Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкадуа: Авҭандил Гәарамиа изку ашәа ацәаҳәақәа мҩышьа рымамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАвтондил Чкадуа
Автондил Чкадуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дади ҳәа зарҳәоз Леон иорден занашьоу, иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩ Авҭандил Гәарамиа изку ашәа "Уцәашьы мыцәеит" аҭоурых арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи авторцәа иреиуоу иҩыза Авҭандил Ҷкадуа.

"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам аҭоурыхқәа": Ҷкадуа ашәа "Уцәашьы мыцәеит" аҭоурых атәы
Авҭандил Гәарамиа дҭахеит жьҭаара 25, 1992 шықәсазы Дед (Борис Ԥачлиа) игәыԥ даланы Очамчыра ажәылара мҩаԥганы шьҭахьҟа ианыхынҳәуаз.

Авҭандил Гәарамиа изку ашәа ацәаҳәақәа мҩышьа рымамызт, избанзар иҟоу аҭагылазаашьоуп иаарԥшу. Иара адгьыл данамаҳда, адырҩаҽны исыҩҩит ажәеинраала. Ажәақәа ухахьы имааир залшомызт, сгәы иҭаз, аԥсҭазаараҿы ҳаизыҟазаашьа, аибашьраҿы дзықәшәаз ауп иаҳәо ашәаҟны. Иҩызара атәы, идунеихәаԥшышьа, иеилкаара атәы узеиҭаҳәаӡом. Зегь раԥхьаӡа амашьына дҭыҵит сҩызцәа еиқәсырхап ҳәа. Ашәа ажәақәа рҿы иаҳәоит "еиқәурхаз уашьцәа, уҩызцәа умшра рзынхааит уара". Дыздыруаз ирдыруеит дхаҵан, дҩызан, диашьан, иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 54 шықәса", — иҳәеит Ҷкадуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0