Баҭал Чежиа Қырҭтәылатәи аспортсмен дииааиит

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Чежия во время боя за звание чемпиона СНГ в Сухуме
Батал Чежия во время боя за звание чемпиона СНГ в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Николаи Валуев ихьӡ зху абокс азы азал аҿы имҩаԥысуаз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәын Аԥснытәи аспортсмен Баҭал Чежиа.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Николаи Валуев ихьӡ зху абокс азы азал аҿы имҩаԥысуаз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәын Аԥснытәи аспортсмен Баҭал Чежиа. Баҭал Чежиа диндаҭлон Қырҭтәылатәи абоксиор Рубен Мовсесиан. Баҭал аиааира игеит абри аиндаҭлараҿы.

Батал Чежия - Sputnik Аҧсны
Апрофессионалтә бокс "Гладиатор" ахәылԥаз далахәхоит Баҭал Чежьиа

Аҩбатәи араунд аҟны Баҭал Рубен нокаут ахь дишьҭит.

Баҭал Чежиа –ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАР атәылақәеи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп.

2017 шықәса аҩныҵҟа Баҭал Чежиа Анапа имҩаԥысуаз абокс азы ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны аиааира игеит, аиааира игеит Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҟны, ИАР атәылақәеи Аславиан тәылақәеи дырчемпионхеит, акамерунец Даниел Нигатои дииааиит Москва имҩаԥысуаз апрофессионал бокс азы аиндаҭлараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0