Иапониеи Америкеи арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит

© AP Photo U.S. Navy, Mass Communication Specialist 2nd Class Michael RussellТренировка японских военных
Тренировка японских военных - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Америка иагәҭакуп Аладатәи Кореиеи иареи рырратә еицҽазыҟаҵарақәа раанкылара КНДР аденуклеаризациа апроцесс иалахәнаҵы.

АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Иапониа Атәылахьчара аминистр Ицунори Онодера аҳәамҭа ҟаиҵеит итәыла шазыхиам Америкеи иареи рырратә еицҽазыҟаҵарақәа реиҭакра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Пентагон - Sputnik Аҧсны
Трамп Пентагонаа адҵа риҭеит арра-космостә мчрақәа раԥҵара хацдыркырц

"Америкатәи аган аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Кореиатәи адгьылбжьаха аҵакыра анҭыҵ ԥсахра ҳәа акгьы азыԥхьагәаҭам ҳәа. Уаанӡа, Пентагон ахада Джеимс Меттис иҿцәажәараан ҳара ишьақәҳарӷәӷәеит иапониа-америкатәи аицҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥаагало уаанӡеиԥш, ихарҭәаау аформат ала" — иҳәеит Иапониа Атәылахьчара аминистр Ицунори Онодера апресс-конференциаҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Америка иагәҭакуп Аладатәи Кореиеи иареи рырратә еицҽазыҟаҵарақәа раанкылара КНДР аденуклеаризациа апроцесс иалахәнаҵы.

РИА Новости ишаҳәо ала, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Дан Уаит иажәақәа ааго — ари аӡбра иаҵанакуам Аокеан ҭынч аҿы егьырҭ ацҽазыҟаҵарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0