Нодар Ванаба: Пицунда ақалақь ахадареи, ауаажәлари рҳәоу еиқәшәоуп

© Sputnik / Саида ЖибаНодар Ванаба
Нодар Ванаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны ақалақьқәа зегь рҟнеиҧш, иахьа Пицундагьы иамоуп ахатәы уадаҩрақәеи аихьӡарақәеи. Урҭ ҳаиҿцәажәараҟны дырзааҭгылеит хы-мыз раҧхьа ақалақь ахадас иалхыз Нодар Рауф-иҧа Ванаба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа Пицунда ақалақь аҟны инхоит хә-нызқьҩык рҟынӡа ауааҧсыра. Дара реиҳараҩык рхы зланыҟәырго акурорттә аамҭа ирнаҭо ала ауп. Хымҧада иҟоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуогьы.

Надар Ванаба - Sputnik Аҧсны
Нодар Ванаба Пицунда ақалақь Ахада инапынҵақәа неигӡалоит

Аҭыҧантәи апроблемақәа дрылацәажәо, Пицунда ақалақь ахада Нодар Ванаба иазгәеиҭеит, араҟа иҟоу аҧсуеи аурыс школқәеи аремонт шрыгу, еиҳараӡак аспорттә залқәа. Ари аҭагылазаашьа аҧсахра, рхатәы биуџьет ала ишрылымшо. Агәыӷрагьы ааирҧшит, аиҳабыраҟнытә ацхыраара руоп ҳәа.

Ақалақь аҟны аус ауоит ахәыҷбаҳча, ааигәа даҽакы шьаҭанкыла аргылара ахырқәшара иазыҧшуп.

Пицундаа иахьа ирылаҽхәаратәы иҟоуп аҭыҧантәи аспортсменцәа. Аҿар аихьӡарақәа аадырҧшуеит ашьапылампыл асраҿы, анапылампыл, амҵәышәымпыл, адзиудо, карате, абокс, зхы иақәиҭу ақәҧара, ашахмат, аҧкьаҭ асра уҳәа рҟны. Арҭ аспорттә хкқәа рзы иаартуп асекциақәа.

"Аҿар еиуеиҧшым аспорттә хкқәа рыхшыҩ азцоит. Ҳара иҳамоуп ашьапылампылтәи, амҵәышәымпылтәи, анапылампылтәи, аҧкьаҭ асратәии дәқәа. Ақалақьтә стадион аҿы иахьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит", — иҳәоит Нодар Ванаба.

Ақалақь аҟны аус ауоит ахәышәтәырҭа. Амедицинатә цхыраара роуит аҭыҧантәи ауааҧсыра реиҧш акурорт асасцәагьы. Ҵыҧхтәи ашықәс мацара иалагӡаны, Пицундатәи ахәышәтәырҭа иадҵаалеит 22 нызқьҩык.

Чемпионат Новосибирской области по спортивному туризму - Sputnik Аҧсны
Афлыкатә спорт азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Пицунда

Аҭыҧ аҿы ахәыҷқәа рзы иҟарҵоит алаҵа. Алабораториаҿы ган рацәала ашьа еилдыргоит.

Ашәарҭадара атәы уҳәозар, Пицундаа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟнытә ацхыраара рҭахуп.

"Амилициа акадрқәа азхаӡом. Есыуаха, аҷаҧшьара иааиуа ааҩы заҵәык роуп. Дара рымчала иуадаҩуп ақалақьи иаҧну ақыҭақәеи рыхьчара. Убри аҟнытә, Атәылахьчара аминистри, Аҳәынҭавтоинспекциеи, Гагратәи араионтә усбарҭеи реиҳабацәа аҳәара рысҭоит, абри аус аҿы ацхыраара ҳарҭарц", — иҳәоит Пицунда ақалақь Ахада.

Иазгәаумҭарц залшом, иахьатәи ҳаамҭа иашьашәаланы, аус бзианы ишыруо амцарцәыҩцәа-аиқәырхаҩцәа. Урҭ рганахь ала апроблема ыҟаӡам.

Асанитартә ҭагылазаашьа атәы уалацәажәозар, абылтәы аганахь ала аиҵахарақәа шыҟоугьы, зегь акоуп есыҽны агәамсам ықәыргоит.

Пицунда аус ауоит Аҳәынҭқарратә чаӡырҭа азауад. Уи иалшоит аҭыҧантәи ауааҧсыра рыдагьы асасцәагьы ачалыхқәа рыла реиқәыршәара.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи аветеранцәа аҳамҭақәа рырҭеит

Ақалақь акультура аганахь алагьы аихьӡарақәа амоуп. Араҟа иаҧҵоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу напхагара зиҭо ансамбль "Абааҭа". Ааигәа дара аконцертқәа мҩаҧыргараны иҟоуп Ҭырқәтәыла ақалақьқәа хҧа рҟны. Убас, Џьон Хәынҵариа еиҿкааны имоуп ахәыҷтәы-хореографиатә студиа. Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны, лаҵарамза инаркны цәыббрамзанӡа, есыҽны Аҧсни, Урыстәылеи, Европеи рҟнытә амузыкантцәа аконцертқәа мҩаҧыргоит.

"Сара сыхәҭаахьала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Пицундатәи Еиду акурорттә Еилазаара аиҳабы Нодар Шьаҟрыл, ансамбль "Абааҭа" Ҭырқәтәылаҟа рцара афинанстә цхыраара ахьаиҭаз азы", — иҳәеит Нодар Рауф-иҧа.

Ақыҭанхамҩа уалацәажәозар, Пицунда ақалақь иамоуп зқьы гектар адгьыл. Уи қьырала еихшаны анхацәа иқәаарыхразы иргеит.

"Пицундатәи амхқәа рҿы, аҭыҧантәи анхацәа иларҵоит аџьықәреи, аҟәыд, еиҭарҳауеит ашәыр ҵлақәа. Иҟоуп арҭ адгьылқәа аҽқәа рааӡаразы зхы иазырхәогьы", — ҳәа ҳаилиркааит ақалақь ахада.

Акурорттә аамҭа уазааҭгыло иазгәаумҭарц залшом, Пицунда ақалақь анапхгареи аҭыҧантәи ауааҧсыреи изларылшоз ала аҽазыҟаҵаратә усурақәа шымҩаҧыргаз. Рыкәша-мыкәша аҵакырадгьылқәа дрыцқьеит, аҵлақәеи аҵиаақәеи еилырхит, иршәит.

Ҵыҧхтәи ашықәс азы акурорттә аамҭа маншәаламызт ҳәа азгәаҭарақәа ыҟазаргьы, Нодар Рауф-иҧа ус иҧхьаӡаӡом.

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ирацәаҩӡоуп ахатәы сасааирҭақәеи отель маҷқәеи зыргылаз. Уажәшьҭа ахатәы ҩнқәа рыдагьы, асасцәа ирымоуп алшара ргәы иахьаҭахыу ауадақәа ралхра. Убри аҟнытә, есышықәса ҭыҧк аҟны зыҧсы зшьоз, иахьа ҽаџьара даниасуа, асасцәа рхыҧхьаӡара иагхазшәа убоит, аха амшын аҧшаҳәахьы улбаар, уи ус шакәым еилукаауеит", — иҳәоит ақалақь ахада.

Нодар Ванаба иазгәеиҭоит, Аҧснытәи акурортқәа рахь иаауа асасцәа рхыҧхьаӡара иацларц, раҧхьаӡа акәны ҳара аҭыҧантәи ауааҧсыра ҳхымҩаҧгашьа ҳаҧсахроуп ҳәа. Ҳаамысҭашәареи, ҳааӡареи аарҧштәуп, убас ирзаҧҵатәуп ҳаамҭа иашьашәалоу аҭахрақәа.

А-16-тәи аклассикатә музыка афестиваль «Лира» мҩаԥысит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Аклассикатә музыка афестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицунда

Иахьазы, Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаареи, аҧсшьарҭа ҩнқәа "Самшитовая роща", "Литфонд", "Питиус" ирыдыркылахьеит раҧхьатәи асасцәа.

Пицунда ақалақь Ахадара есқьынагьы рылаҧш рхыуп, изларылшо алагьы ацхыраареи авагылареи рырҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, аинвалидцәеи, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи ахшара рацәа змоуи аҭаацәарақәа.

Ахныгәҟара егьа ауадаҩрақәа ацзаргьы, Пицунда ақалақь Ахадареи аҭыҧантәи ауааҧсыреи рҳәоу еиқәшәаны, рыбзазара аиӷьтәра рылдыршоит.

Иарбан проблемазаалакгьы ақалақь аҟны ицәырҵуа, ажәлар алархәны ауп ишырыӡбо.

Аҧсны ашәарҭара ианҭагылагьы, Пицундаа рҵеицәа рхы иамеигӡакәа рыжәлар ирыдгылеит. 64-ҩык Пицундатәи ахәбатәи абаталион аибашьцәа рыҧсадгьыл рыҧсы ахҭнырҵеит.

Иахьа Пицундаа рзы иҧшьоу ҭыҧуп, урҭ аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала ишьақәыргылоу Ахьӡ-аҧша абаҟа. Араҟа есқьынагьы рзеиҧш мчы ала аиҿкааратә усурақәа мҩаҧысуеит, иахылаҧшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0