Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынба: иҭахаз сабду иашьцәа рхылҵ ҳавагылазҭгьы иаҳагьы ҳаиӷьхон

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Гунба
Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз аишьцәа хҩык, Азизи, Дараҭи Тышькәеи Гәынаа рҭоурых арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны еиҭеиҳәеит ажурналист Адгәыр Гәынба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз иабду иашьцәа ирызкны

"Хҩык сабду иашьцәа аибашьра иаҵанакит. Зегь раԥхьаӡа ицаз Азиз зыхьӡыз ҳабду иашьа иоуп. Иара Белоруссиа арра маҵзура ихигон. Дицеибашьуан, Асовет Еидгыла ажурналистцәа реидгыла иалаз Бабкин зыжәлаз ажурналист, иара икьыԥхьымҭақәа рыла иаадыруеит сабду иашьа дахьеибашьуаз, уи дзызхәыцуаз, дшеибашьуаз. Иашьцәа Дараҭи, Тышькәеи, ихьшәаны аибашьрахь ицеит. Дараҭ Керч иахьаҵанакуа дҭахеит ҳәа адырра ҳамоуп, Тышькәа хабарда ибжьаӡыз дырхыԥхьаӡалоуп. Азиз Гәынба иҭахара ҟалоит 1944 шықәса рзы Будапешт азааигәара. Дара рыхҩык аибашьра аҟынтә изыхнымҳәит, ирхыҵуан 19, 20, 24 шықәсқәа, аӡәгьы аҭаацәарагьы далымлацызт, ирыхшазгьы ыҟам. Иахьа урҭ ирхылҵыз ҳавагылазҭгьы еиҳагьы ҳаиӷьхон, аха еибашьра имцазҭгьы, зынӡагьы ҳҟамлар ауан, абас еиԥш еиҿагылоуп сыҩныҵҟа ахәыцрақәа", — азгәеиҭеит Гәынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны

Ажәабжьқәа зегьы
0