараҿы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсуаа ҳхәыҷы аахыс ҳаԥсадгьыл иадҳәаланы иҳаҳауаз ажәабжьқәа лакәҵас иаҳзааиуан, цәгьа ҳгәы азыбылуан. Аԥсны азы ҳаиҳабацәа ирҳәалоз ҳаҳарц, иаҳҵарц хҭахны ҳшыҟаз, саншьа Ажьиба Ниҳаҭи, уи иашьа Ажьиба Ҳақи еицны Аԥсныҟа иааит. Аԥсныҟа раԥхьа иааз раҳасаб ала, даара пату рықәырҵеит, ачарақәа рзыруит аҭыԥантәи аԥсуаа. Иԥхьаҵны ианнеи, иаҳзеиҭарҳәаз даара ҳархәыцит, рҳәамҭақәа ҳгәыбылра еиҳагьы иарҿыхеит, хәа азгәеиҭеит Муса.

Сҭамԥыл ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аҭанур Аҟәысба - Sputnik Аҧсны
Аҭанур Аҟәысба: Аԥсны аекономика шьҭаҳхроуп, уи иалшо рацәахоит

Муса Қапба ҳаиҿцәажәараҿы игәалаиршәоит раԥхьаӡа акәны Аԥсуа радио абжьы аниаҳаз, насгьы иаҳаз арбану.

"Исгәалашәоит Баҭым иазааигәаны џьара акрызуан, арадио сшазыӡырҩуаз ашәак саҳаит. Уажәы ашәаны ишәзысҳәоит урҭ ацәаҳәақәагьы: "Сылашара сбылуеит сара, бааи, бааи… сымацара ишԥазури, бааи, бааи!.." Абригь слымҳа иааҭасит, иара уа иагьынҵәеит. Уи аамҭа схашҭраны сыҟоума?! Аԥсуа радио ала аԥсышәала раԥхьаӡа акәны исаҳаз ашәа уажәыгь сгәы ихааӡа иҭоуп, сыбжьы ааҭыганы лассы-лассы ианысҳәогьы ыҟоуп.

Аамҭаказгьы акрыуразы Германиа сцеит. Убасҟан исгәалашәоит, Уасил Царгәыш напхгара зиҭоз аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль Германиа ианнеи, 60-ҩык рҟынӡа акәашацәа ыҟан. Аԥснынтә акәашацәа ааит ҳәа ансаҳа, смашьына снақәтәаны срызцеит, дара ахьыҟаз аҭыԥгьы даара ихаран. Аконцерт анынҵәа ашьҭахь исыԥшааит, ҳаибадырит, ҳгәырӷьаҵәа ҳаицын, ҳаицәажәеит.

Аҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар - Sputnik Аҧсны
Меҳмеҭ Чаалар: аиҳабацәа аҭоурых алацәажәара рацәак бзиа ирбаӡомызт

Аха, аиаша шәасҳәап, ҳахьынӡеибабаз егьҳзымхеит. Асасааирҭаҿы срышьҭаланы сцеит, аха иԥхьаҵхьазаарын. Ҳрышьҭаланы амҩа ҳақәлеит, ҳрыхьӡеит. Уасил Царгәыш автобус данақәҵ, еицыз зегьы акрырҿасҵарц шысҭахыз иасҳәеит. Сгәаҳәарагьы насыгӡеит, сааҭқәак ҳаиҭеицәажәартә аҭагылазаашьа сыман. Абасала, Аԥсны иҟоу сашьцәа рыла иԥхаӡа иҟоу агәалашәарақәа сыцуп", —гәыблыла игәалаиршәон Муса.

Муса занааҭла аиха аус адиулоит. Убри амшала, адунеи атәылақәа рахь акыр дныҟәахьеит. Аха, иԥсадгьыл еиԥш иԥшӡоу џьаргьы имбац.

"Ҭырқәтәыла сқыҭа еиҳа иԥшӡоу ак сымбацызт, акы ыҟоуп ҳәа сагьыҟамызт. Аха, Аԥсны санаа избаз саршанхеит, шьапыла мацара сеимдеит, сылаӷырӡқәа хыхәхәала иаауан сахьынаԥшааԥшуаз. 

Аԥсны иахҭнагаз аибашьра анаҩс, изну амҩа уаргәырӷьартә иҟоуп. Адунеи иахьабалак ауадаҩрақәа ахьыҟам ыҟаӡам, аха хшыҩла ҵарадыррала азнеишьа аныҟала, зегьы бзиахоит. Аибашьра иаиааиз, хшыҩла аҳәынҭқарра аргыларагьы илшоит. Ус анакәымха, аԥсыӡ еиԥш инаумпыҵҵәраа ицоит. Аԥсны иӷәӷәаӡах ашьапы иқәгылоуп, аԥхьаҟагьы нагӡара аманы иҟалап ҳәа сгәыӷуеит", — ихәыцрақәа ҳацеиҩишон Муса Қапба. 

"Ҳара ҳабдуцәа Аԥсынынтә ихҵәаны ишиашаз иахьааз Ҭырқәтәыла, Қәызлық ауп. Ҳара иаҳзааигәоу х-қыҭак раҟара ыҟоуп, уа инхо асаӡ диалект ала ицәажәоит, сара сызлацәажәогьы уи абызшәалоуп. Сыжәла Қапбоуп, аха асаӡ диалект ауп схы иаҳархәо", — иҳәеит Муса, аԥсышәала аҷҷаҳәа дҳацәажәо. 

Аимадара азҵаара дазааҭгылауа, Муса Қапба иҳәоит:

Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо

"Ҭырқәтәылантә аара иацу ауадаҩрақәа ыҟамкәа, ишԥаҟам. Ҳаит, ҳәа ҳҩагыланы ҳзааӡом, иаҳхьыԥшу ыҟоуп, зегь аакажьны аара егьымариам. Сара сԥеиҵбы Аԥсны дыҟоуп, аус иуеит, сымаҳәцәагьы ара иҟоуп, аус руеит. Уи даара сеигәырӷьоит. Аҳәынҭқарра ҿыц аиҭашьақәыргылара амҩа иануп, излалшо ала адиаспора рызҵаара иахаҵгылоит. Доусы ихы дақәгәыӷроуп, иҭаацәа ныҟәигароуп", — уи ауп аԥсҭазаарагьы захьӡу. 

Аԥсуаа иҳамоу акультура ихнамхыц дарбан, уи егьырҭ ажәларқәа ҳрыламҩашьо ҳҟанаҵоит, ҳәа азгәеиҭеит Муса.

"Ҳабдуцәа ирҿаҳҵааз аԥсуара хаҭәааӡам, дара ишныҟәыргоз еиԥш ҳара егьҳалшом. Аԥсуа кәашара-аӷәы иасны икәашақәо среиуоуп сара, даара бзиа избоит. Ҭырқәтәылантәи иааз ара икәашо ианырба аҭыԥантәи аԥсуаа иџьаршьеит, ҳабдуәа ажәытәтәи рыкәашара ауп рҳәеит. Аԥсуаа бзиа ҳаибабалароуп, пату еиқәаҳҵалароуп, уала-ҭахыла акәымкәа иаԥсуаны зхы зыԥхьаӡо зегьы ҳаидгылароуп. Уи Анцәагьы игәаԥхоит. Ауаа ирԥырхаго ҟазҵо аӡәгьы дегьиҭахым. Аԥсуа иҽоуимышьҭыроуп, ишиҳақу ала дынхароуп, агәнаҳа ҟаимҵароуп. Аҩы ыжәны амашьынақәа ирықәымтәалааит, усҟан ажәлар аԥырхага ӷәӷәа роуеит, убри гәҭыхас исымоуп. Аԥсуа чарақәа рацәахааит, аҿиара ҟалааит, абзиарақәа ҳԥеиԥшзааит. Аԥсуаа ираԥхныҩло жәларак ыҟам, уи ҳара ҳгәы шьҭнахуеит", — иҳәеит Муса.

Ажәабжьқәа зегьы
0