Атәыла Ахада аиҿцәажәара мҩаԥигеит

© Фото : presidentofabkhazia26 февраля Президент Республики Абхазии Рауль Хаджимба провел совещание с руководителями силовых ведомств
26 февраля Президент Республики Абхазии Рауль Хаджимба провел совещание с руководителями силовых ведомств - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада имҩаԥигаз аиҿцәажәараҿы ирылацәажәан Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла иргылаз аобиектқәа рганахь ала аӡбрақәа рынагӡашьа азҵаарақәа.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Аԥсны Апрокурор хада атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов ишьразы ашьаусҭҵаара амҩаԥысшьа, Алашарбага аҳаблаҿы  изқәылаз ахаҵеи аԥҳәыси иара убасгьы Алада Ешыра зцәа ԥырҽыз зықәра намӡацыз аӡӷаб рганахь ала аусқәа рымҩаԥысшьа атәы. 

Уи адагьы атәыла Ахада имҩаԥигаз аиҿцәажәараҿы ирылацәажәан Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла иргылаз аобиектқәа рганахь ала аӡбрақәа рынагӡашьа азҵаарақәагьы.Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны Ахада ипресс- маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

Снос незаконной постройки в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы иқәыргоит закәаншьаҭада иргылоу ахыбрақәа

Иара убасгьы Апрокурор хада далацәажәеит Павел Арӡынба ишьра, Ҭырқәтәыла атәылауаҩ иӷьычра. Атәыла Ахада адҵа ҟаиҵеит ашьаусҭҵаарақәа рганахь ала иҟоу алҵшәақәа рзы адыррақәа ирҭаларц.

"Гагра араион аӡбарҭа аӡбрала Хәытаба Даур иргылаз аргыламҭа иашам ҳәа иԥхьаӡан. Хәытаба Даур Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум ахь дашшит. Ашшыԥхьыӡ ианахәаԥш ашьҭахь уи ақәшаҳаҭхара мап ацәкын", — лҳәеит Аҩӡыԥҳа.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ иазгәалҭеит атәыла Ахада Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә хеилак уҳәа амчратә структурақәа иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргаларц.

Иара убасгьы адҵа ҟаиҵеит Апрокуратура хадеи Аӡбарҭа аӡбамҭа анагӡаҩцәа рмаҵзуреи акредиттә уалқәа рырхынҳәразы аицусурақәа мҩаԥыргаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0