Қарҭаа "рсиа еиқәаҵәа" цхьынвалаа аҭак ҟарҵоит

© Sputnik Алексей Ковалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦхинвал
Цхинвал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе аҩаша, рашәара 26 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит 33-ҩык зну "асиа еиқәаҵәа" шеиҿкаау азы. Уахь иаҵанакуеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа, 1991 шықәса раахыс Қырҭтәыла атәылауаа рганахь ала ацәгьоурақәа мҩаԥызгаз ҳәа иршьо.

АҞӘА, рашәара 28— Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла иашьцылахьеит аамҭа-аамҭала қарҭаа иҟарҵо, иҵаҵӷәыдоу аҳәамҭақәа иҳәеит Sputnik Южная Осетия аинтервиу азҭаз Апарламент аиҳабы Пиотр Гассиев, абри аҳәамҭа ахҳәаа азыҟаҵо.

Қырҭтәыла аиҳабыра иаԥырҵеит асанкциатә сиа, арахь, Қарҭтәи аиҳабыра ргәаанагарала 1991 шықәса раахыс Қырҭтәыла атәылауаа рганахь ала ацәгьоурақәа мҩаԥызгаз ҳәа иршьо 33-ҩык ауаа ануп. Асиа хьӡыс иамоуп "Отхозория-Татунашвили" (2016 шықәса рзы аԥсуа ҳәаахьчаҩцәа иршьыз Қырҭтәыла атәылауаҩ Гиги Отхозориеи Аахыҵ Уаԥстәыла иршьыз Қырҭтәыла атәылауаҩ Арчил Татунашвили рыжәлақәа рыла).

"Аахыҵ Уаԥстәыла иашьцылахьеит аамҭа-аамҭала қарҭаа иҟарҵо, иҵаҵӷәыдоу аҳәамҭақәа. Ауаԥс жәлар рганахь ала ҩынтәны агеноцид мҩаԥызгахьоу аган асеиԥш иҟоу асиақәа ахьаԥнаҵо џьоушьартә иҟоуп", — иҳәеит Гассиев.

Иара иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аҟны ирхианы ишыҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ахатә сиа, 1992 шықәса рзы ақырҭцәа иргәаҟны иршьыз Григори Санакоев ихьӡ зыхҵоу.

Пиотр Гассиев иазгәеиҭеит асиа ашықәс нҵәаанӡа ирыдыркылараны ишыҟоу.

"Асиа ианылоит Қырҭтәыла, Америка, Украина уҳәа агенацид иалахәыз егьырҭ атәылақәа ртәылауаагьы", — иҳәеит иара.

Иара убри аан иазгәеиҭеит асиа аҭак ҳасабла иаԥҵоу сианы ишыҟам, иара ҩышықәса раԥхьа аиҿкаара ишалагахьаз.

Гассиев иазгәеиҭеит асиа ишазыԥхьагәанаҭо арҭ ауаа рганахь ала иалшоны иҟоу асанкциақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0