Ҭамара Жәанԥҳа: ҳхәыҷра лахьеиқәҵарала имҩасит

© Фото : из личного архива семьи ЗванбаАрымарахь итәоу - Ӡаӡу Ҳаҳәыбиа
Арымарахь итәоу - Ӡаӡу Ҳаҳәыбиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
37-тәи ашықәсқәа раан, Сталини Бериеи рполитика иахҟьаны, харада ахара зыдҵаны идырӡыз аԥсуаа рхыԥхьаӡара рацәан. Гагра ақалақь инхо, 84 шықәса зхыҵуа Ҭамара Баџьга-иԥҳа Жәанԥҳа еиҭалҳәеит, хаҭала арҭ ашықәс еиқәаҵәақәа рҭаацәара ирзаанагаз арыцҳара атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Еицырдыруа ҩымҭак аҟны, абас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа ҳԥылоит "Еиҳа ицәгьоу арбану – хәыҷрада имҩасуа ахәыҷра акәу, мамзаргьы жәрацәгьала имҩасуа ажәра акәу" — ҳәа. Ари азҵаара аҭак аҟаҵара уадаҩуп. Избанзар ахәыҷқәеи абыргцәеи ргәы ԥшқоуп, дара агәырҩа ианиар, наӡаӡа ргәаҵа ашәахсҭа ннаҵоит. Аиҳәшьцәа Ҭамареи Екатеринеи Жәанԥҳацәа зынӡа ихәыҷқәан раб Баџьга Гыџь-иԥа НКВД аусзуҩцәа дҭаркырц изышәарацо ианалага.

© Фото : из личного архива семьи ЗванбаБаџьга Ажәанба
Баџьга Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Баџьга Ажәанба

37-тәи ашықәсқәа раан, Баџьга иашьа гәакьа Ҳапыгәи рымаҳә Миха Хасаиеи аҭакра рықәырҵеит. Қарҭ абахҭа иахьҭакыз, абаандаҩцәа амгәа чымазара анрыхь, рызегьы ашьра рықәырҵоит.

Баџьга уаҳа ҭыԥ анирымҭа, иҟаиҵагәышьозеи, иҽӡаны, абна дылалеит. Иԥшәма ԥҳәыс Ӡаӡу Алмасхан-иԥҳа Ҳаҳәыбиаԥҳа лыԥҳацәа хәыҷқәеи лареи еизынхеит.

"Ҳан акырынтә НКВД аусзуҩцәа лҿахәы лҿырхырц ддәылганы дыргахьан. Мчыбжьыла аҩныҟа даарышьҭуамызт, лыԥшәма ицәгьа шԥалымҳәари ҳәа ддыргәаҟуан. Саҳәшьеи сареи агәылацәа ҳрыцҳашьаны ҳафатә-ҳажәтә рыманы иаауан, иаҳхылаԥшуан ҳан даанӡа", — лхәыҷра хьанҭа атәы еиҭалҳәоит Ҭамара Жәанԥҳа.

Баџьга аамҭала Очамчыра ақалақь инхара-инҵыра уаҩы деилаҳаратәы иҟан, уи ауп дызхдырҟьоз ацәгьахәыццәагьы.

Ӡаӡу Ҳаҳәыбиаԥҳа лаԥшәма данбнала, лхала ахәыҷқәа ршьапы иқәлыргылеит. Лара днапҟазан, акәымжәы, акаба, аԥсуа еиқәа бзианы илӡахуан. Убри иаҭнылхоз ала ахәыҷқәа ныҟәылгон.

© Фото : из личного архива семьи ЗванбаБаџьгеи иаҳшьа Бабилеи Жәанаа
Баџьгеи иаҳшьа Бабилеи Жәанаа - Sputnik Аҧсны
Баџьгеи иаҳшьа Бабилеи Жәанаа

"Ҳхәыҷра шықәсқәа раан, акырӡа иҳацхраауан ҳан лаҳәшьцәа. Ашәҟәыҩҩы Қьаазым Агәмаа ҳамаҳә иакәын. Абарҭ рыцҳауп, раб илаԥш рхымкәа ирызҳауеит ҳәа есқьынагьы, ахныҟәгараҿы ацхыраара ҳзааирԥшуан", — илгәалалыршәоит Ҭамара Баџьга-иԥҳа.

Арепрессиатә шықәсқәа ирылаӡеит Ҭамара Баџьга-иԥҳа ланшьа гәакьа Таташь Ҳаҳәыбиеи, лабду иашьа Леуеи уи иԥеи.

Баџьга Ажәанба НКВД аусзуҩцәа 10 шықәса ишьҭан. Иԥҳа излалгәалашәо ала, Кындыӷ абнара дылан. Уахынла зыгәра игоз иуацәеи, иҩызцәеи рҟны дыԥхьон, ашьыжь шаанӡа абнара иҽаиҭон.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ауп, ҳаб аҩныҟа даныхынҳә. Хымԥада иара абна дахьынӡылаз иԥшра аҽеиҭанакит, иқәра иаҵанамккәа дажәит. НКВД ишьҭашәарацара ианаҟәыҵ, Тамшьҟа нхара ҳаиасит. Ԥшьала ҳабзазара ашьақәыргылара ҳалагеит", — еиҭалҳәоит – 10 шықәса заб иизыԥшыз аԥҳа.

Ҳақы Заде иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

Ҭамареи Екатеринеи ран Ӡаӡу 50 шықәса шылхыҵуаз лыԥсҭазаара далҵит.

"Ҳан агәырҩа дафахьан. Ҿымҭӡакәа зегьы шгәнылгоз ачымазара бааԥсы лырҳаит. Лара лыԥсҭазаара даналҵоз саҳәшьа аҭаацәара далалахьан. Убас саби сареи ҳнеидашшыло ҳаизынхеит" — рҭаацәаратә хьаа атәы еиҭалҳәоит Ҭамара Жәанԥҳа.

Баџьга иԥшәмаԥҳәыс лаасҭа ақәра ниҵеит. 80 шықәса дшырҭагылаз адунеи иԥсахит. Ҭамара лхатә ԥсҭазаара лыцеиҩишеит Михаил Цәеиба (Цыба), дара еицырааӡеит ҩыџьа аԥҳацәа Ноннеи Лиусеи. Аха Ҭамара Баџьга-иԥҳа даныхәыҷыз илхылгаз арыцҳара аасҭа еиҳа ихьанҭаз ахьаа лаԥхьаҟа илзыҵәахын. Изаамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит хҩык лмоҭацәа.

Абас, Сталини Бериеи идырҿиаз ахлымӡаах иахәлабгеит ҳауаажәлар рразҟы. Ҭамара Жәанԥҳа даныхәыҷыз инаркны илхаԥаз аԥҭа еиқәаҵәа, абыргра данҭагылагьы, ҩаԥҳьа илаӷырӡны ақәаршыҩ ланашьҭит.

Ҭамара лыԥсҭазаара иаҿурԥшозаргьы, еиҭах аҭак узыҟаҵом "Еиҳа ицәгьоу арбану – ҳәыҷрада имҩасуа ахәыҷра акәу, мамзаргьы жәрацәгьала имҩасуа ажәра акәу" — ҳәа азҵаара.

Ус егьа иҟазаргьы, Ҭамара Баџьга-иԥҳа Жәанԥҳа лгәы иану ахәра ҵаула, ахәша ахьыршьоит, иахьа адауаԥшьқәа реиԥш илывагылоу лмоҭацәеи, лышьмоҭацәеи. Абырг аԥааимбар диҩызоуп рҳәоит. Шықәсырацәала иҳагымзааит ҳаибаркны ҳазмоу ҳаиҳабацәа.

© Фото : из личного архива семьи ЗванбаБаџьга Ажәанба
Баџьга Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Баџьга Ажәанба
Ажәабжьқәа зегьы
0