Илахҿыху ахҭыс: аԥсуа театр апремиера "Ацгәи ахьчеи" аҽазыҟаҵара

Анапаҵаҩра
Абҵара 14 рзы Аԥсуа адраматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит апремиератә спектакль "Ацгәи ахьчеи"

Аԥсуа адраматә театр аҟны актиорцәа мызкы аахыс аспектакль ҿыц аҽазыҟаҵара иаҿуп. Арежиссиор, Алхас Шамба, иажәақәа рыла, ҿыц иқәыргылахо аспектакль ахәыҷқәа  ирызкуп. 

"Ақәыргыламҭа, лакәуп.  Ахәыԥшцәа хәыҷқәа маҷк игәыгәҭыжьны иҳамазар ҟалап. Дара рзы макьана ҩба-хԥа спектакль роуп иҳамоу. "Ацгәи ахьчеи" ахәыҷқәа иргәаԥхап ҳәа сгәыӷуеит", — иҳәоит Алхас Шамба.

"Ацгәи ахьчеи" ахәаԥшцәа ирбар рылшоит абҵара 14 рзы. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа сценаҟны иара ықәыргылан 2002 шықәса рзы.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>


Ажәабжьқәа зегьы
0