Урыстәылатәи Аԥыза-министрс ихьӡ ҳәоуп Дмитри Медведев

Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума апленартә еилатәараҿы, лаҵара 8 рзы ахәаԥшраны иҟоуп атәыла Ахада ирыдигалаз Дмитри Медведев икандидатура.

АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума апленартә еилатәараҿы, лаҵара 8 рзы ахәаԥшраны иҟоуп Аԥыза-министрс атәыла Ахада ирыдигалаз Дмитри Медведев икандидатура. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Кремль асаит адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа ахәҭаҷ 111, ахәҭаҷ 83 инарықәыршәаны атәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Аԥыза-министрс Дмитри Медведев иҟаҵаразы ажәадгала ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә думахь", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Атәыла аиҳабыра ԥхьатәеит лаҵара 7 рзы. Дмитри Медведев Урыстәыла Аԥыза-министрс дыҟан 2012 шықәса лаҵара 8 раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0