"Ашьклаԥшыҩцәа": быжьбызшәак здыруа аиҳәшьцәа рҭоурых

© Sputnik / Саида ЖибаАнна и Арда Инапха
Анна и Арда Инапха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Доусы ҳаԥсҭазаара иалагӡаны, ҳхатәы бызшәа инаваргыланы, акы-ҩба тәым бызшәа гәнаҳкылоит, ҳалацәажәоит. Аха инеиҳаны изҵо дмаҷҩуп. Ԥсабарала ирылаз аҟыбаҩ ҷыда иабзоураны, Бзыԥҭа аҳаблан ииз иааӡаз, иахьа ақәра ду иҭагылоу Аннеи Ардеи Инаԥҳацәа иаҳзеиҭарҳәеит аҵара шрымамызгьы, быжьбызшәак ишрыԥшәымахаз.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Анна Смел-иԥҳа Инаԥҳа ҩ-класск дрылгеит, аха уеизгьы, 39 шықәса аус луит аихамҩатә хәҳаахәҭраҟны. Лаҳәшьеиҵбы Арда аакласск дрылгеит, еиуеиԥшым амаҵураҭыԥқәа аанылкылахьан. Аннеи Ардеи рҭаацәараҟны жәҩык ахшара ыҟан. Дара зегьы аҟазара рылан, ишәаҳәон, икәашон. Уи моу, абызшәақәагьы ирызҿлымҳан. Рхатәы бызшәеи, аурысшәеи ирываргыланы, агәылацәа ирҿырҵааит ақырҭшәа, агыршәа, аерман бызшәа.

Ахәыҷқәа раб Смел аҭырқәшәа идыруан. Иара убри абызшәа иабзоураны иԥсҭазаарагьы еиқәирхахьан.

"Ҳара ҳшыхәыҷқәаз, ҳан Надиа Кокосқьериаԥҳа лыԥсҭазаара далҵит. Аамҭакы ашьҭахь, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа алагеит. Ҳаб афронт ахь дцеит. Баҭым дшыҟаз ӷәӷәала дырхәит. Иԥсҭазаара далҵыз џьшьа, аԥсцәа дрыларҵахьан. Аамҭакы ашьҭахь, иԥсы анааи ҭырқәшәала "шәсыцхраа" ҳәа аӷызра далагеит. Ишдыру еиԥш, аҭырқәшәеи азербаиџьан бызшәеи акырӡа еиԥшуп. Ибжьы заҳаз, агоспиталь аҟны хылаԥшҩыс аус зуаз аҭыԥҳа Ниса Алиева деиқәлырхеит. Уи нахыс дара еиразҟхоит. Ҳаргьы ҳан дыԥсхьан аҟнытә, гәаартыла дҳадаҳкылеит. Лара лҟнытә аиашьагьы дҳауит. Ҳанԥса ахәыҷы аҭырқәшәеи азербаиџьан бызшәеи рыла диацәажәон аҟнытә, ҳаргьы иаҳҵеит" — еиҭалҳәоит Анна Смел-иԥҳа.

Арымарахь итәоу - Ӡаӡу Ҳаҳәыбиа - Sputnik Аҧсны
Ҭамара Жәанԥҳа: ҳхәыҷра лахьеиқәҵарала имҩасит

Абас, аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа ирылҵшәахеит, аҭаацәараҟны еиуеиԥшым абызшәақәа рцәырҵра.

Аха быжьбызшәак аӡыхь еиԥш иалацәажәоз Аннеи Ардеи заҵәык ракәын.

"Зны Гәдоуҭантәи Бзыԥҭаҟа автобусла ҳаауан. Иҭәыз атранспорт, ушьапы ахьургылоз аҭыԥ амамызт. Аха зегь акоуп, ицәҳауа-ишҳауа ҩыџьа ақырҭуа ҳәсацәа мчыла иақәтәеит. Иаразнакгьы, ҷкәына қәыԥшк дахьтәаз инхьаԥшит, аҭыԥ шԥаҳаимҭари ҳәа. Иара даԥсыуазаарын. Хымԥада аҳәса шԥеимыртәоз, аха дара агылаха ирҭозма, рхатәы бызшәала аума иқәырҳәацәо иалагеит. Саҳәшьеи сареи ианаҳзымчҳа, қырҭшәала ҳрықәымчит. Уи заҳаз уамашәа ибаны, рыблақәа ҭырхаха иҳахәаԥшит, ҳақырҭцәаны, аԥсуа ҷкәын ҳидгылаз џьшьа. Ус ажәақәа шеимаҳкуаз, автобус иақәтәаз аерман ҳәсацәа рхатәы бызшәала иакәым ҳзырҳәо иалагеит. "Шәыбыз шәҿы иҭашәк, ҳара ҳус аилыргара шәара ишәуалым", — ҳәа рбызшәала аҭак раҳҭеит. Рҿы еихыхны иахьынӡаҳахәаԥшуаз, ҳара аԥсышәала ҳааицәажәеит. Апассаџьырцәа зегьы амилаҭ еилаԥса ракәын. Амҩа ҳахьынӡықәыз, аурысшәагьы, агыршәагьы цәыраагеит. Ус Бзыԥҭа ҳаиаанӡа, зегьы рыблақәа ҵырхәны иҳахәаԥшуан. "Шәара шәышпионцәоума", — ҳәа иҳазҵаақәазгьы ҟалеит" — агәалеи, алафи зцыз ахҭыс далацәажәоит Анна Инаԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡагьы, аиҳәшьцәа изныкымкәа, аԥсуаа рзы избалак зҳәоз ақырҭцәеи агырцәеи рҭыԥ ддырбахьан.

"Гагра аанҿасырҭак аҟны сышгылаз, қырҭуа ԥҳәыск лхатәы бызшәала даасацәажәеит, лара слыцкару џьшьа. "Абарҭ аԥсуаа ачичиацәа, ирусхузеи ҳаԥсадгьыл аҟны", — ҳәа. "Аԥсуа ишьамдгьыл аҿы дыҟоуп, бара боуп ара исасу, ибгәамԥхозар, бца бҭоурыхтә дгьыл ахь", — ҳәа ласҳәеит. Сақырҭуаны, аԥсуаа срыдгылозшәа агәра лсыргеит цасҳәа", — илгәалалыршәоит Арда Смел-иԥҳа.

Абас, Аннеи Ардеи аԥсуаа рзы егьараан ацәгьара зҳәоз, ражәа ҿахырҵәон.

Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Ашьоуракәын хықәкыс имаз

Аиҳәшьцәа Инаԥҳацәа Бзыԥҭа аҳаблан иахьынхо, ргәылара аерманцәа рацәоуп. Иахьа ианааидтәало, рхатәы бызшәала маӡак рҳәар рҭахызаргьы – Аннеи Ардеи ахьыҟоу, атәым милаҭ ҿаҳахоит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭаҟны, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны иҳацхраауаз аибашьцәа, рыфатә-рыжәтә зырмазеиуаз, ирхылаԥшуаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Анна Инаԥҳагьы.

2017 шықәсазы, Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны атәылахьчара аминистрра ахьӡала, лара иланашьан аиубилеитә медал.

Сынтәа, Анна илхыҵуеит 84 шықәса, лаҳәшьеиҵбы Арда 81. Жәҩык ахшара рҟнытә, зыԥсы ҭаны иҟоу дара рҩыџьа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0