Гагәылиа Аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭа аусура ахәшьара лаҟәуп ҳәа ишьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация потенциала Республики Сербская
Презентация потенциала Республики Сербская - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, рашәара 29 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы Аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭа аусура ахәшьара лаҟәуп ҳәа ахиҳәааит Аԥыза-министр. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Здание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Амедиа аусхк аҟнытәи аусбарҭақәа реиҳабацәа алхуп

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу акоррупциа аҿагылареи аекономикатә шәарҭадареи рзы Аусбарҭа аҳасабырба ҟаиҵеит аиҳабы Демис Ҵәыџьба.

"2017 шықәса аҩныҵҟа 53 қәҵара ҳадаҳкылеит, урҭ рҟынтәи 16 апрофилактикатә уснагӡатәқәа ирзырхоуп, 35 – ИАЕ "Ахра-2006" афинанс-нхамҩатәи, анаплакытәи, ахәаахәҭратәи усура агәаҭарақәа ирзырхоуп. Агәаҭарақәа ирылҵшәаны Аԥсны абиуџьет иахыԥхьаӡалахеит ашәахтәқәа рыҳасаб ала 14 миллион 501 нызқь мааҭ аԥара. Иара убасгьы аиурист хаҿқәа ргәаҭарақәа ирылҵшәаны аҳәынҭқарра иалагалоуп миллионки 364 нызқь мааҭ аԥара", — иҳәеит иара.

Ҵәыџьба иажәақәа рыла 2018 шықәса аҩныҵҟа абиуџьет иалагалоуп миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.

Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа аҳасабырба агәеихьшьра инаҭеит. Иара иажәақәа рыла Аусбарҭа абиуџьет иалнахуа еиҳа еиҳауп иаланагало аасҭа.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит хәымз рышьҭахь Аусбарҭа аусура ишазыхынҳәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0