Џьыкырԥҳа: Алхас Шьаҟрыл ихьӡ аибашьра аԥхьагьы Аԥсны иалыҩхьан
"Алхас Шьаҟрыл ихьӡ Аԥсны ахы- аҵыхәа иалыҩхьан асовет аамҭазгьы, 1989 шықәса ԥхынгәы 15-16 рзы аԥсуааи ақырҭцәеи реидыслараан фҩык ҳашьцәа ҭахеит, Алхас дҭаркит. Даара ддыргәаҟит. Аԥснынтәи Краснодарҟа диаргеит. Уа иара инагӡаны еиликааит иԥсы ҭаны дшоурмыжьуа. Ашәҟәқәа убас еиқәдыршәеит иара иакәызшәа изшьыз усҟан иҭадырхаз аԥсуаа. Алхас ицҭакыз ҩынҩажәаҩык раҟара ауаа агәра диргеит адгьылҵысра шыҟало, рыԥсы ҭаны аӡәгьы дшаанымхо, рҭаацәа шырымбо. Ҩажәи ҩба шықәса зхыҵуаз арԥыс адгьыл хәыҵжааны абналара илшеит", — лҳәеит Џьыкырԥҳа.