Валери Кәарҷиа: абираҟ - ҳгәы-ҳаԥсы иалхны ҳнапы иҵыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Кварчия
Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ассесиа аҟны ишьақәырӷәӷәан Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Уи арыцхә инамаданы ҳара ҳиҿцәажеит усҟантәи аамҭазы Иреиҳаӡоу Асовет аҟны депутатс иҟаз, ҷыдала абри аус азы акомисса иалахәыз, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Валери Еремеи-иԥа, ишәыдаҳныҳәалоит Аԥсны абираҟ амш ныҳәа! Ишәгәалашәыршәарц сҭахуп усҟантәи аамҭазы шәара хаҭала шәызлахәыз ари ахҭыс аҿиашьа зеиԥшраз?

Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Ажәытәи аҿатәи ахьеилаӡҩо: ҳбираҟ ԥшьа ҳазнықәуа 27 шықәса ахыҵит

— Гәык-ԥсык ала ҳауаажәлар ирыдысныҳәаларц сҭахуп иԥшьоу ари аныҳәа. Ажәлар рхала ирдыруеит уи иамоу аҵакы, апату, аҳаҭыр. Иахьа уи ҳазгәыдуны иныҟәаҳгоит. Шәара ибзианы ишәгәалашәоит ақырҭқәеи ҳареи ҳҭагылазаашьа зеиԥшраз ҳсимволика ҳадаҳқылаанӡа. СССР аҳәынҭқарра уажәшьҭа уаҩ дахаҵгыло иҟамызт. СССР аилабгамҭазы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит Адекларациа Аԥсны Ахьыԥшымразы. Зны-зынла амш ныҳәақәа ҳанрызхәыцуа ыҟоуп, Аԥсны Ахақәиҭра аиуит ҳәа анбаԥхьаӡатәу, иарбан мшу уҳәа азҵаарақәа цәырҵуеит, Аиааира амш усгьы еилкаауп. Избанзар, усҟантәи ахҭысгьы даара акраҵанакуан. Адекларациа анҳадаҳкыла анаҩсгьы, хымԥада ари аҵакы аҭатәын, хәыҷ-хәыҷы амчра анапаҟны иаагатәын. Қарҭаа ақәшаҳаҭымкәа иаҳзыӡбаӡомызт. Хәыҷ-хәыҷы ҳусбарҭақәа рыдаҳго ҳалагеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ламинаӡе хәа дыҟан, убри дахагылан. Уи дамхны Алеқсандр Золотинск-иԥа даҳҭарц ҳҭаххеит, дара дәылымҵит, мчыла ар ганы, иажәҵаны, иара ддәылганы дҳартәеит. Абасала, Адекларациа аҵакы аҭо ҳаауан.

- Аҳәынҭқарратә символика ашьақәырӷәӷәара шԥашәылшәыршеи?

— Аҳәынҭқарратә символика: абираҟ, агерб, агимн абарҭ аус рыдулара ҳалагеит Владислав Арӡынба Иреиҳаӡоу Асовет данахагыла инаркны. Адекларациа аҟаҵареи, Владислав Арӡынба Иреиҳаӡоу Асовет еиҳабыс иҟалареи мызки бжаки роуп ирыбжьысыз, иара усҟан депутатс дыҟан. Гамгиа Валери иԥсаҭа бзиахааит, даара аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, егьырҭ аҷкәынцәагьы алархәны, аха еиҳарак иара, абираҟ аформа, ашәага-зага, аҟазшьа, аҵакы зеиԥшроу ҟазак иаҳасаб ала дазнеиуан, аха ҳара иааҳгар акәын анапы ҳәа ҳазҿу, уи Италиа архив аҿы иԥшааны, иара убас егьырҭ ахыҵхырҭақәа рҟынтәигьы еидаҳкылеит. Аԥсны асимвол зны ишамаз атәы анышьақәҳаргылалак, убри аелемент убрахь ҳхы иаҳархәарц ҳҭаххеит. Аха, уи ҟаҳҵаанӡа иара анапы, иҟаԥшьу аԥшшәтәаҿы иарбаны Адгылара бираҟс иҟаҳҵеит. Раԥхьа убас ауп ҳшалагаз абри аус.

- Анаҩс, Аԥсны абираҟ ҳәа анбазышәҳәеи?

— Аԥсны абираҟ хада анаҳҳәа, анапы аелемент убрахь иарбаны, егьирахь аԥштәқәа ыҟоуп, аиаҵәа, ашкәакәа, аԥсҭазаара, адинхаҵара уҳәа ганрацәала иаазырԥшуа, ҵакыла иазнеины, иазхәыцны иҟаҵан. Саргьы, Иреиҳаӡоу Асовет аҟны иаԥҵаз акомиссиа салахәын усҟан. Есымша Валери Гамгиеи ҳареи ҳаиқәшәон, аибашьра ианалага аорденқәагьы ҟаҵатәын, халацәажәон. Абарҭқәа зегьы ҳгәы-ҳаԥсы иалхны ҳнапы иҵыҵит ҳҳәар ҳалшоит. Ажәакала, Арӡынба иаҳәаны, ашьапы аҭаны, аҵыҵӷәы аҭаны, Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ишьақәырӷәӷәатәын. Убас, ԥхынгәымза 23, 1992 шықәса рзы ашьақәырӷәӷәара ҳалҳаршеит.

- Уи амш ныҳәа шԥарыдыркылеи, ишԥазгәарҭеи усҟан ҳауаажәлар?

Амилаҭтә маҭәа зшәу амодельцәа. - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ ҷыдарақәа змоу "амода"

— Убри амш инамаданы, Аидгылареи, Иреиҳаӡоу Асовети аимадара ӷәӷәа ҳабжьан, иҟаҳҵоз еицыҟаҳҵон. Акы аҳәынҭқарра ахьӡала, егьи ажәлар рыхьӡала. Убри аҽны, Нхыҵ-Аахыҵ инхо ҳажәлар рхаҭарнакцәа алархәны, Аҟәа астадион аҿы аныҳәа ду азгәаҳҭеит. Уи иазкуп ҳәа ҳамҳәаӡеит, имаӡан, избанзар ақырҭқәеи ҳареи ҳаилан макьана… Астадион аҿы шәаҳәаран, кәашаран, апрограмма инарҭбааны имҩаԥысит. Аҷкәынцәа абираҟ рыманы инеит маӡала. Иара ахаҭа аныҟарҵоз акәзар, Бату Арӡынба, Сергеи Шамба уҳәа акыр ҳалацәажәахьеит уи аҭоурых, даара имаӡан, ҩыџьа, хҩык рыда аӡәгьы издыруамызт, ажәжәаҳәа аҟаҵара иаҿын. Аҽы шкәакәа ауаҩы дақәыртәаны, абираҟ иркны, ажәлар ирбо-ираҳауа астадион дакәшеит. Уи хашҭра зқәым, угәы зырԥшаауа ҳтысуп. Ажәлар гыланы рнапы еинырҟьон. Абас ауп абри амш шымҩаԥысыз иааркьаҿны иуҳәозар. Иахьа даара ныҳәамш дууп, аҿар ирдырроуп абираҟ ҳҳәынҭқарра ишасимвол хадоу. Аибашьраан ҳаҷкәынцәа ҳбираҟ иаҵагыланы еибашьуан, ирылшоз зегь ҟарҵон. Абираҟ амчра даара идууп, ажәлар ргәы шьҭнахуеит, ажәлар ԥхьаҟа иагоит.

- Иахьатәи амш инадҳәаланы, нырцәи-аарцәи инхо ҳауаажәлар ҳаԥсуа бираҟ амҵан реидкыларазы шәгәаанагара?

— Иҭабуп азҵааразы. Ииашаҵәҟьаны, абри аҽны Аԥсныи, амшын-нырцәи, Нхыҵи-Аахыҵи абираҟ иаҵагыланы аҿар ргәыблышьа, рхымҩаԥгара, даара агәыӷра ду унаҭоит, ҳажәлар аԥеиԥш бзиа шрымоу агәра унаргоит, еиҳа-еиҳа ахаҵгылара амоуп, хымԥада абри амш иаҳәо даара акрыҟоуп. Згәы блыҵәҟьоу ауаҩы игәы арԥшаартә иҟоуп абри ахҭыс. Даара гәышьҭыхгоуп, даара имҩақәҵагоуп, аринахысгьы иҵегьы аҽарҭбаап ҳәа сгәы иаанагоит абираҟ амчи алшареи, иара амаҵуреи!

Ажәабжьқәа зегьы
0