ФИФА аверсиала иреиӷьу ашьапылампыласыҩ ихьӡ ҳәоуп

© AFP 2023 / BEN STANSALLЛука Модрич
Лука Модрич - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа ҳәа зыӡбахә рҳәоз рахь иаҵанакуеит "Реал" ахьчаҩбжа Лука Модрич, англиатәи "Ливерпуль" ажәылаҩ, аегиптиан Мохамед Салах, туринтәи "Ювентус" афорвард, апортугал Криштиану Роналду.

АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Мадридтәи "Реал" ахьчаҩбжа Лука Модрич ФИФА аверсиала иреиӷьу ашьапылампыласыҩ ҳәа далкаауп. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Модрич 2018 шықәса рзы Хорватиатәи акоманда даланы аразны медал иоуит Урыстәыла имҩаԥысуаз ачемпионат аан, атурнир иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәагьы дыршьеит. Ииасыз ашықәс азы иара "Реал" иалахәра иалнаршеит ачемпионцәа Рлигаҿ хынтәны аиааира.

2012 шықәса раахыс Испаниа дачемпионхеит, Испаниа Ахраҿа ианаршьахьеит, ачемпионцәа Рлигаҿ хынтә аиааира игахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0