Апроект "Ахьӡ архынҳәраз" ралахәразы акурсантцәа алыркааит

© Sputnik Сария КварацхелияШестерых курсантов Сухумского военного училища наградили медалью "25 лет министерства обороны Абхазии" за участие в проекте "Возвращение имени" и международном лагере "Юный патриот".
Шестерых курсантов Сухумского военного училища наградили медалью 25 лет министерства обороны Абхазии за участие в проекте Возвращение имени и международном лагере Юный патриот. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса раахыс Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа ирыԥшааит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан хабарда иӡыз аибашьцәа.

АҞӘА, лаҵара 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа фҩык иранашьоуп амедал "Аԥсны Атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵуеит" апроект "Ахьӡ архынҳәра" ралахәразы.

"Ҳкурсантцәа апатриотизми активреи аадырԥшит абри апроект аҿы. Дара ламысцқьала рмаҵзуратә напынҵақәа нарыгӡеит. Уи инаваргыланы рҵараҿгьы иҿырԥшыгоуп. Атәылахьчара аминистр идгаларала амедал "Аԥсны Атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵуеит" ранашьоуп", — иҳәеит Атәылахьчара аминистрра акадрқәа рыҟәша аиҳабы Илиа Гамсаниа.

Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа аиҳабы Алхас Жьиба иазгәеиҭеит акурсантцәа рылшарақәа. Дара абарҭ аҩышықәса ақыҭақәеи араионқәеи ирҭаауан, аибашьцәа рыуа-рҭынха рыԥшаауан.

"Ари апроект азкуп агәаларшәара, хықәкыла Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан хабарда ибжьаӡыз аԥсуаа. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага ноиабр мзазы 1941 шықәсазы афашисттә Германиа иҭҟәаны ирыман аурыс ир аҟынтә ҩ-миллионк инарзынаԥшуа асолдаҭцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуаа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы. Асиақәа еихыршәшәаны аҳәара уадаҩуп, избан акәзар анемеццәа имҩаԥыргоз ақәнамгарақәа аӡәы идырыр ҳәа ишәаны ирҵәахуан", — ҳәа иҳәеит апроект автор Григори Скворцов 2016 шықәса рзы апроект аӡыргараан.

Акурсант Иури Кузнецов иҳәеит апроект иалахәра ҳаҭырны ишиԥхьаӡо.

Леон Минджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Акурсант "Ахьӡ архынҳәра" иазкны: ауаа рылаӷырӡқәа рзынкылом

"Абасеиԥш иҟоу апроектқәа аҭахуп. Сҩызцәеи сареи акыр аџьа аабеит, аха ҳнапы ианыз наҳагӡеит", — иҳәеит иара.

Еизыргаз аинформациа афронтовикцәа рыуа-рҭахы ирырҭон, иддырдыруан.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду Аԥснынтә иалахәын 55 нызқь-ҩык, урҭ рахьтә хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоуп аа-нызқь ҩык. Дара рыуа-рҭынха рхабар рзымдыруа иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы, убри ауп ари апроект аиҿкаара зымҩаԥгазгьы. Апроект хықәкыс иамоуп урҭ рыхьыӡқәа рышьақәыргылара, иахьынӡалшо асиақәа рышьақәыргылара.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иԥшаауп 70-ҩык хабарда ибжьаӡыз Аԥсны атәылауаа. Sputnik Аԥсны информациатә партнерны апроект иазыҟалеит 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0