Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>
Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәылеи Иорданиеи раҭаара далацәажәеит аилак аиҳабы Беслан Дбар.
"Ҳдиаспореи ҳареи лассы-лассы ҳаибабара даара ихадоуп. Хаԥхьаҟа амҩақәа рылхразы, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы даара ихадоуп аиԥыларақәа. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәы иахьынхозаалакгьы Аԥсны иазҵаауеит, иазҿлымҳауп рыԥсадгьыл аҟны имҩаԥысуа зегьы. Аԥсны иазкны аинформациа маҷуп ирымоу. Аԥсны азакәанқәа, аҳәынҭқарра иамоу амчра, аиҳабыра, иарбан институтқәоу иаԥҵоу, уҳәа иазҵаауан. Урацәажәалароуп, урԥылароуп. Араҟа иаҭахыуп аидеологиатә политика. Макьана иҟоу аинформациа азхаӡом. Иаҳзымҳәо ҳәа акгьы ыҟаӡам, ҳабжьы наӡаратә аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп. Ҳабжьы раҳароуп ҳдиаспора", – иҳәеит Беслан Дбар.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы игәаанагарала, иахьа иҟоу аинформациатә ресурсқәа азхаӡом, рырӷәӷәара аҭахыуп, ҳәа иԥхьаӡоит.