Лашәриа: Евтушенко ибзоураны, Москва аԥсуа шәҟәыҩҩцәа акыр ацхыраара роуит

© Фото : из архива семьи Юрия Воронова Евгений Евтушенко в Абхазии
Евгений Евтушенко в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа асовет поет Евгени Евтушенко иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 86 шықәса. Апоет Аԥсныи аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи дышрыдҳәалаз атәы Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik 
Ԥхынгәы 18 рзы ииз урыстәылатәи, асоветтә поет Евгени Алеқсандр-иԥа Евтушенко деицырдыруеит прозаик, режиссиорк, сценаристк, публицистк, актиорк, аҿаԥыц зҿаз аӡә иаҳасабала. Иара алитератураҿы илагаламҭа ду азы Нобель ипремиа даԥсахахьеит. Иҟазара абзиабаҩцәа, иҿагылаҩцәа, иара убас ипоезиа ахә ҳаракны изшьо аҿатә уаа иара иепохаҿы ихадаратәу поетуп ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гәогәуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Алықьса Гәогәуа: Евтушенко Урыстәыла мацара акәым, адунеи аҿы деицырдыруан

Евтушенко, ҷыдала Аԥсныи, аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи иареи аимадара, аизааигәара рыбжьан. Излаилшоз ала еснагь ацхыраара риҭон. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит, хаҭала иара иааигәаны дыздыруаз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

"Евгени Евтушенко, а-20-тәи ашәышықәсазтәи еицырдыруа аурыс поетцәа инарылукааша аӡә иоуп. Ирҿиамҭақәа аурысқәа иахьагьы, уаҵәгьы, наҟ-наҟгьы иазыгьежьлашт, иҭырҵаалашт. Убас еиԥш иҟаз анырра иман. Инарҭбааны ицәырҵра ҟалеит иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи, 60-тәи ашықәсқәа раан, Сталин ишьҭахь, аҵааԥсасиратә аамҭа ҳәа изышьҭаз апериод аан. Хрушьиов Асовет тәыла данахагылаз аамҭазы", — ҳәа азгәеиҭоит Мушьни Лашәриа.

Убасҟан иҟалаз аԥсеивгарақәа ирыбзоураны еиҵагылт асахьаҭыхыҩцәа, арҿиаҩцәа, апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, атәыла аҿиара зныԥшыз ауаа. Ҿыц ицәырҵыз апоетцәа рабиԥараҿы Евтушенко дрылукааратәы дыҟан, дырхадан.

"Убарҭ апоетцәа ҿарацәа иреиуан: Андреи Вознесенски, Белла Ахмадуллина, Роберт Рождественски, Булат Окуџьаа, ҳара ҳџьынџьуаҩ Фазиль Искандер уҳәа, аӡәымкәа ҩыџьамкәа зыхьӡ иахьа уажәраанӡа кашәара ақәым апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа. Урҭ ҳәарада апоезиаҿы ажәа ҿыц рҳәеит. Жәанызқьҩыла, шәнызқьҩыла аԥхьаҩцәа алитературахь идыргьежьит", — иҳәеит Лашәриа.

Усҟан, Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа, Москватәи алитературатә институт аҿы аҵара иҵон. Иара игәалашәараҿы хашҭра ақәымкәа иаанхоит еиҿыркаауаз, иахьықәгылоз аудиториақәа, астадионқәа, амилициа ракәзар ауаа ирылан, амашәыр ҟалар ҳәа ишәаны. Ҳзыҿцәажәоз апоет излаиҳәо ала, аԥсуааи Евтушенкои акыр еизааигәан.

"Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны дааит 50-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, хашҭра зқәым Алықьса Лашәриа ибзоураны. Урҭ Москва аҵара еицырҵон аинститут аҿы, еизааигәан. Евтушенко Аԥсны, Агәӡера аҳаблаҿы адача иргылеит. Ҳаибашьра ҟалаанӡа есышықәса убра дынхон-дынҵуан, иԥсы ишьон, лассы-лассы даауан, аус иуан. Даара гәахәара дус иман, дахьиз аҿацә дгьыл анаҩс, Аԥсны еиҳа изааигәоу тәылоуп ҳәа иԥхьаӡон", — ҳәа азгәеиҭоит Мушьни Лашәриа.

Мушьни Лашәриеи Евтушенкои акыр еизааигәаны еибадыруан, иҩны дааихьан, дцахьан. Агәӡера иҩнахьы асасцәа аниҭаауаз, Мушьни ааԥхьара ииҭон, усҟан Лашәриа ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы аус иуан.

"Евтушенко ибзоураны аԥсуа шәҟәыҩҩцәа шьардаҩы ацхыраара роуит Москва, рҩымҭақәа еиҭаганы адунеи аҿы уаҩы ибо-иаҳауа рцәырҵра алиршеит. Хаҭа-хаҭала изымдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа уаҩ дыҟамызт, еиҳа аизааигәара рыман Иван Ҭарбеи иареи, Алықьса Гогуеи иареи аҵарагьы еицырҵон Москва. Алықьса Лашәриа аԥхьа днаргыланы ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа аиашазы имаҷымкәа еиҭеигеит", — игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Жәлар рпоет.

Евгени Евтушенко, поетк иаҳасаб ала, ҳәарада имҽхак ҭбаан, ишырҳәо еиԥш адунеи дакуамызт.

Еицырдыруаз апоет, апрозаик, арежиссиор, апублицист, актиор Евгени Евтушенко иԥсҭазаара далҵит. - Sputnik Аҧсны
85-шықәса ирҭагылаз Евгени Евтушенко иԥсҭазаара далҵит

"Иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы изныкымкәа ихаҭа абас еиԥш иҳәахьан: "Изҩыз, иаԥысҵаз споезиатә ҩымҭақәа 70% ажәит, акгьы иаԥсам" ҳәа. Аха, еиҳа иаликаауаз, игәы-иԥсы ахьыҟаз, урҭ, ҳәарада, иахьагьы уаҵәгьы аурыс литература, аурыс поезиа иазынхоит", — ҳәа ҳаиҳәеит Мушьни Лашәриа.

Мушьни Лашәриа игәалаиршәоит 1984 шықәсазы хаҭала Евтушенко дызлахәыз, Аԥсны имҩаԥгаз Асовет литература амшқәа рныҳәа ду иадҳәалаз ахҭысқәа.

"Аныҳәа амҩаԥгара, аиҿкаара акыр дацхрааит Евтушенко. Иазгәасҭарц сҭахуп, иара ишшаӡа ицоз мҩакы даныланы дшымцоз, даара акәаҵарақәа, амҩахәасҭақәа, амҩадуқәа шеилиԥшаауаз. Амчра ахьыҟоу, амчра ахьыҟам, еиҳау, еиҵоу зҳәазеиԥш абарҭқәа зегьы ҳасаб рзиуан иара", — абас иҟазшьа аҷыдарақәа дырзааҭгыылеит ҳзыҿцәажәоз апоет.

Етушенко 50 шықәса анихыҵуаз амш аҽны, иҩызцәа иманы дааит Аԥсныҟа, иира мшы абра иазгәеиҭарц.

"Ашьхараҿы, Кәыдры ахьҩеиуа ажәытәтәи Ҵабал абаа ԥҽыхаҿы убра ашьаԥа ду ргыланы имшира азгәарҭеит. Актәи амаӡаныҟәгаҩ инаиркны уа иҟамыз дарбаныз. Иаҵәца аанкыланы иара ихаҭагьы ус иҳәеит усҟан: "Ара ссасым, сара Аԥсназы сгәы-сыԥсы хиоуп…" — игәалаиршәоит Мушьни Лашәриа.

© Фото : из архива семьи Юрия Воронова Евгений Евтушенко в Цебельде
Евгений Евтушенко в Цебельде  - Sputnik Аҧсны
Евгений Евтушенко в Цебельде

Мушьни Лашәриа имӡакәа иҳаиҳәеит игәы иалаз хҭыскгьы.

"Рыцҳарас иҟалаз, абри ҳаибашьраан, ҳажәлар зықәшәаз арыцҳараан, иара ибжьы мгеит, иҽиҵәахит ус ҳҳәар ауазар. Ашәҟәыҩҩцәа-адемократцәа ҳәа изышьҭаз убарҭ рганахь, Шеварнаӡе иганахь иҟан. Ари, ҳәарада, ҳара даараӡа аԥсуаа ҳгәы ҳнархьит. Сроман "Аџьынџь" ҳәа иҟоу аҿгьы убри атәы аартны исҳәоит, абас еиԥш иҵалаз атәы, ҳақла дахьҳадымгылаз, ибжьы ахьимыргаз ҳара ҳахьчаразы. Нас, ҳаибашьра ашьҭахь инхәыҵакшәа дааит, аха уи гьама амамызт", — ҳәа азгәеиҭоит апоет.

Иааидкыланы иуҳәозар, 50 шықәса рҟынӡа зҵазкуаз епоха дуӡӡак дахаҭарнакны, лассы-лассы иззыгьежьуа аурыс поетцәа дреиуаны даанхоит Евгени Евтушенко.

"Аԥсныи, иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьалеи акәым Урыстәыла иҩымҭақәа ишрызнеиуа, ахә шыршьо. Уи, ҳәарада, иналукааша аурыс поетцәа дреиуаны, абаҩхатәра ду злаз аӡә иакәны даанхоит", — иҳәеит Мушьни Лашәриа.

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕвгений Евтушенко
Евгений Евтушенко - Sputnik Аҧсны
Евгений Евтушенко

Мушьни Лашәриа излазгәеиҭо ала, дарбан поетзаалакгьы, шәҟәыҩҩзаалакгьы иҟоуп иг-ибза, иҟоуп игха-ԥха, уи даҽакуп. Евтушенко, ҳәарада, ажәа сахьарк аҟазацәа дуқәа дреиуан.

"Усҟантәи аамҭазы аестрадатә поезиа ҳәа иашьҭан, жәанызқьҩыла иахьеизыргоз, Евтушенко дахьықәгылоз. Иҩымҭақәа апублицистикатә ҟазшьа рыман, аестрадатә ҟазшьа рыман. Уи аестрада наҟ инаскьеит. Иахьа, апоезиаҿы, алитератураҿы даҽа шәага-загақәак ыҟоуп, аӷьалԥал, ашьҭыбжь рацәа зҳәаз еиԥш, урҭ рганахь акәымкәа иара апоезиа ахаҭа ацәаҩа, аҩымҭа зыԥсоу аганахьала ахьаԥшрақәа ыҟоуп, апроцесс уахь ицоит", —ҳ әа азгәеиҭоит Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Ажәабжьқәа зегьы
0