Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа раан Урыстәыла ииааира ишамыцхраауаз азы

© AFP 2023 / Brendan SmialowskiПрезидент США Дональд Трамп
Президент США Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ (США) Аконгресси ФБР-и аусҭҵаарақәа мҩаԥыргоит америкатәи алхрақәа раан Урыстәыла уи иалахәызу иаламхәызу аилкаарази Дональд Трампи Урыстәылеи еимадоу еимадами ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Дональд Трамп изныкымкәа аҳәамҭа ҟаиҵахьеит 2016 шықәса рзы имҩаԥысуаз алхрақәа раан Урыстәыла сара ацхыраара снамҭеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иҟаз аинтерес шәымазар, ишәасҳәоит – Урыстәыла сара акала исмыцхрааит. Адемократцәа раҵахара ҽыԥныҳәак азырыԥшаар акәын. Урҭ "Урыстәылоуп зегь зхароу" рҳәеит. Аха уи узхыччаша быжәроуп",  - иҳәеит Трамп, Алабама данықәгылоз.

ЕАШ (США) Аконгресси ФБР-и аусҭҵаарақәа мҩаԥыргоит америкатәи алхрақәа раан Урыстәыла уи иалахәызу иаламхәызу аилкаарази  Дональд Трампи Урыстәылеи еимадоу еимадами ҳәа. Уи мап ацәыркуеит Аҩны шкәакәаҿи Кремль аҟни.

Урыстәыла изныкымкәа абри аҳәамҭа ҿаԥырҽхьеит. Урыстәыла Ахада  ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков уи ҵаҵӷәыдоуп ҳәа азиҳәахьеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0