Шьамтәылатәи аоппозициа аиҿцәажәара мап ацәнакуеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәҩык инарзынаԥшуа шьамтәылатәи аоппозициа ахаҭарнакцәа Шәачантәи Анкараҟа иԥрит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 — Sputnik. Шьамтәыла амилаҭтә диалог аконгресс аилатәара аанрыжьит аоппозициа ахаҭарнакцәа, аиҿцәажәара мап ацәкны. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Аделегациа алахәылацәа рхыԥхьаӡара шәҩык рҟынӡа инаӡон. Иара иалахәын: Шьамтәыла "аамҭалатәи аиҳабыра" уаанӡатәи рхада Ахмад Тоаме, аоппозициа рхаҭарнак Иасир Абдуррахим, зых иақәиҭу шьамтәылатәи ар рыштаб аиҳабы Ахмад Берри уҳәа егьырҭгьы.

Встреча С. Лаврова с С. де Мистурой и С. Шойгу - Sputnik Аҧсны
Де Мистура Шәачатәи аконгресс иҽалаирхәуеит

Аделегациа Шәачаҟа иааит ашәахьа ахәылбыҽха, аха аҳаиртә баӷәаза ааныжьра мап ацәыркит, адҵа ҿыцқәа ықәдыргылеит аконгресс ралахәра аганахь ала.

Авиаеилахәыра Turkish Airlines аҳаирплан TK-3443 Анкараҟа Шәачантәи аԥырра мҩаԥысраны иҟан 08.30 сааҭ рзы, нас иара еиҭакын 13.00 сааҭ рзы иԥыруеит ҳәа, аҽазныктәи аамҭа ԥсахын 14.00 сааҭ рахь. Аҵыхәтәаны иара шьҭыԥрааит асааҭ 14.35 рзы.

 Аделегациа аҳәамҭа ҟарҵеит Аконгресс изалахәымхо Шьамтәыла абираҟ ауснагӡатә аемблемаҿ иахьарбази уаанӡатәи рыҳәарақәа ахьынагӡамзи рзоуп ҳәа.

Шьамтәыла амилаҭтә диалог аконгресс Шәача иаадыртит аҩашаҽны. Иара иалахәын 1500-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым аетногәыԥқәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0