Аҳақьым урыстәылатәи атурист иԥсразы: ихьшәаны ахәышәтәырҭахь днаган

© Sputnik Заседание суда по делу убийства российского туриста Андрея Кабанова
Заседание суда по делу убийства российского туриста Андрея Кабанова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист.

АҞӘА, лаҵара 21— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов ишьра аганахь ала имҩаԥысуа аӡбратә еилатәараҿы иҳәеит ихьшәаны ахәышәтәырҭахь дахьааргаз иахҟьеит еиқәырхара ахьзалмыршахаз ҳәа.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит

Иара иажәақәа рыла ирхәыз Андреи Кабанов ахәышәтәырҭахь днаган ԥхынгәы 11 2017 шықәса, асааҭ 13:20 рзы. Апрокуратура адыррақәа рыла Кабанов дырхәит асааҭ 11:00 рзы.

"Кабанов ахәышәтәырҭаҿ даннарга аоперациа изырурц аӡбра рыдыркылеит. Ишьақәыӷәӷәара 60-20 иҟан", — ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым.

Андреи Кабанов аоперациа изура иалагеит асааҭ 13:30 рзы. Аоперациа шцоз игәы аангылеит. Иҟаҵаз аусмҩаԥгатәқәа хра рыманы изыҟамлеит.

Асааҭ 16:40 рзы Андреи Кабанов иԥсҭазаара далҵит.

Ҳаџьараҭ Шамба ишиҳәаз ала Кабанов иԥсра зыхҟьаз ашьа рацәаны иахьицәцаз ауп. Ацәгьоура ҟалеит 2017 шықәса ԥхынгәымзазы, амшын аԥшаҳәаҿы. Ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Иара убасгьы атәыла Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц ихахьы игеит иҭахаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агара ахылаԥшра. Аԥсны Аиҳабыра уи азы иахәҭаны иҟоу ахарџь ашәара иаҵагылеит.

26 февраля Президент Республики Абхазии Рауль Хаджимба провел совещание с руководителями силовых ведомств - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада аиҿцәажәара мҩаԥигеит

Аԥсны Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭалатәи инапхгараҭарала имҩаԥгахеит атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агареи иҭаацәа уахь рцареи.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵоу Аоперативтә штаб аилатәара.

Гәдоуҭа араионтә прокуратура абри ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа Москва ақалақь иаҵанакуа аусҭҵааратә Еилакы анапхгаҩы Александр Дрыманов инапынҵала Урыстәылатәи Афедерациа аусҭҵааратә Еилакы урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов Аԥсны ишьра аганахь ала аусҭҵаара хацнаркит.

Аамҭа хара имгакәа, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз ацәгьауаҩцәа, аишьцәа: 1988 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥеи 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥеи аанкылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0