Кәакәасқьыр: ашкол инаркны ахәыҷқәа анаркотик мап шацәктәу рылааӡалатәуп

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпециалист лаборатории по исследованию наркотических средств, архивное фото
Специалист лаборатории по исследованию наркотических средств, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизараҿы актәи аԥхьарала адгылара зырҭаз азакәан "анаркотикатә маҭәашьарақәа зҭиуа наунагӡа аҭакра иқәҵара" азҵаара иалацәажәан адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.

Жәлар реизараҿы актәи аԥхьарала адгылара зырҭаз азакәан "анаркотикатә маҭәашьарақәа зҭиуа наунагӡа аҭакра иқәҵара", мамзаргьы ашьра алагалархар арҭ ацәгьоурақәа маҷхома? Азакәан арџьбарара — апроблема аԥырҟәҟәаара иахаҿроума, абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Аԥсны адукатцәа рпалата ахада Иван Зарандиеи, Жәлар Реизара 5-тәи ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыри.

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Зарандиеи Кәакәаскьыри анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭиуа ирызкны

"Анаркотикатә маҭәашьарқәа раларҵәаразы иҳамоу азакәангьы цәгьаӡам, аха зегьы ирзеиԥшны аус аур ауп. Раԥхьаӡагьы иахьырхәтәу урҭ аазго, иалазырҵәо роуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳаҭыр зқәу ауаагьы. Ҩыџьа-хҩык ауаа ҭаҳкит ҳәа акахьы ҳазкылсӡом, избанзар аӡәы заҵәык анаркоман быжьҩык иҟьашьуеит. Сара Ауаажәларратә палата салан, уаҟа ҳара изныкымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рызҵаара шьҭаҳххьан. Аха урҭ зегьы лҵшәадоуп амилициа ишахәҭоу еиԥш аус амур, ииашаны ҳхәыҷқәа ҳмааӡар. Китаи, Виетнам, Таиланд уҳәа адунеи аҟны ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа анаркотик алазырҵәо ауаа ашьра ахьрықәырҵо. Ари аганахьала арҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы азакәан ӷәӷәоуп, аха еилазго макьанагьы иҟоуп. Адепутатцәа акы рыӡбеит, аха урҭ рыӡбамҭа алҵшәа ацзар ахәҭоуп. Ҳара ҳҿы акәзаргьы азакәан џьбароуп, аха уи аӡәгьы дыннакылаӡом", — иҳәеит Иван Зарандиа.

Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Апарламент анаркотикатә маҭәашьарқәа ҟаҵаны аԥсҟы зкуа ирылацәажәоит

Сара абри азҵаара ҩ-ганк рыла сахәаԥшуеит, иҳәеит Ахра Кәакәаскьыр.

"Актәи аган: азакәан апроект ацәыргара аидеиа ахаҭа. Ари апроблема цәырганы иахьалацәажәо, иахьырымӡо, аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахәҭаҷқәа ишыруаку ахьырҳәо бзиоуп, ииашоуп. Аҩбатәи аган: азакәан ахаҭа, афабула. Наунагӡатәи аҭакра, еиҳаракгьы ашьра ҳара ҳаилазаараҿы алыршара цәгьахоит, аха уи иахьалацәажәо иаанагоит ари апроблема аҵакы аилкаара ҳшазааиз. Анаркотикатә маҭәашьар — ари тауаруп. Атауар згәы ацԥыҳәо дыҟанаҵы ахархәара амазаауеит. Иаазго аӡәы дҭаҳкыргьы, ҩыџьа ҭаҳкыргьы, ахԥатәи дцәырҵуеит. Азакәан ҳадаҳкылар анаркотикатә маҭәашьарқәа Аԥсны иқәӡаауеит ҳәа аҳәара иашам, аха хымԥада иаршәогьы дҟалашт. Ари азҵаара комплексла иазнеитәуп. Аԥхьангьы салацәажәеит атауар азҵаара. Раԥхьаӡагьы атауар зҭаху рхыԥхьаӡара рмаҷтәуп, ашколқәа инадыркны. Абизнес аҿгьы ус ами ишыҟоу: атауар аазхәо анмаҷхалак иаргьы хәыҷы-хәыҷла иалԥсаауеит, ма даҽа тауаркахь ииасуеит. Азакәан арџьбарара атәы ҳҳәозар, хаҭала сара сақәшаҳаҭуп алҵшәа аманы аус ауазар, ажәақәа рҿы мацара инымхозар. Анаркотик аазго ауаҩы амилаҭ аҵшәаара хықәкыс имазар ашьра иқәҵатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аха иҟалалоит ауаҩы ихараӡамкәа, зынӡагьы изымдырӡакәа иџьыба акы анҭарҵо. Убри аҟнытә ирацәаны ауадаҩрақәа цәырҵуеит", — иҳәеит Ахра Кәакәасқьыр.

Аекспертцәа ирҳәеит, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәара ахылаԥшра азҭо аструктурақәа. Аха урҭ мацара рымч ақәхаӡом. Ашкол инаркны анаркотик мап ацәкра шаҭаху рылааӡалатәуп. Иҟоуп иҷыдоу амаҭәарқәа, ОБЖ иаҩызоу. Ахәыҷы иахәҭоу аҿырԥштәы ирбалазар, нас хәыҷ-хәыҷы иаргьы ишьҭикаауеит.

Алхас Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа анаркотик ицәырнаго ауадаҩра иазкны: ахәыҷқәа лабҿаба ирбоит

"Агхақәа ыҟам ҳазҳәом, аха Аԥсны аҵарааӡаратә система иҟанаҵогьы хымԥада имаҷӡам. Еиҳагьы еиӷьхон хыхь зыӡбахә сымаз иҷыдоу амаҭәар аҵаратә процесс иалагалазҭгьы. Уи азы аҳәынҭқарра аҟнытә ацхыраара аҭаххоит. Иахьа иҳамоу азнеишьагьы маҷк ииашаӡам. Аҳәаақәа рыхьчаразы иҭахо ауааи анаркотик иашьуа ауааи еиԥшаҳтәуашәа сгәы иабоит. Анаркотик ҟазҵо ауаҩы лахь ирҭо, ажәлар дрыладмыргыло иалагар, убысҟан ауп уи иҭагылазаашьа зеиԥшроу анидыруа. Ашкол адиректор иаҳасаб ала сара исҳәар сылшоит ахәыҷқәа ахымҩаԥгашьа иаша рылааӡаразы аусмҩаԥгатәқәа есышықәса ҳаплан ишаҳарбо. Шамахамзар, шықәсыкахь 18 сааҭ инеиҵмкәа акласстә сааҭқәа ахәыҷқәа ирзымҩаԥаҳгоит. Аха арҭ асааҭқәа азмырхакәа ашколқәа зегьы рҿы ари азнеишьа системак аҳасаб ала аус аулароуп ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Азинхьчаратә система ари азакәан иаҿагылаӡом, ажәлар ирҭахымхар, иақәмыӡбалар, рышьҭахьҟа игыланы ирыгәҭамслар рҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асасцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0