Афонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" хацыркхеит

© Sputnik Анжелика БенияАкция КБФ "Ашана". Стань Дедом Морозом.
Акция КБФ Ашана. Стань Дедом Морозом. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" рҽаладырхәыр ҟалоит Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо зегьы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ихацыркхеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа: "Аҵаа Бабадус уҟала". Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Акциа хықәкны иамоуп Афонд хылаԥшра знаҭо, Аҵаа Бабаду "асаламшәҟәы" изырҩыртә аҭагылазаашьа рыҭара. Дара ҳара иаҳзаарҭиуеит авидеозыҳәақәа, асалам шәҟәқәа. Урҭ рҟны иазгәарҭоит Ашықәс ҿыц азы ҳамҭас ироурц ргәы ззыҳәо. Ҳара урҭ Instagram. Facebook рҟынтәи ҳдаҟьақәа рҟны ицәыраагоит. Уи збаз, изҭаххаз, Аҵаа Бабаду иҳасабала ахәыҷқәа ргәазыҳәара неигӡар илшоит", — лҳәеит лара.

Есҽны Instagram-и Facebook-р рҟны Афонд ҩба-ҩба саламшәҟәы цәырнагоит.

"Изҭаху дарбанызаалык илшоит асоциалтә цҳақәа рыла мамзаргьы аҭел иаҳзасны иҳарҳәар ҷыдала хәыҷык изы Аҵаа бабаду ихьӡала иқәгыларц шырҭаху. Ҳара уи зегьы ҭааҩуеит. Аҳамҭагьы ҳазыԥшуеит. Аҳамҭақәа ҳофис ахь ауп еиҳарак иахьнарго. Ҳара уи аҳамҭа изтәу изаагоит, мамзаргьы иаазгаз усеиԥш алшара иаҳҭоит. Иазгәасҭоит Қьырса ныҳәеи Ашықәс ҿыци рыламҭалаз ауаа еиҳа агәыразра шаадырԥшуа, ихәарҭоу акы аҟаҵараз агәаԥхара шроуа", — лҳәеит афонд адиректор.

Ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа еиуеиԥшым.

Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа: агәыҳалалратә фонд "Ашана" ҳажәлар ахаҵгылара арҭоит

"Аҷкәынцәа аиҳарак ирҭаху ампылқәа роуп, аӡӷабцәа — ацәамаҭәа ԥшӡа. Иҟоуп аласба, мамзаргьы апарпар, заурц зҭаху" ҳәа еиҭалҳәоит лара.

2017 шықәса рзы "Ашана" акциа аҳәаақәа арҭбааит. Уажәы иара рхы аладырхәыр алшоит фышықәса рыҩныҵҟа Афонд хылаԥшра знаҭоз зегьы.

"Сынтәа "Ашана" акциа аҳәаақәа арҭбааит. Уажәы иара рхы аладырхәыр алшоит фышықәса рыҩныҵҟа Афонд хылаԥшра знаҭоз зегьы. 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа зегьы ашәҟәқәа ҳзаарышьҭыр ауеит. Урҭ макьаназы аџьашьахәқәа рыгәра ргоит", — лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Ихацыркхеит хәышықәса раахыс Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" имҩаԥнаго акциа: "Аҵаа Бабадус уҟала".

Акциа хацыркхеит абҵара 28 рзы, ихыркәшахоит ԥхынҷкәын 25 рзы.

Ԥхынҷкәын 25 рышьҭахь Афонд аусзуҩцәа Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рымаҭәа рышәҵаны аҳамҭақәа ирзыԥшу рахь инеиуеит.

Афонд адиректор ишылҳәаз ала ауаа акциа активла рхы аладырхәуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0