Аҩыза изы ажәа: Гәыли Кьычԥҳа дылгәалалыршәоит Сергеи Багапшь

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Сергей Багапш в Кремле. Архивное фото.
Президент Абхазии Сергей Багапш в Кремле. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыли Кьычԥҳа дылгәалалыршәоит класск аҿы аҵара лыцызҵоз Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол ахь актәи акласс ахь лшьаҿақәа анеихылга инаркны, Гәыли Михаил-иԥҳа Кьычԥҳа, ашколтә ԥсҭазаара еицанысит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Лара излалҳәо ала, Сергеи Багаԥшь, ԥсабарала иҷыдаз аҟыбаҩ, иҷыдаз аҟазшьа, иҷыдаз ауаҩра, аҳалара злаз уаҩын.

Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изку ашәҟәы аҩра аҭакԥхықәра ду ацуп

"1957 шықәса рзы акәын. Усҟан ҳхәыҷқәан, раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ҳцон. Ҳара ҳарҵаҩцәа ҳахьӡқәеи ҳажәлақәеи иразҵааны ҳхаҭарақәа шьақәдыргылон, ҳҩызцәеи ҳареи еизааигәаны ҳаибадыруан. Аиашазы, убри инаркны, класск ахь еицнеиз зегьы агәыбылра ҳабжьаны иҳазҳауан", — илгәалалыршәоит Гәыли Кьычԥҳа.

Ишдыру еиԥш, Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол, аҭоурых ду змоу школуп. Уи иоунашьҭхьеит зыхьӡ нагоу, зыжәлари зыԥсадгьыли рзы иҵеицәа хьӡырҳәагақәаны иҟоу ауаа.

"Нестор Лакоба ихьӡ зху ашкол ҳахьҭаз, иҳаднаҵоз аҭакԥхықәра даара ирацәан. Ус ҳарҳәон ҳара ҳарҵаҩцәа, ҳаныҩеидас ҳарҭгьы ибзианы еилаҳкаауа ҳалагеит. Уа аҵара рҵон Сергеи Багаԥшь, Игор Ахба, Иакәыб Лакоба, Заур Амқәаб, Давид Ԥлиа уҳәа аӡәырҩы, акомсомолра аныҟаз даара аџьабаа збаз, нас иҳәынҭқарратә, иуаажәларратә усзуҩцәаны иҟалақәаз", — ҳәа азгәалҭоит Кьычԥҳа.

Гәыли Кьычԥҳа, излалҳәо ала, Сергеи Багаԥшь, даара иҩызцәа днарылукааратәы дыҟан, ибзианы аҵара иҵон. Иахьа, лара дрызгәыдууны илгәалалыршәоит усҟан дара аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа нагақәа.

"Раԥхьаӡа ҳара ҳаздызкылаз арҵаҩы, Софа Маисеи-иԥҳа Бадиа, атәанчара дцон актәи акласс ахь ҳаннеи, лара ҳаалыдылкылан, Нелли Владимир-иԥҳа Маан лнапы ҳанылҵеит. Нелли Владимир-иԥҳа лакәын аханатә аҵара ҳзырҵоз", — дҳацәажәон Кьычԥҳа.

Гәыли Кьычԥҳа лгәы иаланы илҳәоит, аибашьра илцәалаӡыз ашколтә фотосахьақәа шырацәоу, еиқәханы илымақәоугьы шмаҷым. Излалгәалашәо ала, аиҳабыратәи аклассқәа рҿы лара аҩбатәи апартаҿы дтәан, Сергеи Багаԥшь — ахԥатәи апартаҿы.

Ажурналист Алхас Ҷолокәуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷолокәуа: Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара зегьы иалганы иааигеит ауаҩра

"Ҷыҷка ҳәа иарҳәон хәыҷы хьӡыс аҩны, ҳаргьы ус ҳишьҭан. Даара аспорт дазҟазан. Амҵәышәымпыл асра бзиа ибон, даарагьы иқәманшәаланы ицааиуан. Ашкол акоманда хаҭарнакс даман, нас Аԥсны Еизгоу акоманда хаҭарнакс даман", — агәалашәарақәа дыргәыланахало дҳацәажәон Гәыли Кьычԥҳа.

Изныкымкәа, Қырҭтәылаҟа ицалон абаҩырҵәыратә еицлабрақәа рахь. Абаҩырҵәыра рызҭоз арҵаҩы, Павел Еснаҭ-иԥа Лакоиа иакәын. Гәыли лхаҭагьы амҵәышәымпыл асра бзиа илбон. Лара еиҭалҳәеит, абри аспорт хкы инадҳәаланы, Қарҭ, иҟалахьаз, хаҭала Сергеи Багаԥшь идҳәалаз хҭыск.

"Ахәмарраҿы, Сергеи Уасил-иԥа, аҵыхәтәантәи ампыл ҭаиршәит, алҵшәагьы аиуит, убри алагьы ҳара ҳаиааиуан, аха аӡбаҩ атрышә дасын имыԥхьаӡаӡеит. Избанзар, Қырҭтәылатәи акоманда аҵахеит ҳәа акәын иаанагоз ус ҟаиҵар. Уи даргәаан Сергеи, хара дымхәыцкәа, ампыл аашьҭихын, аӡбаҩ игәыдиҵеит, аӡбаҩгьы дцан дкаҳаит. Ахәмарра иахәаԥшуаз ақырҭқәагьы, иалахәыз зегьы, Сергеи дышиашаз дырны инапы изеинырҟьон", — лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа.

Абри ахҭысгьы иаҳәо рацәоуп, хымԥада. Ԥсабарала агәаӷь зызҭо ауаҩы, уаҳа даҽакалагьы ихымҩаԥгара залыршахом.

"Зегьынџьара хадара иуан, ус ҳазшаз иаҭәеишьеит. Аҵара аганахь ала, аспорт аганахь ала, аиҩызара аганахь ала, иара илаз аҟазшьа аҩыза змаз маҷын", — ҳәа азгәалҭоит Сергеи Багаԥшь класск аҿы аҵара ицызҵоз иҩыза.

Гәыли Кьычԥҳа, илгәалалыршәоит 2014 шықәса рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа анымҩаԥысуаз аамҭа атәы.

"Аҽԥныҳәа ансырҭо ыҟоуп сҩызцәа, иара абжьы ибымҭеит ҳәа. Убас иҟалеит аҭагылазаашьа, хҩык Аԥсны Афырхацәа сара сахь иаарышьҭит. Руаӡәк, Гиви Камыгә- иԥа Агрба иакәын, иԥсҭазаара далҵхьеит. Егьырҭ, Анцәа иџьшьаны, рыԥсқәа ҭоуп, Аԥсны инхоит. "Владислав Арӡынба ҳааишьҭит, Хаџьымба шәидгыларц азы аҳәара ҟаиҵоит", — ҳәа сарҳәеит. Аиашазы, Арӡынба ииҳәаз мап ацәкрагьы гәаӷьыуацәан. Ус егьыҟалеит", — аполитикатә аамҭа дазааҭгылеит Кьычԥҳа.

“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы - Sputnik Аҧсны
“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы

Иара убас, Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭоит, Сергеи Багаԥшь уи дшацәымгәааз. Илгәалалыршәоит уи ашьҭахьгьы илеиҳәаз ажәақәа: — "Бхаҭыԥан сыҟазтгьы, саргьы убас схы мҩаԥызгон. Уи хьаас иҟабымҵан" ҳәа. Насгьы, сара аҳәаақәа сырхысны, аӡәы дларҟәуа, аӡәы дҳаракуа ус схы мҩаԥызымгеит. Аҳәынҭқарра Ахадас даныҟала ашьҭахьгьы, иарбан усзаалак, иара иҿы сызнеиз дахамыҵгылакәа шьҭахьҟа симырхынҳәыцызт. Уигь иаҳәо рацәоуп иара ихаҭара аарԥшраҿы", — ҳәа азгәалҭоит Кьычԥҳа.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иуаҩра ҳаракын, иаԥсуара дуун.

"Ҳаиҩызара ианакәзаалак иаргьы пату ақәиҵон, ҳаргьы пату ақәаҳҵон. Ииашаҵәҟьаны, аполитика хаиҩызара быжьнамхӡеит. Аҳәынҭқарра Ахадас даныҟала ашьҭахь, иуаҩра илаз еиҳагьы иныԥшит. Иара имаз адевиз аҟны ишаҳәо еиԥш, ауаҩы игәыҳалалра аԥхьа иргылон", — лҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

Гәыли Кьычԥҳа, иара убас илгәалалыршәоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, илша шырацәоу Багаԥшь, Москва дыҟанаҵы афронт ацхыраара ду шаиҭоз, илымшозгьы шилиршоз, абџьар аума, аџьаԥҳаны аума, ар рымаҭәа аума, уа инаргоз ахәцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара рыҭара аума, иарбан инапы иҵимхыз?!

Сергеи Багаԥшь, иаалырҟьаны иԥсҭазаара иалҵра, даара ицәыӡ дуны илыԥхьаӡоит иҩыза.

"Дшычмазаҩхаз ҳаҳаит, егьҳарҳәеит аоперациа маншәаланы имҩаԥысит ҳәа. Сара ахара рыдысҵоит хаҭала, Европатәи анапхгаҩцәа, аҳәаанырцә дахьырмышьҭыз ҽыхәышәтәра. Уи иаанагаӡом Урыстәылатәи ахәышәтәырҭа агәра згом ҳәа, аха, иара уахь ацара аниҭахха, дара ианырыму, ари гәнаҳароуп", — лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа.

"Избан, иԥсынҵры абас изкьаҿхаз? Иаԥхьаҟа иҟаиҵашаз, ииҳәашаз, ииӡбашаз, имҩақәиҵашаз аусқәа даара ирацәан. Иара дахьҳалагылам, даара цәыӡ дууп, ҳҳәынҭқарра азгьы даара илахьеиқәҵароуп. Ҳара ҳнапхгаҩцәа роума, ҳхаҭарнакцәа нагақәа роума, рыҟамзаара, хымԥада игәыхьуп, ихыхьуп. Сергеи Уасил-иԥа, наунагӡа ҳгәаҿы даанхоит дуаҩы ҳалалны, дуаҩы разны, дуаҩы ԥшӡаны", — абраҟа еиқәылҳәалеит Гәыли Кьычԥҳа лҩыза изы ажәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0