Урыстәыла атәылауаҩра аиура ырмариахоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНашивка на рукаве сотрудника полиции в России, архивное фото
Нашивка на рукаве сотрудника полиции в России, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иазыԥхьагәанаҭоит аџьынџьуаа урыстәылатәи атәылауаҩра роура апроцедура армариара.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иазыԥхьагәанаҭоит аџьынџьуаа урыстәылатәи атәылауаҩра роура апроцедура армариара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Зубов иажәақәа рыла, аус адулара иаҿуп рџьынџьуаа Урыстәылаҟа риагара алзыршо апроцедурақәа. Уи азы иаԥҵоуп иахәҭаны иҟоу амеханизмқәа.

Паспорт нового образца. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла ашықәс нҵәаанӡа ауааԥсыра зегь рзеиқәыршәом

"Хықәкны иҟоу ианаамҭоу азакәанқәа аԥсахрақәа рылагалараоуп. Атәылауаҩра зҭахны иҟоу, зынхарҭаҭыԥқәа ирхымҵыр ада ԥсыхәа ыҟам, арахь еиҳарак иаҵанакуеит Украина атәылауаа, ирзаԥҵатәуп иманшәалоу аҭагылазаашьақәа Урыстәылаа тәылауаҩра роуразы" — иҳәоит Зубов.

Рашәара 7 рзы атәыла Ахада ишиашоу иацәажәараан Ростовтәи аобласт ахь Донецки Лугански рҟынтәи иахыҵниа иааз Владимир Путин изеиҭарҳәеит урыстәылатәи атәылауаҩра аиура иацу апроблемақәа ртәы. Иара абри азҵаара аҭышәныртәалара Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапы ианиҵеит. Иара убасгьы дҵаны иҟаиҵеит аминистр ихахьы игарц Донбасстәи ахҵәацәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара амҩаԥысшьа ахылаԥшра аҭара.

Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ателеканал Russia Today аицпроект аусура иаладыргеит Урыстәылаҟа ахынҳәра зҭаху рзы ацхыраара аҟаҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0