Аԥсны XIX-XX ашәышықәсақәа рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа иалахәхоит

© Sputnik Сария Кварацхелия Итоги шестого Санкт-Петербургского международного культурного форума обсудили президент и представители министерства культуры
Итоги шестого Санкт-Петербургского международного культурного форума обсудили президент и представители министерства культуры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиеи аҩаша, абҵара 21 рзы ирылацәажәеит Петербург имҩаԥысуаз VI акультуратә форум аихшьаалақәа.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҩаша, абҵара 21 рзы, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиеи Петербург имҩаԥысуаз VI акультуратә форум аихшьаалақәа ианрылацәажәоз Ельвира Арсалиаԥҳа атәыла Ахада изеиҭалҳәеит XIX-XX ашәышықәсақәа рсахьаҭыхыҩцәа хатәрақәа русумҭақәа еиҭаҵуа рцәыргақәҵахь ахалархәразы Аԥсны ааԥхьара шаҭаз. 

Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа: иааиуа ашықәс акультуратә хҭысқәа рыла ибеиахоит

"Урҭ аколлекциақәа Урыстәыла амузеиқәа рҟны иҵәахуп. Аидеиа амҩаԥгаразы аусутә рацәаны ҳаԥхьа ишьҭоуп. Аиҳаракгьы ашәарҭадара аганахь ала. XIX-XX ашәышықәсақәа рсахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа дырбара аинтерес ду ҳзаҵоуп", — лҳәеит аминистр.

VI Петербургтәи акультуратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы аҵаҩын Катар, Италиа, Аԥсны, Урыстәыла акультураз рминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәышаҳаҭра.

Аԥснытәи аделегациа афорум аҟны ишьҭнахит аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхара азҵаара.

"Афорум иалахәын жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа маҷымкәа. Ҳара иҳаман алшара ИуНЕСКО уаанӡатәи ахада Ирина Бокова лыҿцәажәараз. Ҳаицәажәараан ҳазааҭгылеит Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азҵаара. Иазгәаҳҭеит СССР аҵакыра иахьаҵанакуа, Аԥсны абрахь иналаҵаны бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа ирыхҟьаны абри азҵаара аӡбра аҵакы дуны ишамоу. Хаҭала ҳара иаҳҳәеит акультуратә ҭынха артефактқәа закәаншьаҭада атәыла ишалгаз", — ҳәа еиҭеиҳәеит Баҭал Кобахьиа.

Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи афорум иалахәхоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи афорум иалахәхоит

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Акультура аминистрра анапхгареи Ермитаж анапхгареи реиԥылара. Уаҟа иалацәажәан Аԥснытәи археологцәа ирыԥшааз Византиатәи аимпериа аамҭа иаҵанакуа артефактқәа Ермитаж аҟны рцәыргақәҵара.

Рауль Ҳаџьымба гәахәарыла иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аԥеиԥш бзиақәа шаҳзаанартуа.

"Ишьақәшәыргыло аимадарақәа акыр хра рымоуп. Акультуратә еимадарақәа рҵакы дууп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵалароуп акультуратә ҭынхақәа рыхьчаразы", — иҳәеит иара.

VI жәларбжьаратәи акультуратә форум мҩаԥысит Петербург, абҵара 16-18 рзы.

Аԥсны хышақәсоуп афорум аҽаланархәуеижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0